АХҬЫСҚӘА

Аԥсны Арбџьармчқәа ркомандаҟаҵаҩ хада Бадра Гәынба жьҭаарамза 12-16 рзы имҩаԥыргараны иҟоу зымҽхак ҭбаау аоператив-тактикатә ҽазыҟаҵарақәа шьақәирӷәӷәеит

Аҽазыҟаҵарақәа ирылахәхоит иааиԥмырҟьаӡакәа иазыхиазар зыхәҭо аҟәшақәа, Аԥсны арбџьармчқәа рҿы арезервистцәа, иара убас Урыстәыла Арбџьармчқәа рыруаа.
Аҽазыҟаҵарақәа аԥхынтәи аҵара аамҭа хдыркәшоит. Урҭ раан иазԥхьагәаҭоуп ҳаамҭазтәи аформақәеи азнеишьақәеи.
Аибашьратә ҵара мҩаԥгахоит артиллериеи, акәылӡтәы техникеи, авиациеи адыԥхьаланы.
 
Аҽазыҟаҵара шымҩаԥысуа ар рхада изеиҭарҳәеит атәылахьчара аминистр Беслан Ҵәыџьбеи арабџьарқәа рыштаб хада аиҳабы Владимир Савченкои.

Иадҳәалоу астатиақәа

Аредактор хада: Ахра Анқәаб

Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75

Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru

Агазеҭ шьаҭаркуп 1919 ш. февраль 27 азы.
Image

«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.

Аҭел: +7 (840) 226-89-89

Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com

Image