Лаҵара 12, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Харада идырӡыз ҳхаҳмыршҭырц

1937-тәи ашықәсқәа рзы имҩаҧысуаз арепрессиа аамҭа хьамҭақәа зегь реиҳа ааха знаҭаз аҧсуа жәлар ҳауп.

Аҧсны аҭоурых адаҟьақәа унаргәы­лаҧшыр иуарҳәоит иреиҕьыз, иреиҕьӡақәаз ҳҵеицәа харада ахара рыдҵаны, рыг-рҿы амырҳәаӡакәа ишҭадырхоз. 1930-1940 шықәсанӡа арепрессиа аамҭа иалаӡыз ҳажәлар рхыҧхьаӡара 7 нызқь инархы­ҳәҳәо – урҭ зегьы изыхдырҟьаз рзымдырӡо ашьра рықәҵан. Рызегьы иқәыҧшӡаз инадыркны 40 шықәса ирҭымсыцыз ракәын. Игыгшәыграз, урҭ анҭадырха ашьҭахьгьы ирҭынхаз рҭаацәа алааҧшыха рырҭаӡомыз, «Жәлар раҕа иҭахцәа» ҳәа ирышьҭан. Иахьа уажәра­анӡагьы иҳамоуп урҭ рҭоурых згәаҵа иҭаҵәахны иаазго. Урҭ рыҧшаара, рыҿцәажәара – ари аҭоурых агәынкылара, аҭоурых аиқәырхара иашьаноуп, хәы змаӡам, ҧгара зқәым баҟоуп. Акрааҵуеит абри амҩа хьанҭа, аџьабаа ду, адырра дуқәа зцу, дануижьҭеи еицырдыруа ажурналист нага, «Ахьӡ-Аҧша» аорден занашьоу Екате­рина Гьаргь-иҧҳа Бебиа.

Арҭ амшқәа рзы С.Ҷанба ихьӡ зху адраматә театр ахыбраҿы имҩаҧысит Екатерина Бебиа лышәҟәқәа: «Харада ахара зыдҵаз», «Ахашҭра аҟынтәи – ахьӡ камшәара аҟынӡа» рӡыргара. Урҭ рызкуп 1930-1940 ашықәсқәа ирҭагӡаны харада ахара рыдҵаны идырӡыз Аҧсны аҵеицәа. Уахь иаҵанакуеит Лыхны, Дәрыҧшь, Ҟәланырхәа, Аҷандара, Тамшь, Кәтол, Џьгьарда, Ҕәада иреиҕьӡаз рҵеицәа.

Ашәҟәы аӡыргара Аҧсуа театраҿ иахьеиҿкааз машәыршәа иҟалаз акы акәым. 1937 шықәсазы абри ахыбраҿы ауп 13-ҩык Аҧсны аҵеицәа иашақәа рус ахьырыӡбаз.

Атеатр ҩнырҭәаа еизаз ажәлар «Бзиала шәаабеит ҳәа раҳәо, автор илҳәеит: «Абарҭ аҩ-шәҟәык баҟаны срыхәаҧшуеит, избанзар харада идырӡыз, дара ирзымҳәаз рҿахәы иара иаҳәоит. Сыбжьы иаҳауазҭгьы, иахьа Шамиль Хәсин-иҧа Ҧлиа абас иасҳәарц сҭахын, 42 шықәса раҧхьа командировка ҳасабла сушьҭит Калдахәара ақыҭан Амҧараа идырӡыз рҭоурых ҭысҵаарц, убри аахыс иахьа уажәраанӡагьы сызнуҵаз амҩа сануп», – лҳәеит лара.

Ажәахә ҟарҵеит Лыхны ақыҭа абыргцәа рхеилак аиҳабы Валикәа Гобечиа, Аҧсуа абаза-конгресс аофис анапхгаҩы Ҭемыр Рекәаа, иара иҭабуп ҳәа леиҳәеит автор лышәҟәқәа рзы. Харада ибжьаӡыз ирызкны Екатерина Бебиа илҩыз ажәеинраала даҧхьеит актиор Даур Арухаа. Азал аҟны итәаз зегьы минуҭктәи аҿымҭрала, ршьапы иқәгыланы иргәаладыршәеит арепрессиа иалаӡыз.

Ахәылҧаз мҩаҧызгоз Саида Габниа ажәа лылҭеит арепрессиа иалаӡыз имаҭа Жанна Капашевиӡе, ақыҭа Лыхны. Екатерина Бебиа ажәа ҟәандала дылгәалалыршәеит Константин Озган. Азалаҿ итәаз иҧҳацәа ашәҟәы ҳамҭас ирылҭеит.

Автор иҭабуп ҳәа ралҳәеит лышәҟәқәа рҭыжьраҿы ацхыраара лызҭаз Муса Екзеков, Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа, Аҧыза-министр Алеқсандр Анқәаб, афинансқәа рминистр Влади­мир Делба. Ҟәланырхәаа – Руслан Гәыблиа, Алик Осиа, Аида Ҭраҧшь, ашәҟәы аредакторра азызуз Иулиа Соловиова, афотоқәа аус рыдызулоз Наира Гәымба. Ашәҟәы ацәа асахьа ҭихит Баҭал Џьапуа.

Аҵыхәтәан иқәгылеит Аҧсны Афырхаҵа Шамиль Аӡынбеи, Аслан Басариеи, урҭ инаҵшьны иазгәарҭеит Екатерина Бебиа лусумҭақәа Аҧсны аҭоурых азы аҵак ду шрымоу. Иҭабуп ҳәа ларҳәеит ахаҵамҧҳәысра иаалырҧшыз азы. Иалыркааит иара убас аҿар бзиа шеиҵалааӡо. «Ари аҧеиҧш бзиа иазҳәоуп», – иҳәеит Шамиль Аӡынба иқәгылараҿы. Асценаҿ хабарда идырӡыз рҭынхацәа ирҩыз асалам шәҟәқәа ирыҧхьон ажурналистика аҟәша астудентцәа.  Жәандәрыҧшьтәи абжьаратә школ адиректор Џьума Габуниа иқәгылараҿы ажәалагала ҟаиҵеит Екатерина Бебиа абарҭ лышәҟәқәа аҩбагьы Дырмит Гәлиа ипремиа ранашьара иаҧсоуп ҳәа. Ажәа иҳәеит Москвантәи иааз аҧсуа диаспора ахаҭарнак Оҭар Ласариа.

Ашәҟәқәа рӡыргара иазкыз аиҧылара хыркәшо амҩаҧгаҩ Саида Габниа иҭабуп ҳәа ралҳәеит атеатр актиорцәа Мадина Аргәын, Даур Арухаа, Хьыбла Мықәба, Циала Инаҧшьба, Уасил Ӡиӡариа убас егьырҭгьы.

Уаҳа иҟамлааит Аҧсны аҭоурых азы абри аҩыза ахҭыс, иҳагымзааит агәҽанызаара.


Наира Сабекиа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me