Мшаҧы 26, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Агазеҭ «Аԥсны» аусзуҩцәа рахь

Аԥсны Аҳәынҭқарра анапхгара ахьӡала, хаҭала сара сыхьӡала гәык-ԥсык ала аколлектив агазеҭ «Аԥсны» аусзуҩцәа ишәыдысныҳәалоит шәзанааҭтә ныҳәа – амассатә информациа ахархәагақәа русзуҩцәа Рымш!

Ажурналисттә усура инанагӡо ароль дуӡӡоуп адемократиатә уаажәларра ашьақәгылараҟны. Шәара шәусура уадаҩуп, аҭакԥхықәрагьы ацуп, аҵакгьы дууп. Шәара ауаажәларра аинформациа роуртә иҟашәҵоит, ргәаанагара ашьақәыргылара шәацхраауеит, аполитикатә, ауаажәларратә процессқәа анырра рышәҭоит. Шәара ишәыбзоураны ҳажәлар ҳтәылаҟнеиԥш, адунеи аҿы иҟоу ахҭысқәа ртәы раҳауеит. Аҳәынҭқарратә мчхара аусбарҭақәеи АИХ-и лыҵшәа аманы русура аинформациатә политика шьаҭас иамоуп, избан акәзар, шәаргьы ҳаргьы уснагӡатәны ҳҿаԥхьа иқәгылоу ҳауаажәлар реидкылара, доуҳала реизҳара алыршара, апатриотизм рылааӡара, иахьатәи аамҭа иақәшәо аинформациатә наӡааӡара аԥҵара. Шәара шәусура ауаажәларреи аҳәынҭқарреи рзы хра змоу акакәны иҟоуп есқьынгьы.

Ишәыдысныҳәалоит иахьатәи Амш. Ишәзеиӷьасшьоит ақәҿиарақәа, аихьӡара ҿыцқәа, агәабзиара, анасыԥ.

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада                     А.Бжьаниа 


Иара убас амассатә информациа ахархәагақәа русзуҩцәа Рымш рыдырныҳәалеит Аԥсны Жәлар Реизара Аиҳабы Лаша Ашәба, Аԥсны Аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me