Ауаатәҩса ҟазшьала еиуеиԥшым. Иҟоуп зхатәы хшара рааӡара еиҳа зхатә ԥсҭазаара ашьақәыргылара ахәҭаны изыԥхьаӡо. Аха иуԥылоит згәы ҭбаау, иаарту, иразу. Арыцҳашьареи агәыбылреи злоу, рхатәы хшара ракәым, атәым хәыҷы зхы-зыԥсы ихҭынҵаны иааӡара зылшогьы.
Убас еиԥш, даара агәаӷьра злоу, еиҿамсу, аҭакԥхықәрагьы иаҵамхо аӡә лоуп ҳара ҳаззааҭгыларц иаҳҭаху афырԥҳәыс Арлетта Аиба.
Уи 26 шықәса ракәын илхыҵуаз, дқәыԥшын лаб иашьа Нодар (Тат) Аиба еициз ихшара Никитеи Ланеи ишысабицәаз ааӡара ианылгоз.
21 шықәса раԥхьа Аираа рҭаацәараҿы иҟалеит атрагедиа. Нодар Аиба ихатә ҩыза Хьыбла Габечиа ҩыџьа ахшара аԥсҭазаара рылҭеит, аԥеи аԥҳаи лыхшеит, аха «Аԥсреи абзареи рышьхәа еивҵоуп», ҳәа шырҳәо еиԥш, лара дырхыԥсааит. Уи арыцҳара, агәырҩа рхы амырхаанӡа, иаалырҟьаны, дзықәшәаз изхымгакәан иԥсҭазаара далҵит ахәыҷқәа раб Нодаргьы.
Аныда-абыда иеҭымха иқәхеит хымз зхыҵуаз аӡҟцәа. Аԥсҭазаара гәымбылџьбарахеит ҿыц адунеи иқәлаз асабицәа рзы. Уижьҭеи аамҭа акыр шцахьоугьы, ари ахҭыс уаҩы игәаҵанӡа имнеирц, угәы амырԥшаарц залшом.
«Ианыдахаз-иабыдахаз, ҩыџьа асабицәа еҭымцәа рааӡара аҭакԥхықәра ду шацыз, ишымариамыз еилыскаауан, ҳәарада. Аиашазы, игәаӷьыуацәан ас еиԥш ашьаҿа аҟаҵара, аха лак-ҩакрада сгәы ишсыҵанаҳәоз сныҟәеит, ахәдықәҵара схахьы изгеит, аҭакԥхықәра сацәымшәакәан схы иадысҵеит. Саб иашьа ихәыҷқәа рлахьынҵа са сзы ихадаран, урҭ атәым инапаҿы рызҳара сҭахымхеит. Ҳаҩнаҭа ду, аиашьцәа ахьеиҿыҵыз, раб иҩны, ирызгәакьоу аҩнаҭаҿы, ашҭаҿы рааӡара сыԥсҭазаара зегь азыскит», – дҳцәажәон Арлетта.
Уи лажәақәа рыла, Никитеи Ланеи рааӡараҿы илывагылан Арлетта лҭаацәа, еиҳарак, лаҳәшьцәа 6-ҩык даара лгәы дырӷәӷәон, илывагылан, ацхыраара лырҭон. Уи излаҳалҳәаз ала, ранду Ҷичка Гезардаа лмаҭацәа рааӡараҿы Арлетта длыцхраауан, аха ахәыҷқәа 3-шықәса рхыҵуан лыԥсҭазаара даналҵуаз, иҵегь урҭ шызҳауаз абара, рааӡара лмаӡеит.
«Хьыбла ахшараиурҭа ҩны аҟны данышьҭаз лцәа иалашәахьан ҽеи шылԥеиԥшымыз. «Ҽнак зны сналыԥхьан, «аԥхыӡ бааԥс збеит, саб сиеиԥхыӡуан. Уи схәыҷқәа ныжьны, сара снапы кны сигеит. Сбыҳәоит, сара ак сыхьыр, схәыҷқәа ныбмыжьын, бара бхатәы хшара бымаӡам, бхатәқәа реиԥш ишыбааӡо агәра згоит, сыԥсы ҭынчзаауеит, аҷкәын Никита ихьӡтәы, аӡӷаб бара ибгәаԥхо ахьӡ лыҭа», – ҳәа ауасиаҭ сзынлыжьит», – лҳәеит Арлетта лылахь акыр еиқәҵаны, луанытәгьы даақәыԥсычҳаит. Лхы-лҿы ианубаалон ахҭысқәа ргәалашәара, реиҭаҳәара акыр зхыҵуа агәырҩа, ахьаа дырҩегь ишарҿыцуаз.
