Уаҟа Аԥсуа драма асахьаркыратә напхгаҩы А. Агрба иааркьаҿны аԥхьаҩцәа азҿлымҳахартә ирызнеигеит иаатуа атеатралтә сезон азы аԥсуа артистцәа аус адырулараны ишыҟоу – апиеса «Отелло» аспектакль ақәыргылара. Аҩымҭа ду аԥсышәала аиҭагара дшаҿу иара аԥсуа драма артист Иасон Ҷоҷуа.
Аԥсуа театр урҭ ашықәсқәа рзы рҿиаратә коллективк аҳасабала ашьақәгылара иаҿыз агәаӷьра иаадырԥшыз, иҟарҵаз ашьаҿа узеигәырӷьашаз аҭакԥхықәра ду зцыз лагамҭан.
Макьана традициа дук змамыз аԥсуа пиесақәа инарываргыланы еицырдыруаз аҩымҭақәа ирызхьаԥшуаз раԥхьаӡа акәны амци ацәгьахәыцреи иарлашәыз Отелло инасыԥдара атрагедиа иахылҿиааз аԥсуа сценаҿы ахәмарра, аԥсуа ахәаԥшҩы изнагара атеатр артистцәа наҟ-наҟ ирзыԥшыз арҿиаратә иааирақәа рыхԥышәара ирылагамҭаны иҟалеит. Иҳәатәуп, аԥсуа театр азы уи ахԥышәара хьыӡрацара дук ишаҩызахаз.
Журналистк, атеатр абзиабаҩык иаҳасабала аханатә сазҿлымҳан, акыргьы ҵуан сашьҭаҵаауеижьҭеи – Отелло аԥсышәала раԥхьаӡа аԥсуа сценаҿы данцәажәа, уи дзырцәажәаз атрагедиа еиҭазгази ахәаԥшцәа ишрыдыркылауази зыршаҳаҭуа хыҵхырҭак аилкаара. Иашоуп, ус еиԥш ахыҵхырҭақәа ыҟоуп (азҵаарақәа шыҟоу еиԥш.)
Иахьагьы насыԥ сыманы схы збоит сқәыԥшра ашықәсқәа рзы, аԥсуа сценаҿы Отелло – Касланӡиа, Иаго – Ԥачалиа, Дездемона – Аргәын-Коношок рыхәмарра ахьызбаз. Уижьҭеи абиԥарақәа рҽырыԥсахит, аспектакль збахьаз, изгәалашәо маҷӡахеит, иара аԥсуа Отелло – Леуарса Касланӡиа ицхәмаруаз егьырҭ артистцәа ргәамбзиареи рықәреи риааит, иахьа иҳалагылам. Аха аспектакль ахыԥша аԥсуа театр аҭоурых иазынхеит – спектакль дук еиԥш.
Акырынтә сыҽшазысшәахьазгьы, аҭоурых спектакль аԥсуа сценаҿы ақәыргылара алагамҭа ахьынтәаауа ашьҭаҵаара, ес-изыхҟьалакгьы уи сзырманшәаломызт, ус аамҭа цон.
Ааигәа И.Папасқьыр ихьӡ зху Амилаҭ библиотекаҿы ԥшаатәык сыман сахьнеиз, уа аус зуа аҭыԥҳацәа ҟәыбҷақәа ирасҳәеит – сзызнеиз, исҭахыз агазеҭ аҿаҳәара инықәрԥшны аномерқәа нарыцҵаны ианрасҳәа – сгәы инамыскәан ахара рхы иадҵо исарҳәеит сзыҳәоз, ашықәсазтәи аномерқәа зегь шеиқәымхаз, хыц-ҩыцк ракәымзар. Дара еиқәхаз срыхәаԥшырц шысҭахыз – анысҳәа, иаарган саԥхьа инықәырҵеит еиқәханы иҟаз агазеҭ «Аԥсны ҟаԥшь» 1941 шықәсазы иҭыҵыз аномерқәа.
