Аԥсны Аџьынџьтәылатәи еибашьра аинвалидцәа хәыда-ԥсада ирыҭахо ахәшәқәа рсиа шьақәырӷәӷәоуп

Аԥсны аминистрцәа реилазаара ақәҵара аднакылеит, 1992-1993 шықәсқәа рызтәи Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аинвалидцәа ахәшәқәеи амедицинатә аалыҵқәеи рыла хәыда-ԥсада риқәыршәаразы.

Аусшәҟәы инақәыршәаны ишьақәырӷәӷәоуп I, II, III агәыԥқәа ирыҵаркуа аинвалидцәа аҳәынҭқарратә аԥҭекақәа рҿы хәыда-ԥсада ироуа ахәшәқәа рсиа. Аԥара азоужьхоит абиуџьетнҭыҵтәи афонд афинанстә харахәагақәа рҟынтәи.

Асоциалтә еиқәыршәареи адемографиатә политикеи рминистрреи Агәабзиарахьчара аминистрреи рнапы ианҵоуп ахәшәқәа рыҭара аԥҟарақәа еилыкка ишьақәдырӷәӷәарц.

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me