Асоциалтә шәарақәа ирыдҳәалоу азҵаарақәа ирылацәажәеит Бадра Гәынбеи Сергеи Кириенкои

Аԥсны аҵакыраҿы инхо Урыстәылатәи Афедерациа атәылауаа ахәыҷқәа рзы асоциалтә шәарақәеи, убри аан ицәырҵуа азинтә зҵаарақәеи ирылацәажәеит Бадра Гәынбеи Сергеи Кириенкои.

Ари азҵаара иалацәажәан Москва, Аԥсны Ахада Бадра Гәынбеи Урыстәыла Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенкои реиԥылараан.

Иазгәаҭан иарбоу ауадаҩра Аԥснынтәи анацәа рыдагьы, урыстәылатәи атәылауаҩра змоу (Беларусь аламҵакәа), Асовет Еидгыла егьырҭ ареспубликақәа руааԥсырагьы шаҵанакыз.

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me