Ихҩажьаахьоу агазеҭ адаҟьақәа среиҷаҳауа сахымццакуа, еихыршәшәо срыхәаԥшуа сышнеиуаз иаасгәалашәеит исхамышҭыцыз, сгәы иҵхоз аспектакль, «Отелло» иазкны гәыӷрак сызцәырҵын сшыԥшаауаз 1941 шықәса март 12 азтәи «Аԥсны ҟаԥшь» аномер аҩбатәи ахԥатәи адаҟьақәа рханы анбан дуқәа рыла ианыз «Отелло» аԥсышәала, аԥсуа сценаҿы» зҳәоз акьыԥхьымҭа сылаԥш нақәшәеит. Агазеҭ аҩдаҟьак ҷыдала аспектакль «Отелло» ишазкыз ҩашьомызт. Урҭ ирылубаауеит армарахь ала – Қырҭтәылатәи ССР жәлар рартист Леуарса Касланӡиа Отелло ироль анагӡара зныԥшуа афотосахьа, арӷьарахь – артистка Анна Џьергениа – Дездемона лроль назгӡауа лфотосахьа, иара убас иубоит аспектакль аҟынтәи асцена, агьежьқәа ирҭакны ақәыргылаҩцәа аԥсуа драма анапхгаҩы Аазиз Агрбеи С. Ҷелиӡеи рфотосахьақәа. Урҭ ирҷыданы агазеҭ аԥхьаҩцәа ирбоит, аспектакль ақәыргылаҩцәа рыҿцәажәара, ароль хадақәа назыгӡо Отелло – Касланӡиа, Дездемона – Џьергьениа, иааидкылан ақәгылара шымҩаԥысыз иазкны инарҭбаау агазеҭ акорреспондентцәа Николаи Киути Сандро Сангәлиеи рыстатиа, анаҩсан – ахәаԥшцәа К.Шьаҟрыл, С.Қәычбериа, И.Тускаӡе, С.Мульман ргәаанагарақәа рыла ихарҭәаау – хыркәшоуп аиҭагаҩ Иасон Ҷоҷуа «Отелло» шеиҭазгаз ҳәа анҵамҭала.
Ҳара иахьатәи ҳаԥхьаҩ идаагалом аспектакль анықәыргылаз атәыла аполитикатә ҭагылазаашьа иадрымҳәалар шыҟамлоз:. «Ҳкоммунисттә партиеи, ҳгәыӷырҭа Сталин дуӡӡеи агәцаракра иаҳзыҟарҵо» – ҳәа иҟаз ажәақәа. Ҳара иаҳҭаху ҳхықәкы хада аспектакль усҟантәи ахәаԥшцәа ирызцәырнагаз агәалаҟара хәыцра иахьатәи ҳаԥхьаҩ изнагара мацароуп.
«Ҭакԥхықәра ду ҟазҵоз аус» ахьӡуп атрагедиа «Отелло» ықәзыргалыз С.Ҷелиӡеи А.Агрбеи рыҿцәажәара. Абар, урҭ иалыркаауа: «Аҭакԥхықәра ду иҟанаҵаз ибзиаҵәҟьаны иаадыруа напы аҳаркит адраматург дуӡӡа У. Шеқспир итрагедиа «Отелло» ақәыргылара. Иарбанзаалакгьы адрама аколлектив уи амҩаҿы ауадаҩрақәа ирынион Отелло еиԥш иҟоу апиеса дуқәа… убри аҟнытә, ари егьхьӡуп, игәышьҭыхгоуп, аԥсуа артистцәа рзы. «Отелло» ақәыргылара ҳара ҳзы лымкаала излацәгьаз, ари, аԥсуа театр асценаҿы аԥсышәала ахаан иқәдыргылахьаны ҳәа иҟамызт. Насгьы ари ақәыргылара Аԥсны Асовет мчра шьақәгылеижьҭеи 20 шықәса ахыҵра Амшныҳәа иазырԥшны иахьыҟаз иаҳагьы аҭакԥхықәра ӷәӷәаӡа ҳаднаҵон.
