Аҟәатәи аԥшаҳәа аиҭашьақәыргылараазы иҿыцу агранит аагоуп

20 тонна рҟынӡа инаӡо аидара Башкорҭосҭанынтәи иаагоуп, уи зымҽхак ҭбаау апроект иахәҭакуп. Иара убас иааргеит арлашагақәа.

Маҭәахәла еиқәзыршәо Сергеи Верететенников еиҭеиҳәеит аусура амҩаԥысшьа. Уи иажәақәа рыла, азауад аҿы уахгьы-ҽынгьы аусура иаҿуп. Уи хымԥадатәиуп аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ианаамҭоу рхыркәшаразы.

Верететенников иааргахьоу амаҭахәқәа рхаҭабзиара шыҳараку азгәеиҭеит.

«Агранит даара иԥшӡоуп, ахаҭабзиара ҳаракуп. Аҳҭнықалақь ауааԥсыреи асасцәеи уи ахәшьара бзиа арҭап ҳәа сгәы иаанагоит».

Аҟәа амшын аԥшаҳәа аиҭашьақәыргылара мҩаԥысуеит Урыстәыла арегионқәаки аԥсуа бизнеси рыцхыраарала. Аԥшаҳәа хәҭа-хәҭала ишаны аиҭашьақәыргылара рхахьы иргеит Ҭаҭарсҭани, Башкортосҭани, Аҟәатәи аҳаирбаӷәазеи, анаплакыҩцәеи.

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me