Зымҽхак ҭбааз аҟаза ду

40 шықәса рыҩнуҵҟала, аԥсуа сцена аҟны 70 инарзынаԥшуа еиуеиԥшым ахаҿсахьақәа аазырԥшхьаз, зҟазареи зхаҭареи ҳаракыз ауаҩы аамысҭашәа, Аԥсны жәлар рартист, «Ахьӡ-Аԥша» аорден аҩбатәи аҩаӡара занашьоу Шалуа Ҷыф-иԥа Гыцба иахьа иԥсы ҭаны ижәлар дрылагылазҭгьы 90 шықәса ихыҵуазаарын.

1960-тәи ашықәсқәа рзы Ш.Русҭавели ихьӡ зху Қарҭтәи атеатртә институт аҟны иҵара хыркәшаны Аԥсныҟа даныхынҳә, С.И.Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр аҟны иактиортә усура хациркуеит. Актиорцәа хатәрақәа, аԥсуа театр акорифеицәа: Шә́арах Ԥачалиа, Азиз Агрба, Леуа Касланӡиа, Минадора Зыхәба, Разынбеи Агрба, Анна Аргәын-Коношок уҳәа иаарыҵагылаз абиԥара ҿа дыруаӡәкын Шалуа Гыцба.
Актиор еилых ҟамҵакәан, идыргалоз арольқәа зегьы гәык-ԥыкала дазнеины, игәаҵанӡа инаганы зхаҿсахьа наигӡоз иԥсҭазаара, иҟазшьа инырны, ихы-игәаҿы инаганы баҩхатәрала рынагӡара еснагь дазхиан. Уиижьҭеи акыр аамҭа шцахьогьы, ирацәаҩуп Ш.Гыцба ҟазара ҳаракыла инаигӡахьаз ахаҿсахьақәа иахьагьы изгәалашәо, уи иахаану.

М.Лакрба иҩымҭа «Данаҟаи» иалху аспектакль аҟны Заур ироль наигӡон, Д.Гәлиа иҩымҭа иалху «Анаурқәа» аҟны – Гәыдым ироль, Ш.Габуниа иҩымҭа «Амра агыламҭаз» аҟны ихадоу ароль наигӡон, Б.Шьынқәба иҩымҭа «Ацынҵәарах» аҟны – Кьарантыхә, «Ахра ашәа» аҟны – Марыҭхәа, Ф.Шиллер иҩымҭа «Дон-Карлос» иалху аҟны – Маркиз Деноза, А.Чехов иҩымҭа «Амшә» аҟны уҳәа 40 инарзынаԥшуа арольқәа инаигӡахьаз рахьтә (аепизодқәа уахь иаламҵакәан), ҳаиҿцәажәарақәа раан изныкымкәан Шалуа Ҷыф-иԥа Гыцба иазгәеиҭахьан, еиҳа игәы зызҭаз, иаликаауаз, 22 аншлаг зауз Федерико Гарсиа Лорка иҩымҭа иалхыз аспектакль «Ишьаарҵәыроу ачара» шакәыз.

Зҟазара амҽхак ҭбааз актиор, аԥсуа сцена аҟны ахаҿсахьақәа раарԥшра инаҷыдангьы, аус иухьан напхгаҩык, арежиссиор-ақәыргылаҩык иаҳасабалагьы.
1974 шықәсазы Аҟәа еиҿкааз ахаԥшьгаратә коллектив аҟны аус иуан Ш.Гыцба. 1985 шықәсазы уи ибзоурала «Жәлар ртеатр» ҳәа ахьӡ ахҵан. Анаҩс К.Озган ибзоурала, ари атеатр Гәдоуҭаҟа ииагахеит, Ш.Гыцба напхгара зиҭоз 16-ҩык актиорцәа еидызкылоз атеатр, Гәдоуҭатәи аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр ҳәа хьӡыс иаманы, қәҿиарала аус ауан Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ҟалаанӡа. 8-ҩык Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр актиорцәа злахәыз Гәдоуҭатәи аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр актиорцәа зегьы, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ианалага, аԥсадгьыл ахьчараз абџьар шьҭырхит, реиҳараҩыкгьы рџьынџь аиқәырхара рхы-рыԥсы ақәырҵеит. Заԥхьаҟа зҟазарала ҳдоуҳатә культура зырбеиараны иҟаз актиорцәа ҿарацәа: Руслан Лагәлаа, Едуард Касланӡиа, Борис Инаԥшьба, Миро Адлеиба, Саида Делԥҳа рҭахара цәыӡ духеит. Атеатр анапхгаҩы Ш.Гыцба илымшеит актиорцәа гәымшәақәа, аҟазараҿы еиԥш, аԥсадгьыл ахьчараҿгьы аӡәы ишьҭахь имгылоз рылымкаа атеатр анапхгарахь ахынҳәра. Уи ари ахьаа, агәырҩа ихатәык еиԥш идикылеит.
Анаҩс, 1998 шықәсазы, Шә.Ԥачалиа ихьӡ зху Тҟәарчалтәи аҳәынҭқаратә комедиатә театр аҟны анапхгаҩыс Ш.Гыцба иусура ашықәсқәа ракәзар, имариамыз, иуадаҩыз аамҭан. Аха актиор иԥышәеи ибаҩхатәреи ирыбзоураны атеатр аҿиара амҩа аҽарҭбааит, аҟазара аҩаӡара шьҭнахит. Ш.Гыцба 10 шықәса напхгаҩыс ари атеатр аҟны иусура аамҭазы ауп иҳәынҭқарратә театрны ианыҟалагьы.