Ианакәызаалакгьы, театрк аҭоурых иадыруа ҳәа иҟам, «Отелло» ҩымз-хымз рыла, рҽазыҟаҵаны иқәдыргыло. Ҳара ҳколлектив «Отелло» ҩымз ахала-аҵыхәала рҽазыҟаҵаны иқәдыргылеит. Абригьы аԥсуа драмаҿы аус зуа ҽышәала аус ӷәӷәа ируз иабзоураны иԥхьаӡатәуп. Асцена аҭоурых аҿы ирацәаны иадыруеит артистцәа дуӡӡақәа, Отелло иҟазшьа ҳәа иаадырԥшхьоу. Аха иазгәаҭатәуп шьоукы-шьоукы артистцәа дуӡӡақәаҵәҟьагьы ирызгәамҭақәаз шыҟаз уи ицәа еиқәаҵәа ишаҵаз ауаҩра згымыз агәыразра дуӡӡа.
Ҳаԥхьа иуснагӡатә дуны ишьҭан Отелло дызлаҟаҵәҟьо иразра, иуаҩра аарԥшны, анаԥшцәа рҟынӡа анагара. Ари қәнагала анагӡара, ҳәарас иаҭахузеи иаанарԥшит аколлектив хеигӡарак ҟамҵакәа напы еикәыршала аус шеицыруаз. Уи абзоурала иааркьаҿӡоу аамҭала аԥсуа драма иалшеит шәышықәсала абиԥарақәа инеимдо бзиабара дула иаарго В.Шеқспир итрагедиа «Отелло» ақәыргылара.
Аԥсуаа иахьа рхатәы бызшәала ираҳауеит, асценаҿы ирбоит адраматург дуӡӡа иҩымҭақәа иреиӷьу руак «Отелло». Ари аԥсуа драмазы иааира дууп».
Қырҭтәылатәи ССР артистраҿы амаҵ ду зухьоу А.Касланӡиа «Отелло» ироль сыҽшазыҟасҵоз» ҳәа ииҳәаз аҟны абас азгәеиҭон: Отелло ироль ухәмарроуп ҳәа раԥхьа иансыдырҵа, зны мап ацәыскит. Ари мап зацәыскыз ахәмарра сҭахымкәан акәмызт, аха ари еиԥш ароль дуӡӡа сылымшар ҳәа сацәшәаны акәын мап ззыскуаз. Смап егьалымшеит, исыдырҵеит уеизгьы-уеизгьы сыхәмаррацы.
«Отелло» аԥсышәала ахаан асценаҿы уаҩы излақәимыргылацыз ала, сара сзы цәгьа иуадаҩӡан уи ироль ахәмарра. Артистцәа дуӡӡақәагьы шьоукы-шьоукы Отелло ҽеилаҵәҟьа дырзеилымкааӡакәа ианыхәмаруа ыҟоуп. Урҭ уи акультура змаӡам, зыԥҳәыс лхыбаара, иара зегьы иреиҳаны иҟоу аӡә иакәушәоуп асценаҿы дшаадырԥшуа. Сара сҽазыскит Отелло Шеқспир дшаҳирбаз еиԥшҵәҟьа арыцҳашьареи агәыразра дуи змоу уаҩны анаԥшҩы ирбара, изласылшоз ала аусгьы азызуит. Сара снаҩсгьы ҳколлектив зегьи анапхгацәеи ҽышәала аӷьараҳәа аус ируз абзоурала ҳадрама аус ду аԥхьа игылаз заманала инанагӡеит».
«Гәахәара дула сҽазыҟасҵон ҳәа – далагоит аспектакль аҿы Дездемона лроль ихәмаруаз Анна Џьергьениа. Абасгьы ацылҵоит: – Уи лроль ихәмаруа Дездемона даалырԥшыроуп зхаҵа зхы аҟара бзиа дызбо, иҩызцәа пату рықәзҵо ҩыза иашаны. Лажәа кьакьамкәа, лҟазшьеи, леинаалашьеи, лыҿцәажәеи рыла анаԥшҩы игәы дналаҵәо дыҟазароуп.
