Аилатәара иалахәуп: Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба, Жәлар Реизара Аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Фазлыбеи Аҩӡба, Ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩ Рауль Лолуа.
Ажәахә хада ҟаиҵеит апрокурор хада Адгәыр Агрба. Иара иазгәеиҭеит иҳаҩсыз ашықәс азы ашәҟәы ишҭагалаз 636 цәгьоура, уи 2024 шықәсазы аасҭа 50 цәгьоура рыла еиҳауп.
«Ацәгьоурақәа рхыԥхьаӡара еизҳаит Аҟәа ақалақь аҿы», – иҳәеит Агрба.


