Маҷара ақыҭан имҩаԥысуеит Аԥсны аерманцәа рхеилак Ареспубликатә еизара

Аизараҿы дыҟоуп Ахада Бадра Гәынба.

Аҳәынҭқарра Ахада иазгәеиҭеит ари аизара аҭаара агәахәара ду шинаҭоу.

«Аԥсны есымшагьы инхон еиуеиԥшим аетникатә культура иаҵанакуа ауааԥсыра, урҭ еснагь апатуеиқәҵара рыбжьан. Сгәаанагарала ҳара ҳаилазаараҿы иҳараку аилибакаареи аҳаҭырбареи ҳамоуп. Ҳаԥсадгьыл аизҳа-зыӷьаразы, аҿиаразы ҳапатуеиқәҵара зеиԥш насыԥуп, еихьӡара дуӡӡоуп», — ҳәа иҳәеит Бадра Гәынба.

Иара убас, иазгәеиҭеит, аҳәынҭқарра ашьақәгылараҿы аерманцәа рхеилак алагала ду шыҟанаҵаз: «Зегь раԥхьаӡа иргыланы, атәыла аизҳазыӷьаразы аџьабаа збоу милаҭуп, урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп: аҵарауаа, арҵаҩцәа, аҳақьымцәа, ақыҭауаа, жәаҳәарада, Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа».

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me