Ҳәарада, Арлетта иналыгӡеит Хьыбла лҳәахьа. Уи аамҭазы, Арлетта аҭаацәара дахьалаз аҩнаҭа ддәылҵны лаб иҩнахьы дхынҳәны дыҟан. Уаҳагьы даҽа ҭаацәарак аԥҵара лхахьгьы иаалымгеит, лашьеи лаҳәшьеи рааӡара лыԥсҭазаара азылкит.
«Сара сҭаацәа Никитеи Ланеи роуп, урҭ шьҭа ирызҳаит, 21-шықәса ирҭагылоуп. Никита дҭаацәароуп, 4-мзы зхыҵуа амаҭа дсымоуп. Никита иҵара хиркәшаанӡа аҭаацәара далалеит аҟнытә, аамҭала иҵара нижьырц иӡбеит, иҭаацәара рныҟәгаразы аусура далагеит. Лана амедиаҳәшьа лзанааҭ ала аҵараиурҭа аҭалара лгәы иҭоуп иааиуа ашықәс азы, аҽазыҟаҵара даҿуп», – ҳәа лааӡамҭацәа дрызгәдуны дҳацәажәон Арлетта, лҭаацәа шьҭа ишрызҳазгьы, уахык дырԥырҵны џьара дшаанымҿасыц, хымз анырхыҵуаз аахыс дареи лареи шеицу азгәаҭо.
Никитеи Ланеи аныхәыҷқәаз Арлетта лан «Мама», – ҳәа ларҳәон.
Арлетта ҳаиҿцәажәараан иазгәалҭеит ахәыҷқәа аныхбыџха, ироуҳәо еилыркаауа ианыҟала, инартәаны ишырзеиҭалҳәаз, изхылҵыз рани раби рҭоурых, рлахьынҵа.
«Сара раҳәшьа еиҳабы, раб иашьа иԥҳа шсакәу расҳәеит, ишысааӡаз. Рани раби рымширақәа раан, мшаԥы, аҭаацәа рымш уҳәа аныҳәақәа раан ианыхәҷыз инаркны рани раби рҳаҭгәынқәа рахь изгон, ус ауп иахьагьы», – лҳәеит, лара.
Аиашазы, ани аби рҭыԥ аӡәгьы изыԥсахуам, аха Арлетта аеҭымра рынмырԥшӡакәан, анреи абреи рызуа, дрыхӡыӡаауа «лхаԥыц иҵакны» илааӡеит Никитеи Ланеи.
«Рҩызцәа иреицәамхандаз ҳәа, схы иагырханы дара срышьҭан. Аҵаразы еиҳа аҭагылазаашьа еиӷьуп ҳәа Бзыԥҭатәи ашкол иҭасҵеит, ес-ҽны иганы иаазгон. Ианыхәыҷқәаз, аҩны аҵеџь ҳамаӡамызт, рымаҭәақәа «Ӡарӷьаԥшь» аӡиас аҟны иганы исыӡәӡәон. Еснагь ицқьаӡа, ибыбышӡа ашкол ахь исышьҭуан. Актәи акласс ахь ианцоз амш анысгәалашәо иахьагьы сгәы сыхьуеит. Ахәыҷқәа зегь ранацәеи рабацәеи рнапқәа кны ашҭа ианҭаргалоз, Никитеи Ланеи рааигәа рани раби ахьыҟамыз, уи аразҟы иахьалхәдахаз гәнызгон даара. Иахьынӡахәыҷқәаз аҵарашықәс алагамҭа сентиабр мза зегьы сшьара сзықәломызт», – дҳацәажәон лгәалашәарақәа ҳацеиҩшо.