Сара Дездемона лроль сҽаназыҟасҵоз даара схы аус адызулеит, Шеқспир иҩымҭақәа рҵарала. Ибзианы схы иасырхәеит Дездемона лроль ихәмархьоу артистка ду Бабочкина уи ароль лыҽшазыҟалҵоз азы лҩымҭа шыҟоу».
Уажәы ҳазааҭгылап, ҳазхьаԥшып агазеҭ «Аԥсны ҟаԥшь» акорреспондентцәа Николаи Киути Сандро Сангәлиеи аспектакль иазкны ирыҩуа: «Мчыбжьык уажәы аԥхьа Аԥсны жәлар гәырӷьара дуӡӡала имҩаԥыргеит Аԥсны Асовет мчра шьақәдыргылеижьҭеи 20 шықәсахыҵра амшныҳәа… урҭ ашықәсқәа рыла Аԥсны анаукеи аҟазареи иит, ирызҳаит, ԥхьаҟа ицеит. Арҭ зегь реиҳа иҿоуп аԥсуа драма. Аха излаҽхәаша арҿиаратә иааирақәа рацәоуп, аизҳара иамоу еихшьалаганы екзамен (ус еиԥш ажәақәа еицаку ус иаанҳажьуеит – В.Аҳашба) дуны иҟан «Отелло» уажәы ааигәа иқәдыргылаз. Аԥсуа драма артистцәа ҿарақәа рымчала «Отелло» ақәыргылара – хьӡы ду змоу уснагӡатәын, даарагь иусхьамҭан. Атрагедиа иаҵанакуа ииашаҵәҟьаны иаарԥштәын, иацклаԥшҵәҟьан аус адулатәын. Аколлектив зегьы, раԥхьа «Отелло» ақәыргылаҩцәа – Қырҭтәылатәи ССР аҟазараҿы амаҵ ду зухьоу С.Ҷелиӡеи аԥсуа драма анапхгаҩы А.Агрбеи аԥхьа инаргыланы, уаҩы дреигәырӷьартәҵәҟьа, ирџьишьаратәҵәҟьа аус руит. Аԥсуа драма аколлектив рзы мацара адагь, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә театр аколлективқәа зегьы рызгьы иааира дуӡӡоуп «Отелло» аԥсуа сценаҿы аԥсышәала ақәыргылара (иазгәаҭатәуп, урҭ ашықәсқәа рзы Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә театраҿы х-драмак – аԥсуа, ақырҭуа, аурыс аус шеицыруаз). Акорреспондентцәа иазгәарҭоит: «Зыхьӡ акыр шәышықәса иргәылҷҷаауа, англыз драматург ду У.Шеқспир иҩымҭа бзиахәӡақәа иреиуоуп атрагедиа «Отелло». Уи анагӡаҩы изныкымкәа-иҩынтәымкәа зегь ргәы дахәартәҵәҟьа аԥсуа сценаҿы иқәгылан ихәмархьоу, Қырҭтәылатәи ССР артистраҿы амаҵ ду зухьоу Леуарса Касланӡиа инаигӡаз «Отелло» уаҩы дихашҭуам. Касланӡиа – Отелло уаҩрала игәы ҭәуп, дхаҵа ӷәӷәан, дыцқьоуп, гәыкала Дездомана бзиа дибоит. Артист Касланӡиа инагӡаҵәҟьаны ииашаҵәҟьаны иаҳирбоит, Отелло дзакә уаҩу. Уи дуаҩы ҭынчуп, бжьы хаала, гәаартрыла дыччоит, аха Иаго (артист Шә.Ԥачалиа) иажәа ашҳамқәа амца ицрарҵоит, алым зеиҩаӡо ишазыҭрысуа еиԥшҵәҟьа дыҵнарҟьоит. Отелло ишаҟь-шаҟьо ила цырцырқәа ажәабжь аиҳа ҳарҳәоит. Иҭаауп Касланӡиа-Отелло ажәада ицәажәашьа формақәа. Отелло зегьы реиҳа ахыкәалаа игәыҵазыршәо иԥҳәыс дахьылыԥсахыз мацара акәӡам (ишиашамгьы), уи иара амц дахьылжьауаз ауп. Иара убри аҟнытә Дездемона дагьишьуеит. Касланӡиа – Отелло, асценаҿы дызбаны дызгәамԥхаша уаҩы дҟаларым. Аха ҳәарас иаҭахузеи, артист Касланӡиа аринахыс иҵегь ирацәаӡаны аус адиулароуп Отелло ироль.
