Атехника аусбарҭа ҳамҭас иарҭеит зыхьӡ цәыррымго аиҿкаарақәа ҩба. Агәабзиарахьчара аминистр Асҭамыр Гәниа иӡбарала амыруга ҿыцқәа Ареспубликатә хәышәтәырҭахь инарышьҭит апрофильтә маҵзурақәа русура арӷәӷәаразы.
Аппаратура амедусҳәарҭахь инаганы аҟәшақәа рахь еихыршахьеит.
Ареспубликатә хәышәтәырҭаҿы иазгәарҭеит ҳаамҭазтәи атехника ишалнаршо ачымазцәа рыхәышәтәра ахаҭабзиара аизырҳара. Аҟәшақәа рнапхгареи рколлективи агәабзиарахьчара аминистр иҭабуп ҳәа иарҳәеит иҟаиҵаз ацхырааразы.

