Мшаҧы 25, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Адемографиатә ҭагылазаашьа. Рҽеишьас иамоузеи?

 

Ааигәа амедиамаҵзура Sputnik Аҧсны Аҟәеи Москвеи рыбжьара еиҿнакааз авидеоцҳаҿы тема хаданы иқәгылан: «Аҧсны адемографиатә ҭагылазаашьа. Мҩақәас иҟоузеи уи алҵразы?». Аҧсны аганахьала уи алацәажәара иалахәын аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, Д.И.Гәлиа ихьӡ зху Аҧсуаҭҵааратә институт аетнологиа аҟәша аҭҵаарадырратә усзуҩ Асҭанда Ҳашба, аекономикатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, Аҧснытәи аҳәынҭуниверситет амилаҭтә економика акафедра адоцент, асоциал-економикатә ҭҵаарақәа Рцентр аусзуҩ Хаҭуна Шаҭиҧа. Урыстәыла аганахьала – адемографиеи, амиграциеи, арегионтә ҿиареи Ринститут Азгәаҭаратә хеилак ахантәаҩы, Урыстәылатәи Афедерациа аҳәынҭқарратә бжьагаҩыҵәҟьа Иури Крупнов.

Ацентр адырраҭарақәа рыла Аҧсны асоциал-економикатә ҭҵаарақәа Рцентр иара аофициалтә саит аҟны иакьыҧхьит аҵыхәтәантәи жәашықәса рыҩнуҵҟала Аҧсны адемографиатә ҟаҵарбақәа ирызкыз, угәы шьҭызымхуа адырраҭарақәа. Ацентр адырраҭарақәа рыла, 2012 шықәсазы 500-ҩык рыла иацлазҭгь, аҵыхәтәантәи жәашықәса раахс ауааҧсыра рхыҧхьаӡара иагхо иалагеит, 2022 шықәсазы уи наӡеит 1200-ҩык рҟынӡа.

Аҧснытәи аҳәынҭуниверситет амилаҭтә економика акафедра адоцент Хаҭуна Шаҭиҧа Аҧсны адемографиатә ҭагылазаашьа апроблемақәа дрылацәажәеит, астатистикатә дырраҭарақәа аалгеит. «Ҳколлектив аибашьра ашьҭахь Аҧсны имҩаҧысуа асоциал-економикатә процессқәа рыҭҵаара иаҿуп. Ҳусумҭақәа рылҵшәақәа иаҳдырбоит системала адемографиатә проблемақәа шыҟоу, урҭ Аҧсны економикала аҿиара мацара акәымкәа, абызшәа, акультура, аҳәынҭқарра, иааидкыланы ҳажәлар рхеиқәырхара ашәарҭа иҭадыргылоит. Аҵыхәтәантәи 10 шықәса рыҩнуҵҟала ҳҳәынҭқарра иааизакны аҩнуҵҟатәи аалыҵ иазҳаит 15 миллиард мааҭ рыла, убри аамҭазы Аҧсны ауапаҧсыра рхыҧхьаӡара иахьацлаз 1,75 % заҵәык рыла ауп, даҽакала иуҳәозар – 4220-ҩык.

  • Аҭоурыхтә дацҧашәқәа

– Ҳәарас иаҭахузеи, адемографиатә проблемақәа аҭоурыхтә дацҧашә ҵаулақәа рымоуп, – лҳәеит лара. – Зегьреиҳа ихьамҭаӡоу даҟьахеит ҳажәлар шҳәыҧкыз Османтәи аимпериахь ианыхдырҵәоз 19-тәи ашәышықәса. Сталини Бериеи рхаан харада ахара рыдҵан ҩнызқьҩык инареиҳаны, урҭ рахьтә 52% ҭадырхеит. Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду иалахәын 15,5 % аҧсуаа, дарбанзаалак ахҧатәи дҭахеит. Аха аҧсуаа ргенофонд ашьапы иқәызҟьаз акакәхеит 1992-1993 шықәсқәа рзы Аҧсны жәлар Рџьынџьтәцылатә еибашьра, убасҟан 3 нызқьҩык рҟынӡа Аҧсадгьыл ахьчаҩцәа, аҭынч уааҧсыра, ахәыҷқәа ҭахеит ҳадгьыл аҿы ицоз аибашьра иахҟьаны. Абасала аибашьра ашьҭахь адемографиатә тыша ахықәахь ҳнеит.

