Уи лажәақәа рыла, ас еиԥш иҟоу аҭагылазаашьа мзысқәас иамоуп, иԥсуа рхыԥхьаӡара ииуа рхыԥхьаӡара аасҭа иахьеиҳау, аҿар аҭаацәа алалара иахьахыԥоу.
Арӡынба ҿырԥштәыс иаалгеит иҳаҩсыз ашықәса рзтәи арбагақәа: 2020 шықәсазы аасҭа, 2024 шықәсазы Аԥсны ауааԥсыра рхыԥхьаӡара 1713-ҩык рыла еиҵахеит. Ақалақьқәа рҿы иит 696-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит – 754-ҩык. Ақыҭақәа рҿы ииз рхыԥхьаӡара 68-ҩык рыла еиҳахеит.
«Аира акоеффициент 1,38 аҩаӡараҿы иаанхеит, иахәҭаны иҟоу аҩаӡара 2,1 ауп. Раԥхьатәи ахәыҷы дзауа ан лықәра
бжьаратәла иаҳгозар 25 шықәсауп, аҩбатәи – 27 шықәса. Ауааԥсыра рықәратә еилазаашьа аҽахьаԥсахуа иҵоурам анырра ҟанаҵоит. Ахшараиуратә қәра змоу аҳәса (15–49 шықәса зхыҵуа) 26,5% рҟынӡа инаӡоит. 65 шықәса зхыҵхьоу атәылауаа рхыԥхьаӡара 14,7% рҟынӡа инаӡахьеит, уи иаҳәоит зеиԥшла ауааԥсыра ажәра ишаҿу», – ҳәа адырра ҟалҵеит лара.
Арӡынба лажәақәа рыла, адемографиатә еиҭакра аекономикаҿгьы анырра ҟанаҵоит.
«Уи иахҟьаны аетникатә еилазаашьаҿы аԥсахрақәа ҟалоит, анаҩс итрадициатәу адемографиатә, асоциалтә позициақәеи, асуверенитети ашәарҭара иҭанаргылоит», – ҳәа азгәалҭеит лара.


