Ақыҭа нхамҩа аҧеиҧш

05 Хәажәкыр 2024 14:10
Аҧсны аекономика шьаҭас иамоу ахырхарҭақәа рыбжьара ихадараоу ҳәа иалкаақәоу иреиуоп ҩба – ақыҭа нхамҩеи акурорти. 2024 шықәса рзы ақыҭа нхамҩа арҿиара иазоужьуп 150 миллион мааҭ. Арҭ аҧарақәа азкуп «Ақыҭа нхамҩа аҿиара -2024» захьӡу хықәкылатәи апрограмма.«Иҳәатәуп, аиҧш-зеиҧшыз ҵыҧхтәи апрограмма иазоужьыз ҩынҩажәи жәаба миллион рыла ишеиҵаз. Анхацәа иаадырҧшыз агәацҧыҳәара анааба иазҧхьагәаҭаз ахарџьгьы еиҳаҳтәит. Ақыҭа нхамҩа азҵаарақәа ҳанрылацәажәо еилаҳкаауазар ахәҭоуп зыӡбахә ҳамоу аибашьра…

Ашәҭқәа шьҭарҵеит

05 Хәажәкыр 2024 08:56
Аԥсны аҩбатәи Ахада, Аԥсны Афырхаҵа, «Ахьӡ-Аԥша» аорден актәи аҩаӡара занашьоу Сергеи Уасил-иԥа Багаԥшь диижьҭеи 75 шықәса аҵра инамаданы, анышә дахьамадоу Џьгьарда ақыҭан иҳаҭгәын иаҭааит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа, уи ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, Аԥсны Жәлар Реизара Аиҳабы Лаша Ашәба, Аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб, ԥаса Аахыҵ-Уаԥстәыла хадас иамаз Едуард Какоиҭы, Урыстәылатәи аҳәынҭқарратә Дума адепутат Константин Затулин, Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, Жәлар…

Жәлар ргәаҵаҿы иаанхо

04 Хәажәкыр 2024 12:17
Март ԥшьба рзы Аԥсны аҩбатәи Ахада Сергеи Уасил-иԥа Багаԥшь имшироуп. Уи иԥсы ҭаны ижәлар дрылагылазҭгьы ихыҵуан 75 шықәса. Сергеи Уасил-иԥа Багаԥшь инахараны ихәыцуаз политикын, напхгаҩын, ижәлар дырҵеи иашан. Ихаҭара ашьақәгылара аамҭақәа раан ихы ааирԥшит уаажәларратәи ҳәынҭқарратәи усзуҩык иаҳасаб ала иҭышәынтәалахьаз иакәны. Аԥсны данапхгаҩны иҟазаара ақәшәеит иуадаҩыз аҭагылазаашьақәа раамҭа, аха убас шакәызгьы илшоз зегьы ҟаиҵеит ижәлар рыԥсҭазаара ҿыцмҩала аиҭарҿиаразы.

Есымша дҳацуп

04 Хәажәкыр 2024 12:16
Имариам Владислав Григори-иԥа изкны ажәа аҳәара. Март ԥшьба. Шәышықәса инарзынаԥшуа ныҳәаны аԥсуа жәлар иазгәаҳҭоз, иахьагьы ҳахдырраҿы иҟоу, анаҩсгьы наунагӡа иаҳхамышҭырц азы, Анцәа Владислав акала дшаны дшаҳзаашьҭыз еиԥш, инырцәымҩа ақәларагьы иамшны иаҳзыҟаиҵеит. Акгьы баша иҟалаӡом. Жәытә-натә аахыс аамҭа ишьақәнаргылон иара ахатәҿиарамҩа. Уи аҿиарамҩа иангылоу ажәларқәа, рабиԥаратә еимадаратә цҳақәа аамҭа иқәнамыӡәӡәаарц азы, иара ахала далнахуан, ҷыдала анапынҵа зауаз, аԥызареи ахақәҵареи злахьынҵахаз аҵеицәа.…
«Ашәа ԥсаатәуп, амҵәыжәҩақәа амоуп, иԥыруеит. Ҳбызшәеи ҳашәеи адунеи иахыҩуеит. Ашәа аԥсы ахазҵо, амҵәыжәҩақәа азҭо, изырԥыруа ашәаҳәаҩ бзиа иоуп. Аԥсуа цәа ахаҵаны, ԥсыуа бжьыла иназыгӡо…» –лҳәоит жәлар рвокалтә-инструменттә ансамбль «Риҵа» асахьаркыратә напхгаҩы Нора Чамагәуа.Аҟазара аҳаԥшьа ҵаулоуп, ҳәа аԥсуаа ражәаԥҟа иалан. Ауаҩы ицәа-ижьы аҟазара аламзар, мчыла иузилаҵом, дузадгалом. Аҟазара ԥсабарала иуциуа, уԥсы ахьынӡаҭоу уи ала уԥсыԥ лазга-ҩазго махәҭа дууп.Жәытәнатә аахижьҭеи ашәаҳәареи акәашареи…

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me