Мшаҧы 25, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Иаартуп Тарас Шамба ибаҟа

Адунеизегьтәи аҧсуа-абаза Конгресс 30 шықәса ахыҵра азгәаҭареи Аконгресс XIII аизҳара ду амҩа­ҧысреи рҳәаақәа ирҭагӡаны уи раҧхьатәи ахадас иамаз Аҧсни Урыстәылеи руаажәларра-политикатә усзуҩы, аиуристтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, академик Тарас Мирон-иҧа Шамба игәалашәара анаунагӡатәразы Аҟәа иаартын ибаҟа.

Аҟәа, Воронови Аиааиреи рымҩақәа ахьеихало апарк аҟны абаҟа аартрахь инеит Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа, аҧсуа-абаза Конгресс ахада Мусса Екзеков, Аҧсны ауаажә­ларратәи аҳәынҭқарратәи усзуҩцәа, акультуреи аҟазареи рхаҭарнакцәа, аҿар, Шамаа аешьара рхаҭарнакцәа, абаҟа автор – Аҟәатәи асахьаҭыхратә ҵараиурҭа аушьҭымҭа Аврора Иулина.

Тарас Шамба 1992 ш. рзы Лыхны ақыҭан иаҧҵаз аҧсуа-абаза жәлар Жәларбжьаратәи Россоциациа ахадас дыҟан (ашьҭахь Адунеизегьтәи аҧсуа-абаза Конгресс ҳәа ишьақәгылаз ауаажәларратә еиҿкаара) напхгара аиҭон 2017 ш. рзынӡа, хатәгәаҧхарала иаанижьаанӡа. Уи нахыс Аконгресс ҳҭыр зқәу ахада ҳәа иӡбахә ҳәан.

Абаҟа аартра иадҳәалаз аусмҩаҧгатә хациркит Аҧсны жәлар рсахьаҭыхҩы Амиран Адлеиба, иара егьымҩаҧигон.

Абаҟа иахаршәыз ацаха шкәакәа ахырхуеит Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниеи Аконгресс ахада Мусса Екзекови. Анаҩс дықәгылеит Аԥсны Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба.

Амҩаҧгаҩ анаҩс ажәа ииҭоит Адунеизегьтәи аҧсуа-абаза Конгресс ахада Мусса Екзеков. «Акыр иаҧсоу ҳашьцәа, ҳаҳәшьцәа, иахьа имҩаҧысуа ахҭыс ахәшьара аҭара уадаҩуп. Иахьа ибаҟа ааҳартуеит Аҧсадгьыли ижәлар гәакьеи рымаҵ аура  зыҧсҭазаара ҵакыс иамаз ауаҩ ду. 25 шықәса аҧсуа-абаза Конгресс напхгара иҭон, адунеи атәылақәа  ирылаҧсоу аҧсуааи абазақәеи реидкылара хықәкыс иманы. Сара сазгәдууп Аҧсны жәлар рҵеи ду дахьыздыруаз, аус ахьицызуаз», – иҳәеит уи иқәгылараан.

Тарас Шамба иҧсадгьыли иуаажәлари рзы илиршаз азгәаҭауа, ҳџьынџьуаа рҭоурыхтә ҧсад­гьыл  разхьарҧ­шреи агәыблра дыркреи, аҳәанырцәтәи адиаспо­рақәеи Аҧсни реима­­да­рақәа рырҭбаареи акырӡа дшаза­аҧсаз, насгьы ихьӡ хашҭра ақәымкәа аҧсуа-база жәлар рыҩнуҵҟа ишаанхо иазкны  ргәалашәа­рақәа рыла  иқәгылеит: апоет, ауаажәлрратә усзуҩы, акыр шықәса  Аконгресс амаӡаныҟәгаҩ хадас  иамаз Геннади Аламиа, Аконгресс Иреиҳау ахеилак иалоу Беслан Кобахиа, Аҧсны аҭҵаара­дыррақәа Ракадемиа ахада  Зураб  Џьапуа, ажурналист, аҵарауаҩ Екатерина Бебиа, ашәҟәыҩҩы Владимир Делба, абаҟа автор Аврора Иулина.

Аҵыхәтәан Аҧсны Ашәарҭада­ратә хеилак амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамба далацәажәеит иашьеиҳаб Тарас Мирон-иҧа ижәлар рымаҵ аура аҧхьа иширгылоз, уи иара иҧсҭазаара акәны ишыҟаз. Даҩымсит Москватәи аҳәынҭқарратә университет  данҭаз аҧсу диаспора шеидикылаз 1958 ш. инаркны, акыршықәса анапхгаҩысгьы дшыҟаз. «Ҳуаажәлар аиаша ишазықәҧоз адунеи аҟны ирдыруазар иҭахын. Ҳҳәынҭ­қарра ашьақәгылараҿы злагала маҷмыз иџьабаа иахьа ахәшьара аиуит. Иҭабуп абаҟа аус адызулаз, аартра иазааҧсаз, иахьа арахь  имҩахыҵыз зегьы», – иҳәеит  уи.

Ирылаҳәан шьҭа Тарас Шамба ибаҟа  ахьықәгылоу апаркгьы иара  ихьӡ шахызаауа.


В.Баалоу

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me