Аилацәажәара иалахәуп аҵарауаа, Жәлар Реизара адепутатцәа, аҭыԥантәи ахадарақәа русзуҩцәа, ауаажәларра рхаҭарнакцәа.
Аилацәажәара аихшьаалақәа рыла, арезолиуциа рыдыркылоит.
«Аекспертцәа ажәа рысҭаанӡа, исҳәарц сҭахуп астол гьежь ахьымҩаԥаҳго аҭыԥ машәырны ишалҳамхыз: Аԥсуаҭҵааратә институт аҿы акәын ҳтәылазы акрызҵазкуаз азҵаарақәа иахьрылацәажәоз. Уаанӡа еиԥш иахьагьы ари аинститут ауаажәларратә темақәа рылацәажәаразы ҭыԥ хаданы иаанхоит», – ҳәа лҳәеит Ауаажәларратә палата амаӡаныҟәгаҩ Гәыли Кьычба.


