АХҬЫСҚӘА

Идырны аԥсра иаԥылаз

Зықәрахь инеихьаз ахаҵа еилаҳәара хәыҷык кны амузеи аԥхьа даасԥылеит. Ииҳәарц ииҭахыз, игәы инамырҳәо иикыз аилаҳәара хәыҷы аартуа, иажәа абас дналагеит:

– Изышәҭаху шәиазҵаа, дзыцеибашьуаз шәрыҿцәажәа, зҟәышреи зыгәаӷьреи рыла
зықәра иааҭәоумшьартә зхы мҩаԥызгоз ҵеин… Шәааидҵаал! – иҳәан иеилаҳәара аасиркит. Аилаҳәара апатреҭқәа ҭан. Дҵеи лашан… Аиба Жора ицамҭаз: – Сара иирагьы, изҳашьагьы, иуаҩрагьы, иламысгьы здыруан. Уи уадаҩрак аҟны иаанымгылоз арԥысын…– иҳәеит.

Џьарсалиа Гәрам Виктор-иԥа 11.05.1973 ш. диит Лыхны ақыҭан, Гәдоуҭа араион. Д.
Кобахиа ихьӡ зху Гәдоуҭатәи абжьаратә школ №5 далгеит. Ашкол аҟны иҵареи
ихымҩаԥгашьеи рыла иреиӷьӡаз аҵаҩцәа рхыԥхьаӡараҿы дыҟан. Арратә уалԥшьа ақалақь Раменск дахысуан. Уи ашьҭахь Белградтәи аполитехникатә институт дҭалоит,
аамҭа анимаз машьынаныҟәцаҩыс аус иуан.

Џьарсалиа Виктор иԥшәмеи иареи анхара дуӡӡа ҟарҵеит. Виктор инасыԥхаз
иԥшәма Ҳалбад-Џьарсалиа Нанули Аилымиԥҳаи иареи ирхылҵит хҩык аԥацәа: Гәрам, Заур, Беслан. Гәрам ихәыҷра зегьы ҿырԥшыган. Еснагь акы даҿын. Ашәҟәаԥхьара бзиа ибон, аҩны иҭаацәа дрыцхраауан.

–Гәрам, – лҳәеит иан Нанули, – зегьы гәазҭоз, еилызкаауаз, аиаша иашьҭаз, абзиа ҟалар зҭахыз, амҩа ҭбаа алхра иашьҭаз иакәын. Унҭыҵыр уааиаанӡа аҩны аҩымсаг
ктәызар икуан, аӡы аагатәызар иааигон… даара сиқәгәыӷуан…

Џьарсалиа Гәрам иашьеиҵбы Заур, – лҳәеит иан Нанули – Москва асоциалтә институт (абламбаратә ҟәша) дҭалоит. Сара сицын, уаҟа мызкы аҟара саанхеит. Аҩныҟа саныхынҳәуаз Гәрам ила снеины мчыбжьык ҳәа дрымхны Аԥсныҟа ҳаицааит. Аԥсны дахьынӡаҟаз иҟаз аполитикатә еибарххарақәа баны, дрылаԥшны иангәеиҭа, ус иҳәеит: – Сан, Аԥсны еиҿагыларак ҟалар, ҽнакгьы уа саангылом, уи зегьы ижәдыруазар ауп.

Аԥсны аибашьра ианалага Гәрам иуалԥшьа ахьихигоз аҟынтә иҽӡаны ддәықәлеит. Дҭаркуеит. Командирс имаз ҭелла иан длацәажәеит. – Уи ибжьы – лҳәеит иан Нанули, – иахьагьы слымҳа иҭыҩуеит: Даара иҷыгәу солдаҭуп, аха аибашьра иҟалаз ишьара дықәнарҟьеит, уахь днеир иҭаххеит, маҷк даангыларазы араҟа ҳхылаԥшрала дҭаҳкит, уи ажәа шәацәымшәан… Гәрам, еиҭасҳәахуеит иреиӷьу солдаҭуп…