Зынӡа даҽа уаҩуп Иаго (артист Шә. Ԥачалиа). Отелло заҟа ауаҩра бзиа илоу аҟара, убасҵәҟьа ирацәаны ацәгьарақәа Иаго илоуп. Аџьныш цәгьарамзар бзиа ҟазымҵо мыжда хәыцҩы, зхы иазеиӷьу азы дарбанызаалакгьы уаҩы имеигӡо Иаго гызмалрыла мацара деибыҭоуп уҿаҿы дануацәажәо ужьо дуҿагәыбзыӷуа, иажәақәа зегьы қырбыҷуп, ахәша аиԥш иуҿаӡыҭуеит. Урҭқәа зегьы адәахьалоуп. Иаго игәы аиҵаҟәаҟәа цәгьақәа иҭоу ҭаҵәахуп. Изакә ажәа лашақәоузеи ицәыриго! Уи иччабжь аҵәуабжь алубаауазароуп, уи уалԥшны ацәа ихарԥоу уаныԥшлозар ауп. Аха иабаҟоу артист Шә.Ԥачалиа рыҵәахышьа идыруеит. Артист Касланӡиа иеиԥш артист иартистратә талант ду, уи аринахысгьы иазырҳалатәуп, иацҵалатәуп.
Улеигәырӷьаратәҵәҟьа Дездемона лроль мҩаԥылгоит, –рҩуеит акорреспондентцәа – артистка А.Џьергьениа акы дацәымшәаӡауа бзиа илбо диццоит, дахьеиқәаҵәоу хьаас иҟалҵом, уи илҭаху ауаҩ иоуп, иара убриалагьы лаамҭа ианыз ауаа акыр дырхыҳәҳәоит, Отелло иеиқәаҵәарада шәара егьыжәбом, ҩныҵҟала дшыцқьоу, дышуаҩы разу ҳәа асенаторцәа рахь лхы рханы рыла иҭалҳәауеит урҭ шиашам. Артистка Џьергьениа иагымкәаҵәҟьа иаалырԥшуеит Дездемона зегьрыла дшыцқьоу, лыбзиабара еицакра шақәым, зегь рзы абзиара дшашьҭоу.
Абарҭ хра злоу арольқәа абасҟак ибзианы рыхәмарра хымԥада иацхрааит артистцәа С.Кобахиа, Р.Агрба, Е.Шакирбаи, В.Дбар, В.Кокосқьериа, М.Кове, И.Гезердаа ибзиаӡаны рыхәмарра.
«Отелло» ақәыргыларала аԥсуа драма аколлектив иаадырԥшит рҽеидцаланы аус аныру ирылдыршо даара ишырацәоу. Аҟазара ҳәаа амаӡам, еснагь ԥхьаҟа ицалароуп…
Аспектакль ибзиаҵәҟьаны иԥшӡаны еиқәлыршәеит асахьаҭыхҩы В.Попова». Аҵыхәтәаны аспектакль инарҭбааны абас иахцәажәо Николаи Киути Сандра Сангәлиеи иалкааны иазгәарҭоит апиеса ԥсышәала еиҭазгаз И.Ҷоҷуа илшара: «И.Ҷоҷуа дақәшәаны жәахәанчада еиҭеигеит ари апиеса, ажәеинраалала ишҩыз еиԥш».
Абар иара аиҭагаразы И.Ҷоҷуа ииҩуа Отелло иеиҭеигаз иазкны: «Адунеитә литература аҿы хьӡы дуӡӡа зманы иҟоу адраматург ду У.Шеқспир иҩымҭақәа аԥсшәахь реиҭагара азҵаатәы акыр иалацәажәақәахьан. Аха ари аус уаҩы инапы аиркуамызт.
