Мшаҧы 29, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Зыбжьы ухнахуа «Анатрио»

Абаҩхатәра ссир злоу, х-ҩык арҧарцәа еидызкыло агәыҧ «Анатрио» шьақәгылеижьҭеи рацәак ҵуам. Аха ари агәыҧ иалоу арҧарцәа: Алхас Ферзба, Нугзар Какалиа, Алиас Абыхәба бжьеинаалала еицынарыгӡо ашәақәа аамҭа кьаҿк иалагӡаны иргәылархалеит, гәыблыла ирыдыркылеит ҳауаажәлар. Шамахамзар агәыҧ «Анатрио» алахәылацәа рынагӡашьа ихнамхыз, згәаҵаҿ имнеиз дыҟам.

Зыӡбахә ҳамоу ашәаҳәацәа, артистцәа, аҟазараҿы зхатә ҭыҧ ҷыда аанызкыло иреиуоуп.

Алхас Ферзбеи Нугзар Какалиеи, Аҧсны еиҧш, уи анҭыҵгьы еицырдыруа оператә шәаҳәаҩцәоуп. Аҩыџьегьы рҵара хдыркәшахьеит П.И.Чаиковски ихьӡ зху Москватәи аҳәынҭққарратә консерваториа аҟны.

Алхас Ферзба акырынтә Аҧсны ахьыӡ ҭыго иҽрылаирхәхьеит, изныкымкәан аиааирақәагьы игахьеит еиуеиҧшым Жәларбжьаратәи афестивальқәеи аконкурсқәеи рҟны. Акырынтә ибаҩхатәра дырбо дықәгылахьеит Урыстәыла аконцерттә зал дуқәа рҟны.

Солистс дыҟан Москватәи Аҳәынҭқарратә Академиатә филармониа аҟны, иара убас П.И.Чаиковски ихьӡ зху Москватәи Аҳәынҭқарратә консерваториа аоператә театр аҟны. Иахьа солистс аус иуеит Р.Гәымба ихьӡ зху Аҧснытәи аҳәынҭқарратә филармониеи Аҧсны аҳәынҭқарратә хортә капеллеи рҟны, уи инаҷыданы авокал арҵаҩыс аус иуеит  А.Чычба ихьӡ зху Аҧснытәи аҳәынҭқарратә музыкатә ҵараиурҭа аҟны.

Нугзар Какалиа иакәзар, 2016 шықәса раахыс Аҧснытәи аҳәынҭқарратә музыкатә ҵараиурҭа аҟны авокал аҟәшаҿы иҧышәа рымаидоит уахь зшьаҿа еихызго, абаҩхатәра злоу аҿар. Уи инаҷыданы Аҧснытәи аҳәынҭқарратә филармониеи Аҧснытәи аҳәынҭқарратә хортә капеллеи рҿы, шәаҳәаҩуп.

Жәлар рашәаҳәареи рыкәашареи зҽаҧсазтәыз Аҳәынҭқарратә ансамбль аҟны зҟазара хацзыркыз, раҧхьа шәаҳәаҩыс, иахьа хкынагаҩыс иҟоу, иара убас 2020 шықәса раахыс Аҧснытәи аҳәынҭқарратә хортә капелла ахкынагӡаҩ, абаҩхатәра бзиеи абжьы ссири зхоу Алиас Абыхәба рацәак ҵуам аррамаҵзура аганахьала иусура ааныжьны, дхәыҷаахыс бзиа иибоз, дызлааӡаз, игәы ззыҳәоз аҟазарахь дхьаҧшижьҭеи, диасижьҭеи. Аамҭа кьаҿк иалагӡангьы аҟазараҿы аихьӡарақәа раарҧшра илшеит.

Агәыҧ «Анатрио» еиднакыло агазеҭ «Аҧсны» аредакциа ахь аиҿцәажәараз ааҧхьара анраҳҭоз, Алхас Ферзба аҭел ҳаизасит иҩызцәеи иареи ҳзааирц, уи аамҭазы, аиҿцәажәара аҿы мацара ҳаиқәшәара ахыркәшара ҟамларц азы, «иауазар агитарагьы шьҭышәх, ашәакгьы хааӡа иаҳзышәҳәап» - ҳәа аниаҳҳәа,  «Ҳабжьы агазеҭ ианылаӡомеи?!», – иҳәеит лафшақә. Ҳшақәымгәыҕуаз, иҩызцәеи иареи ҳажәа ҩбамтәкәан ҳгәаҳәара нарыгӡеит. Ҳаиҿцәажәара даара аинтерес аҵаны имҩаҧысит, арҧарцәа рыхҩык аӡәи-аӡәи хеибарҭәаауа, уи аамҭазы, хаҭала, аӡәы ихы ӡырымго, досу иҩыза ибзарӡы ҳәо, даара ҳаҭыр еиқәҵаны, еизыҧшуа иҳацәажәон.

