Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц напхгара зиҭо аделегациа усутә визитла Аахыҵ Уаԥстәылҟа ицеит

Аусутә визит аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысуеит аиԥыларақәа жәпакы, урҭ иреиуоуп:
Аахыҵ Уаԥстәыла ахада Алан Гаглоеви, адәныҟатәи аусқәа рминистр инапынҵақәа назыгӡо Ахсар Џьиоеви рԥылара, иара убас Аахыҵ Уаԥстәыла Жәлар Реизара анапхгареи егьырҭ аҳәынҭқарра мчратә усбарҭақәа рнапхгареи рԥылара, ҳәа аанацҳауеит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра апресс-маҵзура.
Адәныҟатәи аусқәа рминистр инапынҵақәа назыгӡо Ахсар Џьиоеви Олег Барцыци реиԥылара аҳәаа иҭагӡаны Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рыдәныҟатәи аусқәа рминистррақәа 2026-2027 шықәсқәазтәи рыплан рнапы аҵарыҩуеит.
Иара убас, Олег Барцыц Аахыҵ Уаԥстәыла иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭаҿы аилатәара мҩаԥигоит, ацҳаражәҳәаҩ Алан Елбакиев аусура аҳасабырба ҟаиҵоит.
Аусутә визит хыркәшахоит жәабранмза 19 рзы.
  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me