Џьорџь Хьиуитт иааишьҭыз ашәҟәаҿы ахәҭакахьала иазгәаҭоуп:
«Иахьа зыԥсҭазаара иалҵхьоу абизнесмен, амиллионер, аҭоурыхҭҵааҩы, Аладатәи Кавказ аҭҵаара знапы алакыз, адәныҟатәи аусқәа ԥыхьатәи Рминистр Аленн ииҩыз астатиа аҟынтәи сара еилыскааит уи Шәантәыла данаҭаауаз Британиатәи амузеии Акралтә географиатә еилазаареи рыхьӡала Местииатәи амузеи ҳамҭас ишаиҭаз шамахамзар уаҳа џьара иуԥыло, раԥхьатәи аҭыжьымҭа «Кавказ аҭҵаара». Ашәҟәы 1896 шықәсазы ҩ-томкны иҭыжьын, уи авторс даман Дуглас Фрешфилд. Ари ауаҩ иоуп зегьы раԥхьаӡа Кавказтәи ашьхаҳаракырақәа Ельбруси Ушбеи рхалара зылшаз. Сара Местиа аҩынтәраан санаҭааз, усҟан амузеи адиректорс иҟаз Циала Чартолиани арҭ ашәҟәқәа сыблала рбареи рыкреи рзы азин сылҭарц слыҳәеит. Сара усҟан гәаныла, мышкы зны абри еицырдыруа ашәҟәы ахкьыԥхьқәа раахәара хымԥада исылсыршароуп ҳәа исыӡбеит. Шықәсқәак рҩныҵҟа зыхәԥса саиааиртә иҟоу ари аҭыжьымҭа лыԥшаах аекземплиар ахьырҭиуа сашьклаԥшуан.
Аҵыхәтәаны арҭ ашәҟәқәа Дербишир ақалақь аҿы иҟоу, аиҳарак альпинизм атема ала аус зуа онлаин-адәқьан аҿы иаасхәеит. Исҭахыз ашәҟәқәа раахәара ахьсылшаз сгәырӷьара ҳәаа амамызт. Сыԥшәмаԥҳәыс Заиреи сареи даҽа екземплиарк аахәаны Аԥсны Амилаҭтә библиотека ҳамҭас иаҳҭарц ҳаӡбеит. Аҩбатәи атом аҿы иҟоуп ахы, уи иахьӡуп «Аԥсны азаҵәра» («Одиночество Абхазии»). Уаҟа иаҳәоит амҳаџьырра ашьҭахь зыԥсадгьыл ааныжьны ицаз ажәлар ртәыла аӡбахә. Сгәаанагарала, абри ашәҟәы аекземплиар Аԥсны иамазароуп. Арҭ ахекземплиарк – сара Местиа избаз, схазыҳәан иаасхәази Аԥсны азы иааҳхәази – излаздыруа ала, убарҭ заҵәык роуп иахьа раԥхьатәи аҭыжьымҭа аҟынтәи иаанханы иҟоу. Идуӡӡаны иҭабуп ҳәа раҳҳәоит ари ҩ-томкны иҟоу аҭыжьымҭа Англиантәи Аԥсныҟа изгаз Русҭам Аншбеи Милана Быҭәба-Аншбеи. Заирагьы саргьы ари зеиуа маҷу аҭыжьымҭа Аԥсны Амилаҭтә библиотека гәахәара дула ҳамҭас ишаҳҭо азгәасҭарц сҭахуп».
И.Гь. Папаскьыр ихьӡ зху Амилаҭтә библиотека аиҳабы Борис Ҷолариа иажәақәа рыла, англыз ныҟәаҩ инапы иҵыҵыз, шамахамзар џьара иуԥымло аекспедициатә материалқәа рымазаара насыԥ дууп. Аԥсны Амилаҭтә библиотека иналукааша алингвист ду, кавказҭҵааҩы Џьорџь Хьиуитт иҟаиҵаз аҳамҭа шьахә азы, Аншбақәа Русҭами Миланеи уи аагара ахьеиҿыркаази рзы иҭабуп ҳәа рарҳәоит.