Аҭоурых иазынижьырц...

Ажьиба Валера Зосим-иԥа еилҟьаз, иҵаулаз, еснагь иҿыцыз акы иазхәыцуаз, ирацәаны ашәҟәқәа ирыԥхьоз, аҩызцәа рацәаны измаз арԥысын. Ихәыҷра ашықәсқәа иаб иқыҭа Мгәыӡырхәа иадҳәалан. Ашкол аҟынтә аԥсшьара мшқәа шыҟалалак иаҳәшьаду (иаб иаҳәшьа) Наташа лахь даауан. Ақалақь аҟны изызҳаз диеиԥшӡамызт, иаҳәшьаду длывагыланы длыцхраауан, нас ахәылбыҽха уаҟа адәы ԥшӡаҿы ампыл асра иҽалаирхәуан. Акиносахьа ҳахәаԥшуашәа уи ихәмаршьа ҳазҿлымҳан, ҳахәаԥшуан. Иқәлацәа ампыл асраҿы еиҳа иманшәаланы ишастәу дирбон…

Еснагь Валера изԥшын, рыԥсы илан. Аҟәантә Мгәыӡырхәаҟа данаауаз ача, иара убас ахаа-мыхаақәа рацәаны иаҳзааигон… Аҳабла Аԥцхәа ҳәа иахьашьҭоу адәқьан ыҟаӡамызт. Ҳазегьы ҳгәырӷьаҵәа изыԥшыз акака ҳаиҭон… Усҟан ҽеишәа иаҳзеилымкаауаз, аха иахьа ибзианы иаҳгәалашәо ицәажәашьа, ихымҩаԥгашьа, аҩызцәа рзы игәы аҭбаашьа, ауа-агәыцхәы рыцхраара, уи наӡаӡа ҳахдырраҿы иаанхеит.

Ажьиба Валера Зосим-иԥа диит Аҟәа ақалақь, амаҵурауаа рҭаацәараҿы 1965 шықәса инаркны 1975 шықәсанӡа А.С.Пушкин ихьӡ зху Аҟәатәи аҩбатәи абжьаратә школ аҟны аҵара иҵон. 1977-1980 ш. арратә уалԥшьа Москва азааигәара, ақалақь Монино аҟны ихигон. Уи ашьҭахь Саратовтәи арадиотехникум дҭалоит, ибзиаӡаны дагьалгоит. Абраҟа, анаукатә ҭҵаарақәа ринститут аҟны апрактика дахьахысуаз еибадырит аԥҳәызба Вера Коновцеваи иареи. Реибадырра аҭаацәара бзиа алҵит.
Ажьиба Валера бжьышықәса анихыҵуаз иаб иаалырҟьаны иԥсҭазаара далҵит. Иаҳәшьа хәыҷы дмиӡацызт. Абас, дышхәыҷыз аԥсҭазаара ауадаҩра дналагылеит. Абыда азҳара амчымхара иацыз зегьы дагәылаԥшит. Иан Клеопатра Алеқсандр-иԥҳа Диневскаиа аус луан, иара аҩны иҟаиҵашаз аныҟаиҵалак, рыҵаҟа иҟаз абиблиотека аҟны дтәаны ашәҟәқәа дрыԥхьон. – Шамахамзар, – лҳәеит иԥшәма Вера, –дызмыԥхьац шәҟәык ыҟамызт. Иажәа ԥшӡан, ихәыцра ҵаулан, иара идырра еснагь иациҵон, дахьыҟазаалак ашәҟәқәа ааигон, уи ибиблиотека дун…
Ажьиба Валера иан дылзааигәан, длыцхраауан, лылмкаа акрифаӡомызт. Иаҳәшьа Альдонеи иареи еснагь ран лааигәара иҟан.– Ҽнак димбар изычҳауамызт, Валера еснагь игәы иалан иаб ақәра маҷны иниҵит ҳәа, ихаҭагьы иаб иқәра рацәак дзахымсит.

Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ианалагоз Валера иԥшәма Вера Аҟәа «Сухумприбор» аус луан. Лара Саратовтәи аполитехникатә институт доушьҭымҭан. Валера Аҟәа ақалақь ажәытә ҳаблаҿы ауада иман. Иани иаҳәшьеи Аҟәа ақалақь агәаҿы раб иуадақәа рҿы инхон. Валера аибашьра акыр ишадхалоз ицәа иалашәахьан. Иаҳәшьеи иԥшәмеи иԥҳа хәыҷы Адрианеи цәыббрамза жәаба рзы Саратовҟа Вера лҭаацәа рахь идәықәиҵеит. Иара иан длыдхалеит. Иага ҟаиҵандазгьы лыԥсҭазаара абжа ахьылхылгаз ақалақь аанылмыжьит. Иан игәы дшыҵхоз Гәдоуҭаҟа, иашьцәа рышҟа даауеит. 

Ажьиба Валера аибашьра иалагаанӡа аԥсуа телехәаԥшраҿы видео-нџьнырс аус иуан. Уи иҩызцәа иҳәеит аусурахь днеирц, аха иара Аҟәа ирласны аҭарцәра акәын ихы иҭаз. Аибашьҩы, апоет Енвер Ажьиба иҩуеит: – Аибашьра ишалагазҵәҟьа, ателехәаԥшреи арадиодырраҭареи ирыдҳәаламыз ауаа рхы ианадырхәалоз, уи азҟаза Валера абџьар шьҭихырц иӡбеит, иара убас аамҭалагьы арратә корреспондентс дҟаларц. Уи ибзиаӡаны идыруан, аибашьратә ҭоурых иашаҵәҟьа ааныжьразы аԥхьатәи ацәаҳәаҿы аҟазаара шаҭахыз, абла иабоз ахҭыс шҵабыргхоз.

Валера аибашьраан иабџьари иҭыхга камереи иманы Гагратәи ахырхарҭахь дцеит. Уи ашьҭахь Гәымсҭатәи ахырхарҭахь диасит. Раԥхьатәи ахәра Гәыматәи абҵаратәи ажәылараан иоуит. Ахы ишьапы иақәшәеит. Уи уаанӡагьы ихьуан, ашьапылампыл данасуаз ааха ӷәӷәа аиухьан. Раԥхьа Гәдоуҭатәи агоспиталь аҟны дԥырҟеит, аха еиҭа аԥҟара анаҭахха, уи иԥшәма Вереи иаҳәшьа Альдонеи Саратовҟа дыргеит. Уаҟа данԥырҟа хымз ишьапы дықәгылар шыҟамлоз иарҳәеит, аха иара аӡәгьы дизымӡырҩыкәан ҩымчыбжьа рышьҭахь Аԥсныҟа дхынҳәит. Ишьапы ақәыргылара ахьицәыуадаҩыз аҟнытә алаба икыр акәхеит. Усҟан Шамиль напхгара зиҭоз агәыԥ амрагыларатәи афронт ахь иҟан. Убри аҟы­нтә, уи далалоит Сергеи Матосиан напхгара зиҭоз абаталион.́
–Саратовҟа цәыббрамза хԥа рзы амҩа сықәлон. Изакәу сыздыруамызт, цәалашәара бааԥсык сыхон, сгәы хьамҭан. Валера иакәзар, дааҟәымҵӡакәан аҭаҭын дахон… Убас ҳаиԥырҵит… – илгәалалыршәоит иԥшәма.
Цәыббрамза жәеиза рзы –урҭ мҩаԥызгоз, – лҳәеит Вера, – аԥҳәыс еснагь зҵакы бзиаз асалам шәҟәқәеи, ателеграммақәеи ҳазналгон… Валера дышҭахаз атәы зныз аннеи уи аԥҳәыс илызцәырымгаӡеит… Дцәырымҵӡеит… Адриана хәыҷы лҵәыуабжьи лыӷзбжьи схашҭӡом… Цәыббрамза 1993 шықәса цәыббра 22 рзы, аҳҭнықалақь аҭарцәразы Учхоз ҳәа иахьашьҭоу аҭыԥала ижәылоз ҳаибашьцәа дрылагылан, убраҟа хаҵала дҭахеит.