  • Аира аасҭа аҧсра

Хаҭуна Шаҭиҧа дрылацәажәеит Аҧсны адемографиатә ҭагылазаашьа хаха иаҧшьу проблемақәак. Актәи – аира аасҭа аҧсра еиҳахеит. Аҵыхәтәантәи 10 шықәса рыҩнуҵҟала аира акоеффици ент иартәон 7,2 промилле, уажәы – 5,2 промилле. Аофициалтә статистика иаҳнарбоит аира ҩынтә рыла егьаагымхо ишылаҟәыз. 2022 ш. азы бжьаратәла Аҧсны есымша рыҧсҭазаара иалҵуеит 6-ҩык инадыркны быжьҩык рҟынӡа. Жәашықәа уажәаҧхьа аҟаҵарбақәа еиҳа еиҵан – 4-ык инадыркны 5-ҩык рҟынӡа. Аҩбатәи – ишыхәыҷу иҧсуа рхыҧхьаӡара ахьырацәахаз ауп. Ииз 1000-ҩык рахьтә аҧсра акоеффицент иартәоит 8,5 %, Европа атәылақәеи Урыстәылеи рҟны акәзар – 4-4,5 %

  • Қәрала аиҧшымзаара

Ахҧатәи – қәрала аиҧшымзаара ауп, уигьы улахь еиқәнаҵоит. Абиҧара еиҳабыра идыртәоит 23,5 %, ахәыҷқәа-ахбыџцәа ракәзар – 17,2 %. Абасала, атәанчаҩцәа рхыҧхьаӡара еиҳахеит аекономика знапалаку раасҭа, 48,5 нызқьҩык атәанчаҩцәа – аус зуа 42 нызқьҩык. Аҧшьбатәи – арепатриантцәа рырхынҳәразы апрограмма лҵшәа дук ахьаиуз ауп. Аҵыхәтәантәи хәышықәса рыҩнуҵҟала Аҧсныҟа ихынҳәыз 772-ҩык арепатриантцәа роуп. Абри апрограмма иамаз агха-ҧхақәа аабеит 2015 шықәсазы имҩаҧгаз асоциалтә зҵаарақәа рҿы. Убасҟан ахшара дзаурц зылшоз иразҵаан, урҭ рахьтә 1% заҵәык арепатриациа ҳхыҧхьаӡара иацызҵо демографиатә лшарамчны аӡбахә рҳәеит.

  • Ақыҭахьтә – ақалақь ахь

Ахәбатәи – аҩнуҵҟа, адәныҟа амиграциатә процессқәа, даара иҵоурам аҟазшьа шьҭызкааз. Ҳара иҳамоуп хар змам амҩақәа, ирҽеиу, еиҭашьақәыргылоу ашколқәа, урҭ рахьтә џьара-џьара 12-ҩык арҵаҩцәа аус руеит, аҵаҩцәа – 11-ҩык. Ақыҭақәа ааныжьны, ақалақь ахь аиасра ҳадгьылқәа рҭацәрахьы икылнагоит, иаҳҭахы-иаҳҭахым. Адәныҟатәи амиграциа акәзар, ҳашколқәа роушьҭымҭацәа ахҧатәи рыхәҭа есышықәа Аҧсны аанрыжьуеит – анҭыҵҟа аҵаразы ицоит. Иҳамаӡам дырраҭара ҵабыргк, урҭ рахьтә шаҟаҩы рыҧсадгьыл ахь ихынҳәуа атәы зҳәауа. Ҳара ҳазгәаҭарақәа рыла, иаҳҳәар ҳалшоит аиҳараҩӡак рыҩныҟа ишыхнымҳәуа. Мзызсгьы иамоу атәылаҿы аусурҭадара аҩаӡара ахьыҳараку ауп. Амҩаҿы амашәырқәа, аҽшьрақәа, анаркотикқәа рыдкылара иара убас адемографиатә ҭагылазаашьа еицәарымтәызар, ирзеиҕьтәуам. Жәашықәса рыҩнуҵҟала анаркотикқәа ирыдҳәалоу ацәгьоурақәа аоцициалла хәынтә рыла ишьҭыҵит.

