Аҟәеи Очамчыреи еимаздо аихамҩа аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ахыркәшарахь инеиуеит.

Аусура иалахәуп аԥсуа еихамҩа аусзуҩцәа рбригадақәа ҩба, урыстәылатәи аихамҩа аусзуҩцәа рбригадақәа ԥшьба, иҷыдоу аихамҩатә техника.

Аԥсны аихамҩа анџьныр хада Леонид Кәыруа иажәақәа рыла, аихамҩа аиҭашьақәыргыларазы акомплекстә усурақәа аибашьра ашьҭахьтәи аамҭа зегьы азы имҩаԥырымгацызт. Аусурақәа мҩаԥысуеит 2100-тәи акилометр инаркны 2154-тәи акилометр аҟынӡа.

Аспециалистцәа арельсқәа рыԥсахуеит, аихабетонтә шпалқәа шьҭарҵоит, амҩа дырҽеиуеит, ахаҳәсса ықәрыԥсоит. Ҷыдала ахшыҩзышьҭра аҭоуп иажәхьоу арельсқәа, ашпалқәа, аибаркыгақәа рыԥсахреи амҩа агеометриатә хышәара-ҵышәареи. Иара убасгьы астанциатәи адкыларатәи мҩақәа реиҭашьақәыргылара мҩаԥысуеит. Очамчыра 950 метра инаӡо аихамҩаҿы иҟоу астанциа № 5 аиҭашьақәыргылара хыркәшоуп.

Мшаԥымза анҵәамҭазы иазԥхьагәаҭоуп авагон-мҩашәага аара.

Аиҭашьақәыргыларатә усурақәа мҩаԥысуеит Аԥсны аихамҩа абиуџьеттә ԥарақәа рыла.

Уи адагьы адгьыл аихамҩақәыԥсақәа, аҭагәаҩарақәа, аӡымҩахгагатә ргыларақәа рҭагылазаашьа гәарҭоит, аиқәымшәарақәа ианаамҭоу раарԥшреи раԥыхреи рзы.

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me