Аԥсны жәлар рартист иактиортә ԥсҭазаара, уи дызнысыз амҩа мариамызт, аха аҵыхәтәанынӡа иԥсеиԥш бзиа иибоз аҟазара дазааԥсон, амаҵ азиуан.
Аҵыхәтәантәи аамҭазы, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә аҿар ртеатр аҟны режиссиорс иусура аан хаҭала ахаҵареи, агәымшәареи аԥсуа жәлар рхымҩаԥгашьа, рыбзазашьа уҳәа аазырԥшуа аспектакльқәа маҷымкәан иқәиргылеит. Урҭ ируакуп, лассы-лассы аԥсуа драматә театр асцена аҟны ахәаԥшцәа ҿыцбарах ирыдыркыло аспектакльқәа: А.Мықәба иҩымҭа иалху аспектакль «Қьалышьбеи», М.Ақаҩба ипиеса иалху аспектакль «Инаԥҳа Кьагәа».

2016 шықәсазы иҭыҵыз агазеҭ «Аԥсны» аномерқәа руак аҟны «Актиор иԥсы ахьынӡаҭоу дактиорзароуп» зыхьӡу астатиа аҟны ҳаиҿцәажәараан Ш. Гыцба изанааҭтә ҟазара дахьазааҭгыло ацыԥҵәаха аҟны иҳәоит: «Хаҭала сара сызҵаз-куа абиԥара насыԥ змоу актиорцәаны ҳхы ҳаԥхьаӡартә ҳаҟоуп, сара сназлоу ԥыҭҩык аԥсуа актиорцәа 20 шықәса иаҳцәыӡыз аамҭа алаҳамҵозар, еиҳа арҿиаратә гәацԥыҳәара анҳамаз, иреиӷьыз ахаҿсахьақәа раарԥшра анҳалшоз аамҭазы атеатр, асцена ҳаҟәыҭханы ҳаҟан. Аха, хаҭала, сара сактиортә ҟазараҿы, иага уадаҩра сԥылазаргьы, сыԥсҭазаара уи иазыскит, ахаангьы сахьымхәӡацт. Актиор иԥсы ахьынӡаҭоу дактиорзароуп, иага уадаҩра иԥыларгьы, уи изы актиортә ҟазара, актиортә ԥсҭазаара раԥхьа игылазароуп».
Аиашазы ус егьыҟан, егьымҩасит аҟазара зыԥсы аҿҳәараз актиор иԥсҭазаара.

Ш.Гыцба насыԥ змаз артистын, актиортә ҟазара аҿеиԥш иҭаацәаратә ԥсҭазаараҿгьы насыԥ змаз уаҩын. Уи иҭынхеит аҭаацәара бзиа. Иԥшәмаԥҳәыс занааҭла ирҵаҩу Раиа Цкәиаԥҳаи иареи рыхҩы ԥҳацәа: Аида, Асида, Алиса Гыцԥҳацәа рыжәлар хьыӡла-ԥшала ирылагылартә ааӡара бзиа рырҭеит.
Аиҳабы Аида аус луеит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны, афизика-математикатә ҭҵаарадыррақәа дыркандидатуп. Агәыбжьанытә Асида, лхатә ҩыза Аԥсны ахақәиҭра ихы ақәиҵеит, ҩыџьа ахшара дрануп. Аус луеит Аԥсны «Акьыԥхь аҩны» аҟны.
Аиҵбы Алиса Гыцԥҳа Аԥсны жәлар рартист, Урыстәыла зҽаԥсазтәыз артист. «Ахьӡ-Аԥша» аорден аҩбатәи аҩаӡара занашьоу, Аԥснеиԥш анҭыҵгьы деицырдыруеит лбаҩхатәра ҳарак ала, аԥсуа жәлар даҳгәадуроуп.
Аԥсуа милаҭтә ҟазараҿы зхатә ҭыԥ ҷыда аанызкылаз, зышьҭа мыӡуа ианызҵаз, инзыжьыз Аԥсны жәлар рартист «актиор иԥсы ахьынӡаҭо дактиорзароуп» – ҳәа ииҳәаз ажәақәа ирыцҵо иаҳҳәар ҳалшоит, уи ахааназгьы даанхоит зҟазара ҳаракыз актиорны аус ицызуаз, дыздыруаз, ирҿиара ҳаҭыр ақәызҵоз зегь рзы.

Алиса Гәажәҧҳа

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me