  • Хҩык инадыркны ааҩык рҟынӡа

Аҧсуаҭҵааратә институт аетнологиа аҟәша аҭҵаарадырратә усзуҩ Асҭанда Ҳашба ишьҭылхит атәылаҿы ахшарарацәа рымазаара аҩаӡара алаҟәра ишаҿу атема: «Иҳаҩсыз ашәышықәса 60-тәи ашықәсқәа раан Абҕархықә, Аҷандара, Оҭҳара, Жәандәрыҧшь, Аацы, Џьырхәа реиҧш иҟоу ақыҭақәа рҿы хҩык инадыркны ааҩык рҟынӡа ахәыҷқәа зааӡоз аҩнаҭақәа рацәан. 70-тәи ашықәсқәа инадыркны ахшара рацәа змаз аҭаацәарақәа рхыҧхьаӡара иаақәырҵәиааны илаҟәуа, еиҧхьбауа иалагеит. Убри инаваргыланы, ахшара змамыз аҭацәарақәа рхыҧхьаӡара иацлеит. Абарҭ ақыҭақәа анҭаҳҵаауаз, еилаҳкааит абасеиҧш аҟаҵарбақәа рзы раҧхьатәи мзызны ишыҟалаз ахәыҷқәеи аҳәсеи аҵарадыррахь рхы дырхо иахьалагаз, аҩбатәи – амиграциа, хьыӡҳәала акәзар, ақыҭауаа ақалақь ахь риасра. Асовет аамҭазы ақыҭақәа рҿы ауааҧсыра рацәаны инхон, убасҟангьы ауаа рҭыҧ рыҧсахуан, инеиҭаҵ-ааиҭаҵуан, аха уи амҽхак ҭбаамызт уажәеиҧш». Аҵыхәтәантәи жәашықәса рыҩнуҵҟала аира шмаҷхазгьы, хҩык инадыркны хәҩык рҟынӡа ахәыҷқәа зааӡауа, ахшара рацәа змоу аҭаацәарақәа рхыҧхьаӡара аизҳара иаҿуп»,– иазгәалҭеит лара. 2009 ш. азы ахшара рацәа змоу аҭаацәарақәа 2864 ыҟазҭгьы, уажәы 5567 ҭаацәара ыҟоуп. Ҳашба лажәақәа рылап, аҳәынҭқарраҿы адемографиатә ҭагылазаашьа иаҧышьклаҳәуа акакәны иҟоуп аҭаацәара қәыҧшқәа анхарҭа ахьырзымхо.

  • Москвантәи агәаанагара

Адемографиеи, амиграциеи, арегионтә ҿиареи Ринститут аЗгәаҭаратә хеилак ахантәаҩы Иури Крупнов игәаанагарала, адемографиатә проблемақәа рыӡбаразы аҳәынҭқарра ахахьы иагароуп ахшара рацәа змоу аҭаацәарақәа ирзыҟарҵо ацхыраара ацҵара. «Сгәаанагарала, ацхыраагӡақәа ршәагазага иацышәҵароуп. Шәареи ҳареи ҳлаҧшхырҧаҩцәаны ҳхы ҟаҳамҵап, иагьеилаҳкаароуп ацхыраагӡақәа рыцҵара аҭагылазаашьа шазымҧсахуа, мацәысеимҟьараҵас апроблемақәа зегьы рҭыҧ ишзықәнамҵо. Аха шьаҭак, уасхырк ыҟамкәа адемографиа алацәажәара залшом», – иҳәеит иара. Уи игәаанагарала, адемографиатә мҩа аҧшаара иалархәтәуп аҵарауаагьы, амчра ахаҭарнакцәагьы. «Иахьатәи ҳвидеоконференциа, сызлахәаҧшуала, хҭыс шьахәуп. Адемографиатә проблема аӡбара – ари аҧсҭазаареи ахеиқәырхареи ирымҩоуп», – иазгәеиҭеит Иури Крупнов. Уи изызхәыцтәу жәалагалакгьы ҟаиҵеит ахшара маҷ змоу змоу рзы: мызкы мааҭк рхырхларц ҩыџьа змоу, ҩ-мааҭк – аӡәы дызмоу, хә-мааҭк – аӡәгьы дызмам. Абригьы аҳәынҭқарра аполитика ахымҩаҧгашьа узырбо форма ҷыдахон.


Акьыҧхь иазирхиеит Борис Қаџьиа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me