Агемодиализ аҿы иҟоу аԥсуа чымазаҩцәа Урыстәыла рыхәышәтәра алыршахоит

Агемодиализ аҿы иҟоу аԥсуа чымазаҩцәа Урыстәыла рыхәышәтәра алыршара иадҳәалоу азҵаарақәа ирылацәажәеит Едуард Быҭәбеи НМИЦ адиректор Сергеи Шумакови.

Аԥсны 61-ҩык ас еиԥш иҟоу ачымазаҩцәа ыҟоуп. Урыстәыла аҷаҷа атрансплантациа ахә ахыршәаауеит ихымԥадатәиу амедицинатә ԥгаԥса ала.

«Ҳара иаҳҭахуп урыстәылатәи атәылауаҩра змоу Аԥсны ауааԥсыра ари алшара рхы иадырхәартә еиԥш аҭагылазаашьа рзаԥҵара. Аха иалкаау акритериақәа ирықәныҟәалатәуп, арҭ азҵаарақәагьы уажәы аус рыдаҳулоит», - ҳәа азгәеиҭеит Быҭәба.

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me