«Никита ҟазшьала дҭынчуп, Лана еиҳа деилҟьа-еидӷәыцә дыҟоуп, деиҿамсуп. Ианыхәыҷқәаз, арҵаҩцәа лассы-лассы исарҳәон «Никита илахь еиқәуп», – ҳәа. Иҟалап иани иаби рыҟамзаара иныруазаргьы, дшыхәыҷызгьы игәнигозҭгьы, ма ус ҟазшьала дахьҭынчыз иаҳнарбозҭгьы. Аха саргьы уи илахь аиқәра сарҭынчуамызт, игәнызгон, даара сгәы снархьуан» – лҳәеит уи даҽа хҭыскгьы лгәалашәо.
Арлетта цхыраарак лҭахызаргьы, уи лҭагылазаашьа здыруа аӡәы деиҭеимҳәозар, зхала зхы зырзо, иӡырызго дреиуам.
Ҳаиҿцәажәараан еилаҳкааит, Арлетта лҭаацәеи лареи ахьынхо аҩны ахыб ақәа шкылсуа. Ақыҭа Ахадара иҟарҵаз ацхыраарала, ахыбга хәыда-ԥсада ирырҭеит. Аха, уи лажәақәа рыла, аҩны зегьы ахыбра иазхом. Хазы ауасҭацәа ирыҭатәу аҟәрышь аганахьалагьы деиҵахоит, деизибархом. Аха Аҳәынҭқаррахь аҳәара шылцәаҩам азгәаҭо, лгәы камыжькәан дҳацәажәон.
Ҳаиҿцәажәараан инаҵшьны иазгәалҭеит, ахәыҷқәа рани раби ахьырхагылам азы ирзыԥҵәоу Урыстәылатәи атәанчахәы роуртә аҟаҵаразы Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахадара ишацхрааз, аамҭа рацәа лцәақәмырӡкәан, ирласны илоуртә еиԥш дшымҩақәырҵаз.
Имҳәакәан высшьа амам, Арлетта лхаҭа ауаа рзы даара дхәарҭаны дшыҟоу, уи аҭәҳәа шылдыруа, уи алагьы лыцхыраара иаҳәо ауаа шылхәышәтәуа.
Уи лажәақәа рыла, лыжәлантә иреиуаз лыԥсымҭаз иллырҵеит.
«Х-ҩык иреиҳаны ари аҭәҳәа рымаудар ҟалаӡом, иӷәӷәоу ҭәҳәоуп. Ахԥатәи изырҭаз сара соуп. Сара азин сымаӡам аӡәы ирҵара, усҟан уи амч аиуӡам. Иҟасҵо аҭәҳәа иаҵанакуеит аԥсы лаԥш, абза лаԥш, арахә рыхәшәтәра уҳәа. Мҽышала, даара ԥсыхәа змам ҭагылазаашьак санымиозар, аҭәҳәа ҟасҵаӡом, исымшшьароуп азы. Иара аҭәҳәа ззыҟасҵо ауаҩгьы имшшьара амш аҽны уиҭәҳәаргьы амч аиуӡом, ихәаӡом.
9-нтә исҳәоит аҭәҳәа, уи инаҷыданы алаԥш шәҟәгьы ҟасҵоит. Уи азы иаҭахуп: амшә ахаԥыц, асахҭан, агәыр ҿыц, арахәыц ҿыц (иӷәӷәоу, аӡы иӡааху)», – лҳәеит Арлетта, 20 шықәса инарзынаԥшуа аҭәҳәа шыҟалҵо, илыдҵаалоз дзыхәахьоу шмаҷҩым азгәаҭо.
Ухы инаҷыданы, бзиа иубо, уԥсы зызҭоу, уззыхандеиуа ауаҩы даныҟоу – аԥсҭазаара аҵак амоуп.
Ҳфырԥҳәыс Арлетта лакәзар, лыԥсҭазаара хадырҭәаауеит, еинҭәыланы, ибеианы иҟарҵоит уи ҵакыс иамоу лааӡамҭацәа Никиеи Ланеи. Иахьа иҵегь амаҭа ила еиҵыҵыз, еизҳаз Арлетта лыԥсҭазаара зырлашо, ҵакыс иамоуи лареи иахьа уажәраанӡа еицрымшәо ишеицу еиԥш, 100-шықәсала аицыҟазаара Анцәа Ду ираҭәеишьааит.
Алиса Гәажәԥҳа

