Мшаҧы 26, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Адашшылара

Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа адашшылара шәҟәы изишьҭит Ареспублика Беларус Апрезидент Алеқсандр Лукашенко, ареспублика адәныҟатәи аусқәа Рминистрра Ахада Владимир Макеи иаалырҟьаны иҧсҭазаара дахьалҵыз инамаданы.

«Ҳара даара ҳцәа ҳҭанарӡыӡеит Владимир Владимир-иҧа Макеи иаалырҟьаны иҧсҭазаара иалҵра.

Ари харҭәаашьа змам цәыӡуп. Владимир Владимир-иҧа жәларбжьаратәи аҩаӡара аҟынӡа инагаз профессионалын, патриотҵәҟьан. Уи ихьчон Ареспублика Беларус аинтересқәа, дырҿагылан аҕацәа иҟарҵоз ақәыххрақәа, ақәымчрақәа. Инарҵауланы ҳрыдашшылоит Владимир Макеи иҭаацәа, иҩызцәа», – иазгәаҭоуп ашәҟәы аҟны.

Владимир Макеи иҧсҭазаара дахьалҵыз инамаданы адашшылара ҟаиҵеит Аҧсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынбагьы.

«Аҧсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра ахьӡала, хаҭала сара сыхьӡала инарҵауланы срыдашшылоит Беларус адәныҟатәи аусқәа рминистр Владимир Макеи иаалырҟьаны иҧсҭазаара дахьалҵыз азы иҭаацәа, игәакьацәа», – иазгәаҭоуп ашәҟәы аҟны.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me