Аҭоурых ду зныҧшуа аҭыхымҭақәа

Иахьа ҳазлагәырҕьо, иҳамоу ҳхақәиҭра, ҳхьыҧшымра зыбзоуроу ҳҵеицәа гәлымҵәахқәа рхадараҿы игылоу, Раҧхьатәи Аҧсны Ахада Владислав Григори-иҧа Арӡынба диижьҭеи 78 шықәса ҵит.

Абри арыцхә хада инамаданы Аҟәа ацәыргақәҵатә зал хадаҿы имҩаҧысит «Аҧсны, Аҳәынҭқарра, Ахақәиҭра» зыхьӡыз афотоцәыргақәҵа. Уи еиҿылкааит ажурналист Гугуца Џьыкырба. Арахь имҩахыҵит атәыла анапхгара рхаҭарнакцәа, Аҧсны Раҧхьатәи Ахада иҭаацәа, иҩызцәа, хыҧхьаӡара рацәала аҿар.

Ацәыргақәҵа аартуа, Гугуца Џьыкырба аҭааҩцәа ирзеиҭалҳәеит, ҳ-Владислав ду идҳәалаз агәалашәарақәа. «Аихатәы кәылӡы даҩызаха иара иихьчоз аҧсуа жәлар дырхы­бааны шаҟантәы аҧсра абла дҭадырҧшхьааз. Аҧсуа игәы цқьа зызҭоу аӡәгьы ибла ихыҵуам, игәаҵа иҭынҵәом Аҧсны Аҧыза иҧсҭазаараҿы зегь реиҳа ихьанҭаз ахҭыс, сентиабр 1992 шықәса, Урыстәыла Ахада Ельцини Шеварднаӡеи, аҭагылазаашьа рхы иархәаны, дара ирҭахыз аиқәышаҳаҭра инапы иаҵадырҩырц ианаҿыз. Уахь иаҵанакуан Аҧсныҟа иҳацхраарц зхатәгәаҧхарала иааз ҳашьцәа рықәӡбара азҵаара. Адунеи аҭоурыхаҿ иҟамлацыз ҟаиҵеит, анапхгаҩцәа, аҳәынҭқарцәа рнапы зҵарҩыз аиқәшаҳаҭра рымҧсахыр имуит, ақәыӡбара амырхит. Убасҟан аиааира игеит ақырҭқәа рҿаҧхьа, егьырҭ аполитикцәа рҿаҧхьа».

Ацәыргақәҵаҿ иҟан ари ахҭыс ҳаззырхынҳәуа афотоҭыхымҭа.

Ҭоурых дуӡӡак зныҧшуа аҭыхымҭақәа зегьы цәажәоит, аҭааҩцәа ирбоит Аҧсны аҵеи лаша Владислав ду аус зциуаз иҩызцәа, идикылоз асас дахьцәа, ҳаиашьаратә жәларқәа рхаҭарнакцәа дуқәа, ҳаибашьра ҳалган аиааира ҳзаазгаз аҧызацәа. Иҧсы зыҿҳәараз, дунеи ҭбаалашак ззааиртуаз ахәыҷқәа.

«Аибашьраан убас ҟазшьас иман Владислав Арӡынба, ауадаҩрақәа анцәырҵуаз, аҭакҧхықәра зцыз аибашьцәа, акомандирцәа уҳәа даарыҧхьаны, аӡәаӡәала данрацәажәоз ыҟан, ҳгәаанагарақәа еилкааны, еиҿырҧшны ахәшьара, алкаа иаша дазкылсуан. Иара ҳаргьы ҧхьаҟа ажәылара, ақәҧара ҳахьынӡазхиоу гәеиҭозаргьы алшон. Иара иҟаиҵоз, дыззықәҧоз ахықәкы агәрагара иман», – иҳәон Аҧсны Афырхаҵа Гиви Агрба игәалашәарак аҿы.

Ацәыргақәҵаҿ ажәа иҳәеит Аҧсны зҽаҧсазтәыз акультура аусзуҩы Кьасоу Ҳагба. Иара дазааҭгылеит Владислав ду иҭоурых, инысымҩа еиҵагыло абиҧарақәа рзы ишҿырҧшыгоу, уи имҩа – амҩа иаша, аҧсыцқьара амҩа алызхыз ҩашьара ихьуам. Ҳара ҳ-Владислав жәлар рыбзиабара, рылҧха ицзаауеит.

Агәалашәаратә ажәа иҳәеит Аҧсны абыргцәа Рхеидкыла аиҳабы Аполлон Думаа. Иазгәаҭатәуп, Аҧсны Раҧхьатәи Ахада ҳбыргцәа нагақәа зегьы нцәахә дук еиҧш ишиқәгәыҕуаз. Анацәа ракәзар, ҳажәлар рлахьынҵа дшадырныҳәалоз.

Ацәыргақәҵахь имҩахыҵыз аҭааҩцәа ҳамҭас ирыҭан Гугуца Џьыкырбеи Кьасоу Ҳагбеи ридеиала иҭыжьу ашәҟәы «Аҧсны, Арӡынба, Ахақәиҭра» зыхьӡу.

Иреиҳаӡоу ҳақуп зыҧсҭазаареи, згәабзиареи ирмеигӡакәа, ҳҵеицәа раҧхьагылара зылшаз – Ауаҩы лаша, Аҧсны Аҧыза Владислав Арӡынба есымша, есаамҭацыҧхьаӡа игәалашәара. Зхы ҳахҭнызҵаз Аҧсны аҵеицәеи иареи рҿаҧхьа ҳхырхәоит  зегьы!


Наира Сабекиа

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me