Ашьҭахь Гәрам архәҭахь даныхынҳәы иааигәаз колнхарак ахь дрышьҭит. Уа ҩымшҟа аус аниуы авокзал ахь иҽӡаны дцеит. Арра маҭәа зышәҵаны ирбаз аҷкәын қәыԥш Гәрам амилициа дааныркылеит. Аррантә дызлаушьҭу ашәҟәы дирбарц иарҳәеит. Гәрам дахьцо деиҵамхакәан иреиҳәеит: «Сыԥсадгьыл аҟны аибашьра цоит, уахь
сцарц сыҽӡаны сааит, – ҳәа. Зхы-зҿы аиаша анубаалоз, игәра ргеит, доурышьҭит амилициа аусзуҩцәа Џьарсалиа Гәрам Москва инхоз, ибзианы ирдыруаз ҭаац́әарак ахь дымҩахыҵит.

Иҽеидикылеит, нас Аԥсныҟа амҩа дықәлеит. Уаантә данаауаз Аԥсны инхоз диқәшәеит. Уи иан Аҟәа далаханы дыҟан. Гәрами Сергеи Никитини Гагра анҭадырцәы, мчыбжьык ашьҭахь иаауеит Аԥсныҟа. Гәрам дшааиз еиԥш Гәдоуҭатәи арратә комиссариат еиҳабыс иҟаз Ҷедиа дидикылеит. Аибашьрахь ацаразы хатәгәаԥхарала зҽанызҵаз рсиа иҽаниҵеит.

– Аҩны данааи игәалаҟазаара даара ибзиан, – лҳәеит иан Нанули. Џьарсалиа Гәрам Виктор-иԥа деибашьуан, аҩбатәи арота ахԥатәи абаталион аҟны, уи командаҟаҵаҩыс Лазба Алик Григори-иԥа даман. 

Гәрам 1993 ш. ианвартәи ажәылара аан дызлаз агәыԥ Гәымсҭа аӡиас ирит, усҟан иара Гәрам даара дрыҳәеит дыргаразы, аха абџьар ахьимамыз азы дрымгеит. Ииулак, иҟаиҵалак абџьар иԥшааит. Уи аамҭазы абаталионқәа реиҿкаара иалагеит. Гәрам дызлаз акоманда Пицунда итәан, ажәыларақәа рҽазыҟарҵон.

Гәрам аԥжәара аныҟалоз актәи аихагылаҿы ателевизор дахәаԥшуан. Аԥжәара
аныҟала ахыб аҟынтәи қьырсҭак шлеиуаз ихы иақәҳаит. Ихдырра ицәыӡит. Убри иахҟьаны агоспиталь дҭашәеит. Дҵысыр, дныҟәар ҟамло дышьҭарҵеит. Гәрам иага ҟаиҵазаргьы агоспиталь аҟынтәи доурмышьҭит: – Аибашьра уахьӡоит, иуаахаз
ааха ӷәӷәоуп. Уи хәшәыс иамоу ашьҭалара ауп, – ҳәа наҳәаны дааныркылеит. Акыр
дгәаҟзаргьы, даӷьызаргьы, уи ирҳәаз наигӡеит. Агоспиталь аҟны дахьышьҭаз иахҟьаны март 15-16-тәи ажәылара дзалахәымхеит.

Аибашьра ацара иаҿын. Аха ажәлар афронт иахәозар ҳәа махәҿала аус зуаз
рацәаҩын. Убас ааԥсара рзымдырӡо Гәрам иҭаацәагьы Аԥсны иацхраауан. Уи аҽны
Гәрам иан лхала ачаи ахыхра дцеит, иаб аҩны дааныжьны. Иццакы-ццакуа ашҭа иааҭалаз Гәрам, иаби иареи еицәажәеит, иашьцәа ибеит. Амҩа ақәлара зҽазызкыз Гәрам, иаб ус иеиҳәеит: – Сан даашәымган, уажәы сылбар лгәы ԥшаауа далагоит, дрыцҳауп… Нас, саахуеит, усҟан ҳаибабап, - иҳәан иҿынеихеит. Гәрам иаб Виктор иԥа днаскьаго, дилабжьеит, ихы дахылаԥшырц, иара аҭаацәара дышреиҳабу, иашьцәа иара ишихьыԥшу, иан дышрыцҳау. Нанули лԥа дындәылҵхьан еиԥш, дааԥсаха аҩны дааит. – Гәрам, абыржәы дындәылҵит, – иҳәеит зыблақәа бааӡаӡа иҟаз иаб. Иан ашырҳәа ашҭа дынҭҟьеит. Уажәы уашьҭан сихьӡап шылҳ́әоз акыр дласкьеит, аха ихабар ыҟамызт . Гәрам дааны данца аухаҵәҟьа ажәылара иалагеит ҳаруаа.

