Дмитри Маршьан ихантәаҩрала имҩаԥысыз аилатәара иалахәын Жәлар Реизара аиҳабы Лаша Ашәба, аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ Џьансыхә Нанба, адепутатцәа, азиндырыҩцәа. Абри атәы аанацҳауеит Жәлар Реизара апресс-маҵзура.
«Аԥсны аҳәынҭқарра астратегиатә обиектқәа рзы» азакәан ахәҭаҷ 2 инақәыршәаны Аминистрцәа Реилазаара ашьақәырӷәӷәаразы Жәлар Реизарахь инанашьҭуеит астратегиатә обиектқәа рсиа.
Астратегиатә обиектқәа рахь иԥхьаӡоуп: аенергетика, атранспорт, аимадара, атәылахьчаратә ҵакы змоу, агәабзиарахьчара, аҵарадырра уҳәа ирыдҳәалоу аобектқәа.
Аилатәараан аилак алахәылацәа иазгәарҭеит ирыдгалоу асиа инҭырҳәцааны аҭҵаара шхымԥадатәиу. Аусшәҟәы ахәаԥшра иацҵахоит аҳәынҭқарра-зинтә политиказы аилак аилатәарақәа раан.


