Иабжьага ажәақәа еснагь иҳацуп…

Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ианалага нанҳәамза жәиԥшь 1992 ш. аԥсуа қыҭа Лыхны инхоз зегьы Лыхнашҭа еизеит. Уаантә рҽеидкыланы ақалақь Гәдоуҭа аԥсшьарҭа «Волга» аҿаԥхьа ауаа еизаны иахьгылаз инарылагылеит.

Аибашьҩы Арнауҭ Григори Иван-иԥа игәалаиршәоит: – Лыхнынтә инеиз аҷкәынцәа ҳрацәаҩын, ҩ-гәыԥкны ҳҽаҳшеит. Актәи агәыԥ Гаграҟа ишьҭын. Урҭ командирс Гәымба Беслан (Буза) Шьаликәа-иԥа дрыцырҵеит. Иаанхаз зегьы Ешыраҟа идәықәҵан.
Гәымба Беслан Шьаликәа-иԥа 01.01.1956 ш. рзы Гәдоуҭа араион Лыхны ақыҭан диит. Раԥхьа Лыхнытәи абжьаратә школ ахь дрышьҭит, араҟа аиҵбыратә классқәа данрылга, Дәырԥшьтәи абжьаратә школ ибзианы иалгаз аушьҭымҭацәа дыруаӡәкын. Уи ашьҭахь Воронежтәи абна-техникатә институт дҭалоит. Истудентра ашықәсқәа раан аҵараҿы иааирԥшыз адыррақәеи рахь имаз азҿлымҳарази аҳаҭыртә шәҟәқәа маҷымкәан ианашьан. Истудентра ашықәсқәа инаҭаз адыррақәа, аԥсҭазаара ду ахь амҩа ду изаанартит. Уралтәи амеханикатә зауад аҟны аусура далагоит. Аа-шықәса инеиԥынкыланы аус иуит. Арзаҳал иҩит аусура аҟынтә доурышьҭырц, иԥсадгьыл ахь дхынҳәырц шиҭахыз реиҳәеит. Гәымба Шьаликәа иԥшәма Ажьиба-Гәымба Тониеи иареи ԥшьҩык ахшара рхылҵит: Аслан, Есмиральда, Беслан, Варсалина. Рыԥшьҩыкгьы иреиҳау аҵараиурҭақәа ирылгеит. Гәымба Беслан дызхылҵыз иани иаби ҳаҭыр ду зқәыз уаан. Иаб зажәа акраҵанакуаз, иззыӡырҩуаз хаҵан. Иара анхаҩы нага иакәын, ақыҭаҿы писарс дыҟан. Иԥшәма Ажьиба-Гәымба Тониа Лыхнытәи ашколаҿы рҵаҩыс аус луан. Ақыҭа Лыхны иаҭаауаз асасцәа рацәаҩын, урҭ шамахамзар Гәымба Шьаликәа игәараҭахь инаргон. Асасцәа еснагь знапы ыргьежьуа ирԥылоз, ан-аҳкәажә Беслан иан Тониа иахьагьы лыхьӡ неимда-ааимдо ирҳәоит.
Гәымба Беслан Шьаликәа-иԥа, «Буза» ҳәа акәын ишиарҳәоз. Иара иқәыԥшра аамҭа игәаларшәо, ахҭысқәа ихаҿы иаанхаз лассы-лассы: – Ҳхәыҷра, ҳқәыԥшра ашықәсқәа раан сашьеиҳабы Аслани сареи, асасцәа ҳарԥылон. Нас рхәы ҟаҵаны акрыфарахь ианнаргалак нахыс, урҭ аҩы рзаҳнаҳауан, ирҭахыз акы ыҟазар ирзааҳгон. Аҵх акыр инаргон, еицәажәон, ҳара ҳтәаӡамызт, ҳархаҵгыланы рымаҵ аауан. Еиҳараӡак аҩы ҳнаҳауан, аирыӡқәа анҭацәлак аҩы ааҳгон… Уаҟа ҳҵасқәа, ҳқьабзқәа зегьы лабҿаба иаҳбон. Усҟан ҳара иаабоз ныҟәаҳгон. Ҳзааӡаз ҳҭаацәа ражәақәа наҳагӡон, анхараҿгьы ҳрывагылан, - иҳәалон Беслан.

