Владислав Арӡынба игәалашәара иазку иаарту ареспубликатә турнир хацыркхеит Аҟәа

Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба игәалашәара иазку аинваспорт азы иаарту ареспубликатә турнир хацыркхеит Аҟәа ҳәа аанацҳауеит аспорт азы Аҳәынҭқарратә еилакы.

Аицлабра еиҿыркаауеит аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә еилаки Аԥсны Апаралимпиатә еилаки.

Аицлабрақәа ирылахәуп I, II, III агәыԥқәа ирыҵаркуа аинвалидра змоу ауаа. Аԥснытәи аспортуаа рнаҩсангьы иалахәуп Беларуссиантәи, Наро-Фоминскнтәи, Шәачантәи аспортуаа.

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me