Аԥсны ақыҭақәа рыҿиаразы, рынхамҩа ашьҭыхразы, иахьатәи ҳаамҭа иақәшәо аҟаҵараҿы иабзоуроу рацәазароуп, зегьы рхадараҿы игылоу Аҳәынҭқарратә ҭҵаарадырратә еиҿкаара «Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа ақыҭанхамҩатә институт».
Абраҟоуп анхаҩы, акрыуҩы идгьыл чашәра, ихныҟәгара, иқәааирыхуа наукала иахьҭырҵаауа.
Ҳара ҳиҿцәажәеит, зусура ҿырԥшыгоу аинститут анаукатә усзуҩы, ақыҭанхамҩатә наукақәа ркандидат Дмитри Сабекиа.
Ари аҭҵаарадырратә ҳәынҭқарратә наплакуп, иҳамоуп аҟәшақәа 8 инареиҳаны: асубтропикатә шәырқәа рыҟәша, ацитрустә шәырқәа рыҟәша хазы иҟоуп. Иҳамоуп ауҭраҭыхааӡара аҟәша — уи аҭҵаара ауп изҿу. Ахкқәа коллекциа ҳасабла еиқәырханы иҳамоуп, ианаалоу ианымаалоу еилкааны, ихәарҭоу нас аселекциазы ҳхы иаҳархәоит.
Аԥсуа еснагь ашьхааӡара ахшыҩзышьҭра ду аиҭон, убри аганахьала иарбан усуроу шәинститут аҿа имҩаԥысуа? — ҳара иҳамоуп ашьхааӡара аҟәша.
Ԥсҳәы ирыԥшааит аԥсуа шьхымза «Абхазианка», зыхьӡу. Уажәазы уаҟа аҭыԥаҿы иҟоуп, ахылаԥшра азиуеит аиҳабы Виталик Леиба, аҭыԥ иахьыҟоу иахымгакәа убра идырҿиар рҭахуп, нас, ашьҭахьы арахь ииаргарц азыҳәан.
Иҳамоуп ҳхатәы лабараториа — адгьыл анализ ҳгоит, иара Аԥсны ақыҭақәа зегьы рыҟнытә, ҳәарада акы знапы алазкуа, ашәырааӡароума, уҭраҭыхума арахь иҳадҵаалоит, ҳара ирызгәаҳҭоит адгьыл зеиԥшроу, ирҭаху акультура хкы анаало ианымаало гәарҭоит. Уи, адгьылҭҵаара аиҳабыс дамоуп Светлана Гадлиа.
Иҟоуп абиохимиа, ашьақар, аҵәыҵәыра ҭызҵаауа аҟәша, уи аҭҵааразы аамҭа маҷымкәа иаҭахәп, хәышықәса иҭаҳҵаауеит аколлекциа иалаҳхыз, ирҿало гәаҳҭоит,есышықәса еиԥшхаӡом, ари аҟәша напхгара алҭоит аспециалист қәыԥш, Аԥснытә ҳәынҭқарратә университет абиохимиа афакультет аушьҭымҭа Ариханда Ҷокуа.
— Дима уара ацитрус шәырқәа рыҟәша аиҳабыс уҟоуп, иаҳҭахын шәыҟәшаҿы иарбан усхкқәоу шәнапы злаку ҳзеиҭауҳәар.
— Ҳара ҳаҟәшаҿы иҟоуп ацитрус хкқәа 150, гәыԥ-гәыԥла иушозар -10, абнатәгьы-ацитрус (латын бызшәала,понцирус-трифалиат, хыбӷьыцк змоу) амандаринақәа иара ацитрус ҳәа ҳзышьҭоу ауп изхаҳҳауа, 20° ахьҭа ачҳауеит. Сынтәа ҿыц аус рыдааулоит 17-хкы, урҭ Италиантәи иааргеит џьара ҳҵиаақәа ирԥырхагахаша акы рыцаар, убри азы ԥырхага ҳарымҭарцаз ҳарԥеиԥшуеит иҭаҳәҳәаны, нас ауп аиҭаҳарахьы ианнаҳгауа.