Аиашазы, арҧарцәа рыбжьқәа еинаалоит, аҧышәа змоу рҿиаҩцәоуп, аҟазара еиднакылоит, хықәкысгьы ирымоу аҧсуа ашәақәеи, аҟазареи рӡыргара, рынагӡара ауп. Аха уи инаҷыдангьы уаҩышьалагьы еинаалоит. Ҳәоу еиқәшәала  рырҿиаратә усура алҵшәа бзиа шамоу мҩашьарада уаҩы ибартә иҟоуп.

Ҳаиҿцәажәара хацыркуа Алхас Ферзба иазгәеиҭеит, Нугзар Какалиеи иареи еибадыруеижьҭеи акыр шҵуа.

«Сара сеиҳа шықәсқәак деиҳабуп аҟнытә, аҵара ахьысҵоз аконсерваториа, сара саҧхьа ихыркәшаны Аҧсныҟа дхынҳәхьан Нугзар Какалиа. Сара Аҧснытәи аҳәынҭқарратә музыкатә ҵараиурҭа авокал аҟәша аҟны аусура саналагоз ари аҟәшаҿы ҳаиқәшәеит. Авокал арҵаҩцәас ҳусура анхацыркха ауп ҳарҿиарагьы ашьшьыҳәа, ҭынч, ҽмыршьыгала ари аҵараиурҭа аҟны ахы аныҵнахызгьы. Раҧхьа – аамҭа анҳамаз, ҳабжьқәа даара еинаалоит азы, гәыҧсыршьагас ашәа еицаҳҳәалон Нугзари сареи. Анаҩс, даҽа бжьык ацзар агәыҧ алҵрын ҳәа ҳазхәыцит. Уи акәхеит, ахҧатәи – иаҳнаалоз абжьгьы ҳаҧшааит. Уи, Нугзар Какалиа авокал  аҟәшаҿы аҵара зирҵоз, ари аҵараиурҭа хзыркәшаз ҳҩыза, асолист Алиас Абыхәба ибжьы акәхеит», – дҳацәажәон Алхас Ферзба.

«Хықәкы хадас иҳамоу, ажәытә аҧсуа ашәақәа, шьаҭанкыла имҧсахкәан, аҧсуа цәа рыҟәну иааныжьны, аха убри аамҭазы ирҿыцны, аҿар азхьаҧшыртә еиҧш, ҳаамҭа иақәшәо, бжьаратәла ҳазнеины, аестрада ианаало, уахь ииаганы рынагӡара ауп. Еиҳаракгьы урҭ реиқәырхара, рмырӡра ҳазхьаҧшуеит. Ҳрепертуар аҟны иҟоуп 40 инарзынаҧшуа ашәақәа, урҧ рахьтә иҟоуп аиталиани аиспани бызшәақәа рыла инаҳагӡо ашәақәагьы. Аха еиҳарак хырҩа заҳҭо, имыӡырц, иҿиарц ҳзызгәышьуа ажәытә аҧсуа ашәақәа роуп», – иҳәеит «Анатрио» ацәаҳәаҩцәа ируаӡәку Алхас Ферзба.

Агәыҧ «Анатрио» асолистцәа ҳаиҿцәажәараан еицҿакны иазгәарҭеит, аҧсуа ашәақәа рынагӡара ианалага, агәыҧ анеиҿыркаа ашьҭахь, ахьыӡ аҭарагьы азхәыцра ишалагаз, иагьшырыӡбаз рыхҩык рыхьыӡқәа излалаго, раҧхьатәи анбанқәа рыла ашьақәыргылара. «Зынӡа имарианы иалҵит, «трио» – нацаҳҵан агәыҧ ахьӡ аахаҳарҭәааит», – иҳәеит А. Ферзба.

«Ҳахҩык ҳусеицура даара иманшәалоуп, ҳарҿиара иацу аҭакҧхықәра нагӡаны еилаҳкаауеит, ҳабжьқәа шеиқәшәо еиҧш, ҳҳәоугьы еиқәшәоит. Ашәақәа ралҧшаараҿы ҳаизхәыцны, иҭҵааны, иаҳнаалои иаҳнымаалои гәаҭаны иалаҳхуеит. Ашәақәа рҭаҩра, абжьы аус адулара, аоранжировка аҟаҵара уҳәа агәыҧ асолистцәа ҳамчала еиҿаҳкаауеит. Абраҟа инаҵшьны иазгәасҭарц сҭахуп Аҧснытәи аҳәынҭқарратә филармониа аҟны аҽазыҟаҵарақәа мҩаҧаагартә аҭагылазаашьа бзиа шаҳзаҧиҵаз уи аиҳабы Русла Ҳаџьымба.

