Аԥсны Ахада аҭыԥ аҟны

Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа ноиабр 4 азы хаҭала игәеиҭеит Бедиа ақыҭан звольт ҳараку ацәаҳәа «Аҽгәара – 220» аҟны иҟалаз амашъыр ахҟьа-ԥҟьақәа раԥыхразы хаҭала ириҭаз анапынҵақъа ирынагӡашьоу. Абри атъы аанацҳауеит Аԥсны Ахада ипресс-маҵзура.

Арҽеиратә усурақәа ахьынарыгӡоз аҭыԥ аҟны иҟан Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган, «Амшынеиқәафымцамч» аиҳабы инапынҵақәа назыгӡауа Зураб Багаԥшь.

Аҳәынҭқарра Ахада ихшыҩ азишьҭит аҵыхәтәантәа амшқәа рзы ауааҧсыра лассы-лассы лашарада ишаанхо, ари азҵаарақәа шцәырнаго.

«Абри аҟнытә, сара исҭахын абыржәы исзеиҭашәҳәарц имҩаҧысуа, избан абри аҩыза аҭагылазаашьа зыҟалаз, уи арҽеиразы ишәыдышәкылауа аусмҩаҧгатәқәа зеиҧшроу. Ҳазну аамҭазы ацәаҳәа 90% еибыҭоуп», – иаҵишьит Аслан Бжьаниа.

Кристина Озган аҳәынҭқарра Ахада иалҳәеит иара инапынҵала Урыстәылантәи афымцамч аашьҭразы алшарақәа аус шрыдулоу.

Лара илгәалалыршәеит звольт ҳараку ацәаҳәа Аҽгәара шьаҭанкыла арҽеиразы аҧхьа ишышьақәыргылаз Октиабр 1 инаркны ноиабр 15 азынӡа, аха аҧсуа ган иахьҧшым атехникатә мзызқәа рыла ноиабр 1 азынӡа аашьҭрақәа рмаҷын.

Аҧыза-министр илҳәеит 32 километр рахьтә мызкы аҩнуҵҟала ишыҧсахыз 24 километр ацәаҳәақәа. Иаанхеит даҽа аакилометрк. Абригьы – раҧхьатәи мзызхадоуп. «Аҩбатәи амзыз зыдҳәалоу убри ауп, ҳара аамҭа ҳзымхаӡеит ацәаҳәаҿы имҩаҧгаз агәаҭарақәа ишақәнагоу рҧышәаразы, ахархәараан уи ацәаҳәа аус шаушаз. Абри инақәыршәаны, иҳарҽеихьаз ацәаҳәақәа аусура иалаҳаргеит, аха ицәырҵит апроблема ҕәҕәақәа, избанзар ацәаҳәа ахархәараан иҟалаз апроблемақәа раҧыхра аҭаххеит», – лҳәеит аекономика аминистр.

Иара убас лара иазгәалҭеит «Амшынеиқәафымцамч» аҟны атехникатә штаб шеиҿкааз, уи аус шауаз. «Иацы ахәылҧаз имҩаҧгоу аусурақәа рылҵшәақәа рзы аилацәажәара ҷыда мҩаҧысит, иахьагьы ашьжьымҭан инаркны убри аҩыза аилацәажәара мҩаҧган арҽеиратә усурақәа ахьымҩаҧысуа аҭыҧ аҟны», – лҳәеит лара.

Аслан Бжьаниа Зураб Багаҧшь диазҵааит аушьҭра-еибыҭаратә усурақәа рынагӡаразы шаҟа аамҭа аҭаххозеи ҳәа. Уи еилиркааит «Амшынеиқәафымцамч» амчқәа рыла абарҭқәа зегьы ирҿызҭгьы, хымз инареиҳаны ишадхалоз. «Абри аҟнытә, Урыстәылантәи абригадақәа ааҳаҧхьеит ирласны аҟаҵаразы. Ҿҳәарасгьы ишьақәҳаргылеит мызки бжаки, ҳара уи ҳаҽҭаҳагӡон. Иалыршан афымцамч аашьҭра, аус аауан, аха рыцҳарас иҟалаз, аҵыхәтәантәи ҩымчабжь рыҩнуҵҟала аусурақәа зегьы ҳзыхмыркәшеит. Абасала, ацәаҳәа ахәҭак акәын иҟаҵаз», – иҳәеит «Амшынеиқәафымцамч» ахада инапынҵақәа назыгӡо.

Уи иара убас иазгәеиҭеит афымцамч аашьра анаанкылаха ацәаҳәа ҿыц ахархәарахь аиасра шрықәшәаз, аха ақәыҕәҕәарақәа шьҭыҵцыҧхьаӡа апроблемақәа ацәырҵра ишалагаз. Урҭ раҧыхра шалшоз аушьҭра-еибыҭаратә усурақәа раан. «Аҵыхәтәан ицәырҵит ацәаҳәа ҿыц аусураҿы ҳаззыҧшқәамыз, ари иаанаго убри ауп, ҳаҧхьаҟагьы ауааҧсыра фымцала реиқәыршәара аганахьала аиҧҟьарақәа аҭыҧ роур ауеит», –иҳәеит иара аҵыхәтәан.

Аҳәынҭқарра Ахада Аҧыза-министр ихаҭыҧуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган лнапы ианиҵеит ауааҧсыра фымцала реиқәыршәаразы Урыстәылатәи Афедерациа аенергетика Аминистрраҿы аицәажәарақәа мҩаҧылгарц, есымша адырраҭарақәа ҟалҵаларц имҩаҧыргауа аусурақәа ирызкны

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me