Ҵыԥх ҳара даҳҭан Урыстәыла ақыҭанхамҩа аминистр Оксана Лут, сынтәа акәзар лхаҭыԥуаҩ даҳзааит, аинырра, аԥышәа еимадара ҳамоуп.
Ақыҭанхамҩа, ашәырааӡара интересс измоу ирылаҵәахьеит шәинститутаҿы ишәааӡаз атропикатә шәырхкқәа, иаҳҭахын убарҭ рыӡбахә ҳзеиҭауҳәар:
— Ҳара еиҭаҳҳаит атропикатә шәырхкқәа: абананқәа 10-хкык ыҟоуп, ананасқәа 2-хкык, ирҿалахьеит. Иара убас амедицинаҿ (анкологиа ахәышәтәразы) ахархәара змоу апапаиа. Уи аҭҵааразы ауп изҳамоу. Анталиагьы уи ашәырхкы теплициала ауп ишырааӡоу, иара 7-8 мза анахыҵлак нахыс иҿалоит.
Иҟоуп асорт дуқәа аура ҩбеи бжаки иреиҳамкуа, еиҳа уарманшәалоит.
Иаҳҭахын еилаҳкаарц, шәнапы злаку аус аҿы ирацәоума аҿар?
— Иҟоуп аҿар, урҭ ҳуниверситет аҿы агро-инџьныртә факультет иалго роуп, сынтәа уа иаадыртит аҽа занааҭ ҿыцк — аҵиаа ахьчара, иара убас иаадыртит амагистратура, уаҟа сара алекциақәа сырзаԥхьоит астудентцәа. Иҳамоуп адипломникцәа, сара схаҭала сынтәа адипломтә усумҭа зыҩуа аӡәы напхгара исҭоит.
Аҵыхәтәаны иаҳҭахын ақыҭанхамҩа знапы алаку, анхацәа зегь реиҳа изыргәамҵуа зҵаарак, ишдыру еиԥш, атуризм аҿиара ахьамам ҳраионқәа, Очамчыра Тҟәарчал уҳәа хныҟәгагас, ҵаргәа бзианы ирыман ақыҭанхамҩаҿ, араса. Аха ҳгәылацәа «бзиақәа» рымчала урҭ амармалташь пты, насгьы акакәбаа чымазара иқәнахит, убри алагьы ақыҭанхамҩа ааха ӷәӷәа аиуит.
Хаҭала иҟанаҵои шәара шәинститут уи ачымазара аԥыхразы? Насгьы ишәылшома анхацәа ахәшәтәразы шәрыцхраарц?
– Ҳара ҳнаплакы аҟны иҳааӡоит арасагьы, иаҭаху ҟаҳҵоит, иаҳхәышәтәуеит. Иҟоуп уаҟагьы ибжьысуа. Ахәшәтәшьагьы еилкаатәуп, амала аус адулашьа уақәшәозароуп, ахәшә классла иҟоуп, ианухәшәтәуа амаҭәа ҷыда ушәызароуп, иақәҭәо акәзар иуррацәар иҿалоугьы иаԥырхагахоит. Насгьы ибзиоу аура унаҭарц азы хәынтә иухәышәтәыроуп, иунаҭо аасҭа ахарџь анеиҳахалак аӡәгьы ахәшәтәра иҽазикӡом.
Уажәы планс иҳамоуп аԥсуа телехәаԥшрала убри етап-етапла аус адулашьа ҭыхны идҳарбарц, убысҟан еиҳа алҵшәа аанашьҭып ҳәа ҳақәгәыӷуеит», ҳәа азгәеиҭеит Дима ҳаицәажәара хыркәшо.
Н. Санцба