Ас еиҧш ахылаҧшреи агәцаракреи агәыҧ «Анатрио» иалоу ҳзы акыр аанагоит», –  дҳацәажәон Нугзар Какалиа.

Имҳәакәан авсшьа амам, ааигәа, Аҧснытәи аҳәынҭқарратә филармониа аҟны ишымҩаҧгаз, агәыҧ «Анатрио» раҧхьатәи аконцерт. Қәҿиара бзиала имҩаҧысыз аконцерт аҟны инагӡан еиуеиҧшым аамҭақәа рзы аҧсуа шәаҳәацәа инарыгӡоз, еицырдыруа, бзиагьы еицырбо, аиҳабыратә абиҧарақәа злааӡоу ахитқәа.

Иҩызцәа ашәаҳәацәа раасҭа раҧхьатәи реицықәгыларақәа, асценахь рцәырҵра агәыхыҭ-хыҭра шизацыз азгәаҭо, Алиас Абыхәба ҳаиҿцәажәараан иҳәеит, аҟазара дахьазыхынҳәыз, уахь имаз агәаҳәара ахьынаӡаз насыҧс ишишьо.

«Хаҭала, «Анатрио» агәыҧ аиҿкара анаҧшьырга Аҧснытәи аҳәынҭқарратә музыкатә ҵараиурҭа аҟны авокал арҵаҩы Нугзар Какалиеи, иара уи аҵараиурҭа аҟны хаҭала издырыз Алхас Ферзбеи «Убжьы ҳнаалоит, агәыҧ аҿы ашәа ҳацҳәара уақәшаҳаҭума» – ҳәа ансыдыргала, ҳәарада, гәаҳәара дула исыдыскылеит, сагьақәшаҳаҭхеит. Аиашазы, насыҧс исшьоит сара сеиҳа абаҩхатәреи аҧышәеи змоу, шықәсылагьы исеиҳабацәоу ашәаҳәацәа ҟазацәа гәыҧк аҿы ашәа рыцысҳәартә аҭагылазаашьа Анцәа иахьсаҭәеишьаз». – Абас иҩызцәа дрызгәдуны дҳацәажәон Алиас Абыхәба.

Иахьа, аҟазара ахырхарҭа алызхуа ауаҩы, игәы каршәны, ирҿиара, иҟазара аизырҳара дазхәыцуа, имч-илша зегь уи иазкны аус иуртә аҭагылазаашьа ыҟамзаргьы, «Ауаҩы бзиа иибо аус даҿызароуп, изанааҭ ала аус иуазароуп» – ҳәа иҳацәажәон ашәаҳәацәа.

«Аҟазара – ари  амал ахьурҳаша ҭыҧым, хаҭала ҳтәылаҿы аҟазарала зхы ныҟәызго рыҧшаара уадаҩуп. Рыцҳарас иҟоу, аҟазара цқьа ахаҭабзиара ҳаракны еиқәхарц азы аҟазарауаҩ ҩыџьара-хыџьара ахныҟәгаразы инаигӡо аусура даҟәыҵны,  иалихыз ахырхарҭала мацара – ҭыҧк аҟны аус иуртә аҭагылазаашьа имазароуп. Ус еиҧш аҭагылазаашьа аҧҵара  иацхраауазароуп атәыла анапхгара», – игәаанагара ҳацеиҩишеит Алхас.

Ҳаиҿцәажәара ахыркәшамҭаз «Анатрио» ашәаҳәаҩцәа рыгәҭакқәа маҷымкәан ишрымоу ҳарҳәеит. Урҭ ируакуп «Анатарио» аҩбатәи концерт амҩаҧгара. Егьырҭ рыгәҭакы лашақәа, макьана акьыҧхь аҟны иаҳмырбарц иҳаҳәеит. Иаҳзеиҭарҳәаз рыгәҭакқәа дареи ҳареи ҳабжьара имаӡаны иаанхарц азы, ҳаиҿцәажәара ахыркәшара ашьҭахь иаҳзынарыгӡаз ашәақәа, зегь ргәы зырҧхаз даҽа лирикатә ашәакгьы рыцлар акәхеит. Агазеҭ «Аҧсны» аредакциа аусзуҩцәа рзы агәыҧ инарыгӡаз ашәақәа иаҳзынрыжьыз агәалаҟара   хашҭра ақәымкәа иаанхоит.


Алиса Гәажә-ҧҳа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me