1921 шықәса хәажәкыра 15 рзы Аԥсны Аревком Жәлар рҵара аҟәша ирыланаҳәеит Аҟәа Ацентртә библиотека аартра. Уи шьақәзырӷәӷәоз ашәҟәы инапы аҵаиҩит усҟан аҟәша аиҳабыс иҟаз Самсон Иаков-иԥа Ҷанба. Уи шьҭан Ахақәиҭра ашҭаҿ (ԥасатәи Архиреитәи ҩны 1938 шықәсазы Ацентртә ақалақь библиотека Аԥснытәи АССР Ареспубликатә библиотека ҳәа ахьӡ ҿыц ахҵан.
1981 шықәса жәабран 17 рзы Аԥснытәи АССР Аминистрцәа Рсовет аӡбарала, Ареспубликатә библиотека, Аԥсны жәлар рышәҟәыҩҩы Иван Гьаргь-иԥа Папасқьыр ихьӡ ахҵан. 1998 шықәсазы, ахьӡ ԥсахын Амилаҭтә библиотека ҳәа. Уиижьҭеи И.Папасқьыр ихьӡ зху Амилаҭтә библиотека ҳәа иҟоуп, ус иагьаанхоит.
Амилаҭтә библиотека аҭоурых ҵаула амоуп, уи ахьӡ ахаҭа аԥсахраҵәҟьагьы иуанаҳәо рацәоуп…
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан (1992-1993) аԥсуа жәлар рҿахәы зҳәоз, ҳҭоурыхтә баҟақәа, ҳкультуратә хәышҭаарақәа зегьы реиԥш, Амилаҭтә библиотекагьы ааха ӷәӷәа аиуит. Аха, аибашьра ашьҭахь, еилаҳаны иҟаз ари ахыбраҟны инхаз абиблиотекатә мазара аццышә иагәылганы аиҭашьақәыргылареи ахарҭәаареи илшеит, иуадаҩыз аамҭақәа инадыркны иахьа уажәраанӡа Амилаҭтә библиотека аиҳабыс иҟоу Аԥсны Аҳәынқарра акультура зҽаԥсазтәыз аусзуҩы, «Ахьӡ-Аԥша» аорден ахԥатәи аҩаӡара занашьоу Борис Шьаликәа-иԥа Ҷолариа.
Аибашьра ашьҭахь, 1995 жьҭаара 18 рзы ҩаԥхьа, И.Гь.Папасқьыр ихьӡ зху Ареспубликатә ауниверсалтә анаукатә библиотека ашәқәа аатуеит, Б.Шь.Ҷолариа ибзоурала, уи аамҭазы, азеиԥш фонд еиднакылон 80000 екземплиар.
Иахьа Амилаҭтә библиотека ахыбра шьаҭанкыла еиҭарҿыцуп, ҳаамҭазтәи астандартқәа ирықәшәо иҟаҵоуп. Абиблиотека аусура акәзар, атехнологиа ҿыцқәа рыла еиҿкаауп, аусзуҩцәа атехнологиа ҿыцқәа рыла аусуразы, адырреи аԥышәеи дырҳаразы иазыҟарҵеит.
Амилаҭтә библиотека 105 шықәса ахыҵра аиубилеи инамаданы ҳара ҳзыҿцәажәаз, уи аиҳабы Борис Шьаликәа-иԥа Ҷолариа раԥхьатәи ҳазҵаара аҭак ҟаҵо, иажәа хациркит абиблиотека аҵаки уи аԥхьаҩцәа еиԥҟьарада иаиурц азы аԥхьаҟа изызхәыцуа аусмҩаԥгатәқәеи рыла.
«Иахьа абиблиотека аԥхьаҩцәа ацәмаҷуп, арахь имҩахыҵуа рхыԥхьаӡара еиҳазар сҭахуп даара. Иҟоуп аԥхьаҩцәа рмаҷра зыхҟьо амзызқәа, урҭ ируакуп аинтернет ахархәара аԥыжәара аҭара. Аха, сара сгәаанагарала, ауаҩы идырра аизырҳаразы акьыԥхь иацназго ыҟам. Ашәҟәы иаԥхьо иҳәоу артәашьа еиҿкаахоит, ижәар ҭбаахоит, игьама даҽакхоит. Аинтернет, асмартфон ахархәара азҭо уи ашәҟәы иаԥхьо иаасҭа дхьысҳахоит, уи дханарҭәааӡом, цхыраагӡаны изыҟалоит ауп.
Абиблиотека аиҭашьақәыргылара аетап хыркәшоуп, шьҭа ҩ-напыкла аус рыдааулароуп абиблиотека аԥхьаҩ иадԥхьалара иазку апроект ҿыцқәа.