1940 шықәса ииуль мзазы напы асыркит ԥсра зықәӡам атрагедиа ду «Отелло» аиҭагара, сагьалгеит иара 1941 шықәса ианвар мза азы.
Ари аиҭагара сҽаназыск сналаган Шеқспир иҩымҭақәа ирацәаӡаны срыԥхьеит, нас срыԥхьеит иҩымҭақәа рзы акритикцәа ирҩхьаз. Ари аиҭагараҿы даара исыхәеит.
Сара абыржәоуп Шеқспир иаҳагьы дыздыруа, иҩымҭақәа сырзааигәаны, бзиа избо саналага. Уажәы саҿуп иара Шеқспир итрагедиа «Ҳамлет» аиҭагара».
Ҳәарас иаҭахузеи, аспектакль ахәшьара азҭо ахәаԥшцәа роуп. Урҭ рыҽхәаԥхьыӡқәа ҵҩада ирацәоуп.
«Узеигәырӷьаша акы ауп – иҩуеит агазеҭ аредакциахь ахәаԥшҩы К.Шьаҟрыл – дарбану згәы иахәаны иамеигәырӷьара, адраматург дуӡӡа Шеқспир иҩымҭа атрагедиа «Отелло» ҳаԥсуа сценаҿы ахәаԥшра. Ари иааира дууп аԥсуа культура, аԥсуа драмазы – Отеллои, Дездемонеи, Иагои ррольқәа ахәмарра, уи акыр зҵазкуа ус дууп. Ари зеиԥшыҟам ала ирылдыршеит Отелло ироль ихәмаруа артист Касланӡиа, Дездемона дроль ихәмаруа артистка Анна Џьергьениа, Иаго ироль ихәмаруа Шә.Ԥачалиа».
«Хьӡы змоу аиааира – ҳәа азиҳәеит, ахәаԥшҩы С.Қәычбериа. Уи абас иҩуеит: «Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә театр аҿы аԥсуа драма иқәнаргылт «Отелло». Ари даара иҟаимаҭу лагалоуп ҳаԥсуа культуразы.
Ари атрагедиа ду аԥсуа драма ибзиаҵәҟьаны угәы иаахәартә иахьықәнаргылаз инаваргыланы иазгәаҭатәуп, аԥсшәахь еиҭазгаз Иасон Ҷоҷуа даара аус ӷәӷәа шиуз. Аиҭагараҿы иацәымӡит излаҟаз асахьа абеиареи аҵакы дуқәеи. Уи аамышьҭахь иара ықәзыргылаз С.Ҷелиӡеи А.Агрбеи даара ҟазарыла аус азыруит ари ақәыргылара».
«Аԥсуа драма аныҳәа» ҳәа азиҳәеит ахәаԥшҩы С.Мульман:
«Иахәаԥшуазаалакгьы илаԥш аарҟәынхалон Отеллои Иагои ррольқәа ихәмаруаз артистцәа Леуарса Касланӡиеи Шәарах Ԥачалиеи. Ҳәара аҭахым, Касланӡиа аталант бзиаҵәҟьа змоу актиорны дшыҟоу. Ари иплани ибжьи бзиоуп, даныхәмаруа анаԥшҩы игәы ааҿикаартә иҽиларҵәара илшоит. Касланӡиа Отелло иҟазшьа асценахь иааирԥшуа акы узахымҳәааратәы иҟоуп, уимоу зны-зынла зынӡа дыбзиаӡоуп».
«Аԥышәа ду змоу асцена азҟазацәа реиԥш ихәмарит аԥсуа драма артистцәа» – азгәеиҭоит ахәаԥшҩы И.Тускаӡе, абасгьы ациҵоит – ирзеиӷьасшьоит аринахысгьы азҳара, ԥхьаҟа ацара, еиӷьу ала ахәмарра». Усҟан, 85 шықәса уажәаԥхьа аԥсуа театр ашьақәгылара иацыз ианыԥшыртә ашьҭамҭа нзыжьыз аспектакль «Отелло» аԥхьатәи ахәаԥшцәа инадыркны гәахәара напеинҟьара зцыз ала изԥылаз инаскьаргоз артистцәа, ирзыркуаз азеиӷьашьарақәа ҳҟазара аҭоурых иреиӷьу адаҟьақәа ируакуп.
