Ахәыҷқәа рзинқәа рыхьчаразы

Иаҳхысыз ашықәсазы Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа Иусҧҟа инақәыршәаны иаҧҵан ахәыҷқәа рзинқәа рыхьчаразы Аппарат. Уи еиҳабыс дарҭеит акыршықәса агәыҳалалратә еилакы "Ашана" напхгара азызуаз Мактина Оҭар-иҧҳа  Џьынџьал-ҧҳа. Ҳара ҳалҭааит ари аусура ахықәкы аилкааразы.

Аамҭа дук шымҵыцгьы ари аппарат шьақәгылеижьҭеи иҳадаҳкылахьеит, иҭҵааны аҭыҧ иқәаҳҵахьеит 30 адҵааларақәа.

Ҳара ҳхықәкы – ахәыҷы изинқәа еилазго ааҳаҧхьоит, азакәан ишаҳәо ала  ҳахаҵгылоит, иҭаҳҵаауеит. Иҟоуп ирласны иузымыӡбо аусқәа, ҳамацара иаҳзымыӡбо аӡбарҭа иаӡбоит, иаҳусуп уи ахылаҧшра, ахыркәшара аҟынӡа  анагара.

Аусураҿы иаабоит  Аҧсны ишмаҷым ахәыҷқәа рзинқәа ахьеиларго, иҟоуп амедицина аганахьала, аҵарадырра аганахьала. Адунеи егьырҭ атәылақәа рҟны имҩаҧысуа апрактика ҳаргьы ҳахысуеит".

– Иҟоума егьырҭ атәылақәа рҿынтә шәара шәызҿыҧшыша, рҧышәа змыжәдаша?

– Аҧхын Аҧсны Москвантә дааны дыҟан Аҳәынҭқарратә Дума Афедералтә Еизара анапхгаҩы ихаҭыҧуаҩ Анна Кузнецова. Ҳаибадырраҿы лара дазааҭгылеит лусура атәы, лҧышәа. Уи илҳәеит лнапы аҵаҟа иҟоу Урыстәыла ахәыҷқәа рзинқәа рыхьчаразы имҩаҧылго аусқәа, урҭ рхырхарҭақәа, хаҭала "Абацәа руаажәларратә хеилак" атәы. Ицәгьамызт ари аҩыза аҧышәа Аҧсынгьы ахархәара аиур, - лҳәеит лара.

Мактина дырзааҭгылеит имҩаҧыргахьоу аусурақәа ртәы, еиҳа аҧыжәара змоу ахырхарҭақәеи, насгьы лаҧхьаҟатәи лпроектқәеи, Аҧсны инхо ахәыҷқәа  рыҧсҭазаара аиҕьтәреи, рзинқәа рыхьчареи ирыдҳәалоу.

Зықәра намӡац рзы Акомиссиа аилатәара анымҩаҧырго дара рхы аладырхәуеит. Насгьы аппарат аусзуҩцәа цоит Аҧсны ашколқәа рышҟа, алекциақәа мҩаҧыргоит.

Аинтернет мыцхәы ахархәара ахәыҷы игәабзиара, ихаҭара ашьақәыргылараҿы ииашам анырра ҟанаҵар алшоит. Насгьы асоциалтә ҳақәа рҿы иуҧыло еиуеиҧшым ахәмаррақәа ашәарҭара зцу рацәахеит. Абарҭқәа зегьы рҟнытә ахәыҷқәа рхы шырыхьчаша, ишәарҭоу хәмаррак иаланагалазар ралгашьа аҽақәыршәара ауп алекциақәа зызку.

Аҧсны измаҳаз уаҩ дыҟам, ааигәа асоциалтә ҳақәа рҿы иҟоу ахәмарра иахҟьаны Гәдоуҭа ақалақь аҿы иҟалаз  арыцҳара ду.

"Ахәыҷы ашәарҭара ду зцу ахәмарра дыхнамхырц азы адыррақәа имазароуп. Убарҭ адыррақәа рызнагара ауп ҳара ҳаппарат аусура ахықәкы", – лҳәеит ҳзыҿцәажәоз Мактина Џьынџьал-ҧҳа.

Лара диқәшәахьеит иара убас Урыстәыла Апрезидент иаппаратаҿ иҟоу ахәыҷқәа рзинқәа рыхьчара знапы иану Алексеи Газариан. Уи агәра лиргеит аицхыраара, аилибакаара дшазхиоу, уи азы 2021 ш. рзы рнапы зҵарҩыз амеморандум инақәыршәаны. Абарҭқәа инарҷыдангьы имҩаҧыргоит  аппарат абзоурала асоциал информациатә проект "Агәаанагара", уи иҭнаҵаауеит еиуеиҧшым ақәымчрақәа, зылшарақәа ҧку ахәыҷқәа рганахьала.

Зымаха-шьаха уашәшәыроу ахымхәацәа хәыҷқәа адискриминациа рзызуа, рхылаҧшра иагзыжьуа ҟамлароуп. Насгьы аҵарадырра азакәан иахьчозароуп, ауаажәларратә ҧсҭазаараҿы рылшарақәеи рзинқәеи еиҟаразароуп ҳәа азгәалҭоит Мактина Џьынџьал-ҧҳа.


Наира Сабекиа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me