I жәларбжьаратәи аекономикатә форум аартра иазкыз аныҳәатә церемониа хацыркын Аҟәа

Аусмҩаԥгатә рхы аладырхәуеит Аҳәынҭқарра ахада Бадра Гәынба, ахада ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа, Урыстәыла ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенко, Аахыҵ Уаԥстәыла ахада Алан Гаглоев, Жәлар Реизара адепутатцәа, Аԥсни Урыстәылеи Реиҳабыра ахаҭарнакцәа, хыԥхьаӡара рацәала иааԥхьоу асасцәа.

Афорум алахәылацәеи асасцәеи иддырбеит Аԥсни Урыстәылеи реизыҟазаашьа иазку афильм, иарҳәан Аԥсны аҳәынҭқарра агимн.

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me