Ес-шықәса еиԥш иахьагьы, Аԥсны ақалақь Аҟәа ахақәиҭтәра амш аҽны, ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵарц, Аԥсадгьыл зхы ақәызҵаз ргәаладыршәарц «Ахьӡ-аԥша» апарк ахь имҩахыҵит: Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа, Жәлар Реизара Аиҳабы Лаша Ашәба, Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, ақалақь Аҟәа ахада Беслан Ешба, Аԥсны Аиҳабыра ахаҭарнакцәа, адепутатцәа, аветеранцәа, ашкол хәыҷқәа. Иара убас ари амш аҽны "Ахьӡ-аԥша" апарк аҟны иаартын Аԥсны Афырхаҵа,аинрал-леитенант Гиви Агрба…
Ианакәызаалакгьы ҳажәлар ирхашҭраны иҟам Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра (1992-1993 шш.). Ари аибашьра иаҳзаанагеит агәырҩа,алаҕырӡ, аҧсыҭбарақәа. Хыҧхьаӡара рацәала рыҧсадгьыл ахьчара рхы ақәырҵеит иреиҕьу ҳҵеицәа. Урҭ рыбзоурала иахьа Аҧсны Аиааира ес-шықәса иазгәаҳҭалартә еиҧш аҭагылазаашьа ҳамоуп.
Сентиабр 26 рзы Аԥсны Аминистрцәа Реилазаараҿы имҩаԥысит изаамҭанытәыз аилатәара. Амш хәаԥштә аҿы иқәгылан 12 зҵаареи, ацхыраагӡақәа ҩбеи.Иқәгылаз азҵаарақәа рахьтә, Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба дазааҭгылеит,аԥсихиатртә хәышәтәрҭаҿы аҽыхәышәтәра ишьҭоу рыдагьы, ҳтәылауаа аԥсихиатртә хәышәтәразы ацхыраара рыҭаразы ишазхиоу.

Аԥсадгьыл хьчатәын

26 Цәыббра 2024 09:42
Ҳаԥсадгьыл аӷа данақәла, уи аҟазаар­еи-аҟамзаареи ианрыбжьагыла, хәыҷгьы-дугьы неилымхрада ҳажәлар ақәылаҩ иҿагылеит.Аԥсны ахьчаҩцәа дыруаӡәкуп, аибашьра адәаҿы иааирԥшыз агәымшәареи агәаӷьреи рзы Леон иорден занашьоу аибашьра аветеран, 1974 шықәса раахыс Аԥснытәи аҳәынҭқарратә капелла аҟны ахкынагӡаҩыс иҟоу, атенор абжьы назыгӡо, инеиԥынкыланы 54 шықәса аҟазара иазааԥсахьоу, иахьагьы амаҵ азызуа Аԥсны жәлар рартист Руслан Габлиа.
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа азинхьчаратә усбарҭақәа Ркоординациатә хеилак аилатәара далахәын. Иара убас ахеилак аилатәараҿы иҟан Аҳәынҭқарра Ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, Аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб, Жәлар Реизара Аиҳабы Лаша Ашәба, Аиҳабыра иалоу, адепутатцәа. Аилацәажәара иалахәын азинхьчаратә усбарҭақәа, аӡбаратә еилазаара анапхгаҩцәа, азинхьчаратә усбарҭақәа русзуҩцәа.

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me