«Ҳара ихадоу ашьаҟақәа хԥа ҳрықәгылоуп, урҭ аҵареи, акультуреи, асоциалтә проектқәеи роуп. Убри аан «Аԥсны агәы» аусура гәыҩбара узцәырнамго ишьақәгылазаауеит», - ҳәа азгәалҭеит лара.
Арҵаратә кластер аҳәаақәа ирҭагӡаны иазԥхьагәаҭоуп апрофильтә курсқәеи аквалификациа аизырҳаразы апрограммақәеи аус рыдулара, иԥсабаратәым аинтеллектгьы аус адулара уахь иналаҵаны. Убри инаваргыланы апроекттә усура ацхыраара анаҭоит иҭышәынтәалоу аԥаразоужьра амеханизмқәа ралагалареи агрантқәа рзы азыҳәақәа рынашьҭраан аексперттә цхыраара аҟаҵареи. Ҷыдала ахшыҩзышьҭра арҭоит акультуратә ҿиара. Ари ахырхарҭа иаҵанакуеит атрадициақәа реиқәырхара иацхраауа, ҳаамҭазтәи аҟазара аҿиара мҩақәызҵо афестивальқәеи, аконцертқәеи, аныҳәатә усмҩаԥгатәқәеи реиҿкаара.
«Ҳара ҳаԥсҭазаара аусура мацара кәӡам, ҳаԥсҭазаара ныҳәоуп. Ҳҽазаҳшәоит ҳреспублика ганрацәала арҿиара» - лҳәеит Мактина Џьынџьал лықәгылараҿы.


