АХҬЫСҚӘА

Аҟәа ақалақь аҿы икоммерциатәым аиҿкаарақәа рахь аагарҭақәа рхыԥхьаӡара аррацәаразы асеминар мҩаԥысит

Урыстәылатәи ауаажәларратә центр «Ҳара ҳаидгылоуп» аҿы афонд «Иԥшьоу Белогорие ахәыҷтәы кьыбачымазара иаҿагылоуп» анапхгаҩы Евгени Кондратиук зхадараҿы дыҟоу Белгородтәи аекспертцәа Аԥсны икоммерциатәым аиҿкаарақәа рзы апрактикатә семинар мҩаԥыргеит.

Аиԥылараҿы алахәылацәа алацәажәеит аагарҭақәа, апартниорцәа аус рыдулара ашьақәыргылара, ииашаны аҳасабырба амҩаԥгара.

Аекспертцәа раара иара убасгьы Очамчыреи Гали рраионқәеи рҟны апаллиативтә цхырааразы аҩны агәаҭаратә проект аусура аларгара иадҳәалоуп, уи азы аиқәшаҳаҭрақәа рыбжьарҵеит Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәаҩ иԥылараан.

Асеминар аиҿкаареи Белгородтәи рколлегацәеи дареи рԥышәа аимдареи адгылара арҭеит Аԥсны ауаҩы изинқәа рыхьчаразы азинмчы змоу аппарат.

Иадҳәалоу астатиақәа

Аредактор хада: Ахра Анқәаб

Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75

Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru

Агазеҭ шьаҭаркуп 1919 ш. февраль 27 азы.
Image

«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.

Аҭел: +7 (840) 226-89-89

Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com

Image