Ҳара иҳамоуп ашҟәыԥхьара аларҵәаразы апроект бзиақәа, қәҿиарала аус зуа. Урҭ ируакуп «Абиблиаҵхы» ҳәа хьӡыс измоу. Ари амш еиҿкаауп ашәҟәқәа рцәыргақәҵақәеи, еиуеиԥшым аӡыргарақәеи, аконкурсқәеи, ашәҟәыҩҩцәа рԥыларақәеи уҳәа рыла «Абиблиаҵхы» азы абиблиотека аус ауеит, ашә аартуп шьыжьы инаркны хәлаанӡа.
«Амшын аԥшаҳәаҿтәи анеиааира» – захьӡу Жәларбжьаратәи аҿартә арт-фестиваль апроект акәзар, шьҭа итрадициахеит амҩԥгара. Уи еиднакылоит: ашәҟәыҩҩцәа, амузеи аусзуҩцәа, аҟазара абзиабаҩцәа, асахьаҭыхҩцәа ҿарацәа уҳәа. Аха, аԥхьаҟа еиҿкаатәуп, иаԥҵатәуп, аинтерес зҵоу, ашәҟәыԥхьарахь ухьазырԥшуа апроект ҿыцқәа. Ихацырктәуп иҳамоу ашәҟәқәа рыларҵәара, ашәҟә ҿыцқәа зызку, рҵакы ркьаҿны аԥхьаҩ азҿлымҳара аиҭартә изнагара. Ахәыҷқәа ашәҟәыԥхьара агәыбылра дырктәуп, иадԥхьалатәуп ишыхәыҷқәоу. Убри аҟнытә, ахәыҷбаҳчақәеи ашколқәеи рыла иалагатәуп. Аимадара бзиа иацаҳҵароуп ааӡаҩцәеи арҵаҩцәеи ҳареи ҳабжьара» – иҳәеит уи.
Абиблиотека аҟны 7 фондк аԥҵоуп, урҭ рахьтә, ҩба иарку фондқәоуп: «Шамаха иуԥыхьамшәо аҭыжьымҭақәа», «амилаҭтә ҭыжьымҭақәа рдаҟьа», иара убас «ашәҟәқәа рпалата» . Хаҭала ари афонд аҿы Аԥсны иҭыҵхьоу ихымԥадатәиу аекземплиарқәа ҵәахуп, урҭ ахыбра аҩнуҵҟа аԥхьара, ахархәара ада, рдәылгара азин ыҟам. Абарҭқәа азгәаҭо, ҳаиҿцәажәараан, Амилаҭтә библиотека аиҳабы, инаҵшьны дазааҭгылеит иахьа абиблиотекахь имҩахыҵуа ауаҩы ииҭаху ашәҟәы, аинформациала еиқәыршәаразы алшара бзиа шрымоу, ҳаамҭа иақәшәо атехника ахархәарала, акьыԥхь инаҷыданы аелектронтә версиагьы идгалара шрылшо.
«Амилаҭтә библиотека иахьа аҩаӡара ҳаракыла еибыҭоуп, аԥхьарҭа аҟнытә ихадоу шәҟәыҵәахырҭаны, цхыраагӡатә, ҭҵаарадырратә усбарҭаны иҟалеит уҳәар алшоит.
Иахьа Амилаҭтә библиотека афонд ахыԥхьаӡара ҳазааҭгылозар, 423853 екземплиар аҟынӡа инаӡоит. Есышықәса абиблиотека иаҭаауеит 4000 инареиҳаны аԥхьаҩцәа. Ихыркәшоуп абиблиотека аусзуҩцәа рнапы злакыз Амимлаҭтә ҿҳәаралатәи акьыԥхь ҭыжьымҭақәа 8 («Аԥсны», «Аԥсны ҟаԥшь», «Советская Абхазия» «Ткварчельский горняк», «Акоммунизм ахь», «Бзыԥ») ацифрахь риагара. Уи инаҷыданы аԥхьаӡацркра (ацифровка) аҟәша аусзуҩцәа ашәҟәқәа ацифрахь риагара аус адулара иаҿуп, урҭ рыбзоурала, зеиԥшыҟам афонд иаҵанакуа 450 екземплиар ацифрахь ииагоуп.
Лассы-лассы Амилаҭтә библиотекахь имҩахыҵуеит ашәҟәыҩҩцәа, аҵарауаа, аҭҵаарадырратә усзуҩцәа. Амилаҭтә библиотека аусзуҩцәеи дареи аимадара рыбжьоуп, русеицура ҭышәынтәаланы еиҿкаауп. Урҭ русеицура иабзоураны лассы-лссы имҩаԥыргоит еиуеиԥшым аиԥыларақәа, ахәылԥазқәа, иҭыҵуа ашәҟә ҿыцқәа рӡыргарақәа.
Аринахысгьы Амилаҭт библиотека мҽхакы ҭбаалатәи аусура еиҳагьы ихаҭәааны и аднаԥхьало рхыԥхьаӡара иахьа иҟоу реиҳа акыр еиҳаны иҟалап ҳәа ҳгәыӷуеит. Аҭагылазаашьа бзиа ыҟоуп, аусура агәацԥыҳәара рымоуп уи и аусзуҩцәа.
Алиса Гәажәԥҳа