– Аибашьраҿы аоператор есымшагьы ихьчам цәҟьароуп. Уи ус шакәу еиҭагьы Гагра ахақәиҭтәраан иааԥшит. Ажурналист гәлымҵәах Кәарҷелиа Анзор дҭахеит. Валера Ажьиба ӷәӷәала дхәын. Ахәышәтәырҭа ашьҭахьгьы уи ашьапықәгыларазы аамҭа рацәа аҭахын, аха иара илаба ааиҵаргыланы еибашьра дцоит.
– Валера иҭахара сааҭқәак шагыз, – иҩуеит Ажьиба Енвер, – ҳаиқәшәеит иареи сареи Гәымсҭа ахықәаҿы. Деиханы иҩызцәа рахь, Аҟәаҟа ихы рханы дцон. Ари аибабара иара изы ишҵыхәтәантәихоз ицәа иалашәаны дыҟазшәа, ҩ-кассетак ҭыхны инижьит. Сҩызцәа срыхьӡап ҳәаны днасԥырҟьеит… Уаҳа аилкааха сеимраӡеит урҭ акассетақәа ахьынижьыз, иззынижьыз… Иахьа уажәраанӡагьы Валера иҭыхымҭақәа ҳәа лымкаала, дырраҭарақәак шызымбогьы, агәра ганы сыҟоуп, урҭ еиқәхазар, аӡәыр инапаҿы иҟалазар, убарҭ роуп аҵабырг иашаҵәҟьа аазырԥшуа, урҭ зегьы аԥхьатәи ацәаҳәаҿы иҭыхуп… – иҩуеит Енвер.

Вера зыԥсадгьыл зыԥсы ақәызҵаз лыԥшәма жәеиза шықәсатәи реицынхара иацыз ауаҩреи аԥсҭазаареи лгәалалыршәон: – Сара еымша сыхәмаруа ус сҳәалон, хынтә хаҵа сцеит, рыхынтә сзыццазгьы аӡә иоуп ҳәа. Раԥхьа сара сҭаацәа ачара ҳзыруит. Аԥсныҟа ҳанаа Валера иан ачара луит. Уи ашьҭахь – Валера иаб дахьиз Мгәыӡырхәа ақыҭан… Валера Зосим-иԥа дахьцозаалакгьы иара ихазы акгьы дашьҭаӡамызт. Иара изы иан зегьы раԥхьа дгылан. Уи лышҟа имаз абзиабара ҭбаан, ицқьан. Еснагь лааигәара аҟазаара бзиа ибон. Иара иеиԥш ҳаргьы лара лзы ус ҳаҟан. Уи лԥазаҵә ихьаа лара лзы игәыҿкаагоуп, еснагь длызхаӡом…

Валера данҭаха иан Аҟәа дыҟан, дырзаамгаӡеит. Абас аҭагылазаашьа цәгьа ҳҭагылеит… Аха Валера иашьцәеи иҩызцәеи рыцхыраарала ҳшьапы ҳақәгылеит. Валера иԥҳа Адриана Москватәи аҳәынҭқарратә институт доушьҭымҭоуп. Дҭаацәароуп. Длымоуп аԥа, Павел ихьӡуп. Иахьа Валера иҩызцәеи иареи ззықәԥоз аҭынчра рымоуп.
Ажьиба Валера Зосим-иԥа Аԥсны Афырхаҵа ҳәа ахьӡ ҳаракы ихҵоуп. Мгәыӡырхәа ақыҭан анышә дамадоуп.

Гугуца Џьыкырба  

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me