Аибашьра ашьҭахь аспектакль 15 шықәса ҵхьан еиԥш еиҭашьақәыргылан, ақәыргылаҩцәа Азиз Агрбеи Шәарах Ԥачалиеи ахә́аԥшцәа рзырхынҳәра ныҳәа дуны иҟалеит. Иаҳарк, аҿар иреиуаз аинтеллигенциа аспектакль бжьарыжьӡомызт, «уаха Отелло – Касланӡиа дыссирӡан» ҳәа даҽазнык ахәаԥшра иазгәышьуа еибырҳәон.
Уи аахыс аԥсуа театр абиԥарақәа зныкымкәа рҽырԥсаххьеит, абиԥарацыԥхьаӡа рыхьӡ ӡырзго аспектакльқәа рҭынхеит.
Лымкаала «Отелло» еиԥш иҟоу аспектакль ахәаԥшцәа неибеиԥшны абзарӡы ахьырҳәо, уи арежиссиорцәа, артистцәа рыхьӡ анырхамшҭуа – иҵегь ихарҭәаалатәу, аҭҵаара зҭаху ыҟоуп.
Ажәалоуп, ахыҵхырҭа ԥшааӡам, аспектакль апремиера 1941 ш. март 4 рзы ишымҩаԥысыз зыршаҳаҭуа. Иара убас аибашьра ашьҭахьтәи аспектакль анеиҭашьақәыргылаз амза еилыргаӡам. Адраматург Миха Лакрба ишәҟәы «Очерки истории Абхазского театрального искусства» (ҩынтә иҭыҵхьоу) иарбоуп 1955 ш. сентиабр 15, даҽаџьара ноиабр ҳәа арбоуп.
Даҽакгьы, хыхь инарҭбааны ҳаззааҭгылаз агазеҭ «Аԥсны ҟаԥшь» (1940 ш. март 12) ҩ-даҟьак аспектакль иазкны иҭыҵыз Дездемона лроль назгӡо ҳәа дарбоуп актриса Анна Џьергьениа (лфотосахьа ацны). Аха уаҳа ус зыжәлоу актриса уи ароль аҿы џьаргьы дарбаӡам. Миха Лакрба атеатрҭҵааҩы «Отелло» аибашьранӡатәи аспектакль имбацкәан дҟаларымызт, уигьы ахҳәаа азыҟаиҵом ажәлақәа реиԥшымра. Зегьынџьара ахыҵхырҭақәа рҿы Дездемона лроль ихәмаруаз ҳәа иаадыруа (агазеҭ «Аԥсны ҟаԥшь» алаҳамҵозар ҳзеихырхәоз актриса Анна Аргәын-Коношок лоуп. Аԥсуа сцена аспектакль ду ҳәа ҳмилаҭ аҟазара аҭоурых иазынхаз 85 шықәса ахыҵра зџьабаа адыз анаҳгәалаҳаршәо, урҭ ируаӡәку, раԥхьаӡа Шеқспир аԥсышәала деиҭазгаз актиор, аиҭагаҩ Иасон Ҷоҷуа сынтәа март азы диижьҭеи 115 шықәса ҵит. Аԥсуа театр аԥхьатәи абиԥара ируаӡәкыз, аԥсуа бызшәа адунеи аклассикатә литература аиҭагарала изырбеиаз Иасон Ҷоҷуа «Отелло» ахьеиҭеигаз азы мацара СССР ашәҟәыҩҩцәа Реидгылахь дрыдыркылеит. Аҵыхәтәантәи имш аҽнынӡа бзиа иибоз аус –иԥсҭазаара здиҵаз аҟазареи аиҭагареи дырзааԥсон.
Иазирхиеит
Владимир Аҳашба


