Мшаҧы 25, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Аҧсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа (ААР) апрезидиум ирыланаҳәоит 2022 шықәсазы иҭыҵыз аҧсышәала иҩу аҵарауаа ҿарацәа (40 шықәса ирҭымсыц) рыҭҵаарадырратә усумҭақәа апремиа ранашьаразы аицлабра (аконкурс) шаарту.

Аицлабрахь иқәыргылазар ҟалоит амонографиақәа, астатиақәа реизга, хазы игоу астатиақәа.

Аусумҭақәа рықәыргылара азин рымоуп ААР иаҵанакуа  аҭҵаарадырратә институтқәа, Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет.

Аицлабра аҽалархәразы ажәалагала иацҵатәуп анаҩстәи адокументқәа:

– аусумҭа ықәзыргыло рҟынтә арзаҳал, аҧкаанҵа агәылҩаа, автор иҟазшьарба, насгьы ихаҭара зыршаҳаҭуа Аҧсны Аҳәынҭқарра атәылауаҩра ахкьыҧхьлаа;

– аусумҭа ахаҭеи аелектронтә версиеи;

Аматериалқәа аконверт иҭаҵаны иалагалатәуп.

Иаиааиз хҩык авторцәа дасу иранашьахоит апремиа: ашәҟәы иазыҧҵәоуп 50000 (ҩынҩажәи жәаба) нызқь мааҭ, астатиа – 25 (ҩажәи хәба) нызқь мааҭ аҧаратә ҳамҭа.

Аҳамҭақәа ранашьара мҩаҧгахоит 2023 шықәса, жьҭаара амза 30, Аҧсны аҭҵаарадырра Амш аҽны.

Аконкурс ахь адокументқәа аашьҭтәуп ҳазҭоу ашықәс ҧхынгәымза 31-нӡа абри аҭыӡҭыҧ ала: ақ, Аҟәа, ак. Марр имҩаду, 9; аҭел: +7940-921-80-88.


ААР апрезидиум

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me