Зԥа ила ахыԥшылара змауз иан Нанули даара лгәы лыхьит… Лара лзы аҩны зегьы
лашьцоушәа иҟан, лхы нықәылҵеит, аха ажәҩан ахьтә акы лықәыӷәӷәошәа лгәы иабон. Ус лылацәа нҭааит. – Асааҭ хԥа рзы сыцәаӡамызшәа сиарҭа саалатәеит. Ҳадгьыл хыџхыџуан, аҩны иҟаз зегьы сыргылеит, – лҳәеит Нанули.

– Сара схы шхаз сгәы сышҭасуаз сыбжьы сымҵны сышҵәуоз ахәышәтәырҭаҿы
снеит. Уаҟа ажәлар рацә́ан… Зегьы асиақәа иахьрыхәаԥшуаз сеихон, аха сыблақәа акгьы рбаӡомызт.. Ԥшьаала аӡәы сыжәҩа кны даасыхеит, сгәы зегьы санаҳәон, ажәакгьы мҳәаӡакәан, сишьҭалан снеиуан, амашьына сынҭатәеит… Сыҷкәын исакаса иаҵагыланы инеиуан… сдысны ажәак сзымҳәаӡо стәан…

Џьарсалиа Гәрам 03.07.1993 ш. дҭахеит. Уи аибашь́раҿы иааирԥшыз агәымшәара,
иԥсы зыхҭниҵаз иԥсадгьыл Аԥсны наӡаӡа дахаҿызаауеит. Аибашьра анеилга Гәрам командирс имаз Лазба Алик ус иҳәеит: – Гәрам дфырхаҵаҵәҟьан. Қәрала дқәыԥшын, аха иҵауланы дхәыцуан. Еснагь ԥхьаҟа деихон. Ииультәи ажәылара аҽалархәра акәым, агәаларшәара уцәа уҭанарӡыӡаауеит. Уи ажәылара иалахәыз зегьы аӡәаӡәала рсиа аҭоурых иагәыцәны иаанхоит. Гәрам иԥсадгьыл аиқәырхаразы иԥсҭазаара дазымхәыцӡеит… Иаргьы иалахәыз иҩызцәагьы сыԥсаанӡа сыла ихгылазаауеит… Хашҭра рықәымзааит…

Гәрам данҭаха ашьҭахь иаб агәыхь изцәырҵит. Уаҳагьы ихы дзамыхәаӡакәан уи
иԥсҭазаара далҵит. «Аԥсны Афырхаҵа» Џьарсалиа Гәрам дызҭыҵыз ашҭаҿы ирызҳауеит иашьцәа рыхшара.

Иҭахаз аӡәаӡәала рыхьӡқәа ҳҳәонаҵы, иаҳгәалашәонаҵы ҳажәлар ыҟазаауеит.
Ҳаԥсадгьыл аԥеиԥш ду ацзаауеит. «Идырны аԥсра иаԥылаз» ҳәа изышьҭаз ажәылараан иҭахаз рсиа уанаԥхьо уцәа уҭӡыӡаауеит, уархәыцуеит, уарыхьҭшьуеит… Урҭ зегьы ԥсаҭатәыс рыԥсқәа ҳаԥсадгьыл иаларҵеит.
Адгьыл иацу аҳақ ҳазхәыцлароуп…

 

Гугуца Џьыкырба

Иадҳәалоу астатиақәа

Аредактор хада: Ахра Анқәаб

Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75

Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru

Агазеҭ шьаҭаркуп 1919 ш. февраль 27 азы.
Image

«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.

Аҭел: +7 (840) 226-89-89

Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com

Image