Гәымба Беслан 1985 ш. Аԥсныҟа дхынҳәит. Аколнхара «Лыхны» аҟны 1988 ш.-1992 шықәсанӡа анџьныр-аргылаҩ ҳәа аус иуан. 1989 ш. Аԥсны ашәарҭа ианҭагыла, Какалиа еиҿкааны имаз агәыԥ далаланы Егры аҳәаа ахьчара ицоз дрылагылан. Аԥсни аԥсуааи ирызку иарбан зҵааразаалак далахәын, игәаанагара иҳәон… 1989 ш. азы ақырҭцәа рхы шымҩаԥыргоз, дахцәажәо: – Арҭ алахшақәеи ҳареи шьакаҭәарада ҳзеилгаӡом. Ҳара ҳакзаара ҳаиқәнархоит, аха маҷ-маҷ бџьарла ҳҽеиқәҳаршәалароуп, - иҳәалон лассы-лассы.
Аибашьҩы Возба Мартин, Беслан дигәаларшәо, ус иҳәеит: - Есн­агь аибашьцәа илаԥш ҳхын. Аибашьра ацәаҳәаҿы ҳаннеи нахыс Беслан командирс далаҳхит. Гәыԥ-гәыԥла ҳҽаҳшеит. Аблиндажқәа хԥа ҳаман. Беслан дхаҵаҵәҟьан. Дымшәа-­дмырҳа ҳаԥхьа дгылан.
Аибашьҩы, Леон иорден занашьоу Надараиа Темур, Гәымба Беслан дигәаларшәо, иазгәеиҭеит: – Аибашьра иалагеит, Пицунда агвардиа Аиба Адик еиҿикааз срыцны Ганҭиади ҳәа изышьҭаз аҭыԥ аҟны, аӡиас Ҳашԥсы азааигәара ҳгылан. Абџьар иҳамаз маҷын. Адырҩаҽны, шьыбжьон шыҟаз, ақырҭцәа адесант дыртәеит. Уи ҳара иҳаздырӡомызт. Сааҭки бжаки шыбжьаз Гәдоуҭантәи ацхырааразы иааит. Бџьарла еиқәных иҟан, аформагьы ршәын, амашьына ГАЗ-66 иақәтәан.
– Ацхырааразы ҳааит, ҳабашәҭаху? – ҳәа иҵааит. Еицыз командирс Гәымба Беслан дрыцын. Иара дсымбаӡацызт, дсыздырӡомызт.
– Аҳәааҿы исыргыло сымаӡам анысҳәа, ашырҳәа исыцны рҿынархеит. Аҳәааҿы исыргылоит ҳәа сышнеиуаз, ауадаҿынтә аҭел абжьы геит. Иазычба Руслан, ибжьы атрубка иҭыҩуан: – Ҭемыр, шәабаҟоу?! Шәыҵаҟа ақырҭқәа рдесант тәеит, шәыҽшәырхиа…
– Аиҿахысра ӷәӷәа ҟалеит. Беслан ицны иааз зегьы Гәымбаа ракәын. Урҭ дрылагылан аԥырҩы Гәымба Адгәыргьы. Ҳара амилициеи адесанти рыбжьара ҳабжьахеит. Ҳара иаԥсуааз џьаҳшьеит.– Аиҿахысра ӷәӷәа ҟалеит. Гәымба Мыза ахәра иоуит. Уи Гагратәи ахәышәтәырҭахь дҳашьҭит.
– Иазгәасҭар сҭахуп, - иҳәеит Тимур, - Беслан ицны иааиз аибашьцәа даара иҳацхрааит. Беслани сареи аибашьраҿы ҳаибадырит. Уи агәыцқьа изҭан, ашәара издырӡомызт, еиҳа иахьшәарҭаз иара дубон. Ицыз зегьы аибашьра иазыҟаҵан. Еицыз Гәдоуҭантә иааизи ҳареи 60-ҩык рҟынӡа ҳнаӡон. Ҳашԥсы ахәы аанкыланы, адесант иааизи ҳареи ҳаиҿахысуан, уи аамҭазы, иҳәеит Надараиа Тимур, – «Шьвели» ҳәа быжьқәак ҳаҳаит, «Мхедрионааи», Гагра амилициа иалаз ақырҭцәеи еидгыланы амҩа ааныркылеит. Гәымба Беслан игәыԥ рыцхыраарала аӷацәа рҭыԥқәа аанрыжьратә ҳалҳаршеит.
– Аибашьра анеилга ашьҭахьгьы иареи сареи аимадара ҳабжьан. Аԥсни, аԥсадгьыли еснагь игәы иҵхон. Дуаҩы разын, дҭынчын, аха ианаҭахыз, иахьаҭахыз аҭыԥаҿы дыҟан. Зыхьӡ ԥсра ӡра ақәымкәан наӡаӡа иаанзыжьыз афырхацәа дыруаӡәкуп, - иҳәеит Надараиа Тимур.
Гәымба Беслан Гәымсҭатәи ахырхарҭаҿгьы ажәыларақәа зегьы дрылахәын.

Хәажәкыратәи ажәылара 15 шықәса анахыҵуаз, Аԥсны Афырхаҵа Гәымба Беслан иқәгылараҿы, даара игәаҵанӡа инаганы, иҭахаз рзы дцәажәеит: – Аибашьра еибашьроуп, џьоукы ҭахоит, даҽа џьоукы рҭаацәарақәа рахь ихынҳәуеит. Аԥсҭазаара ус иҟоуп. Зегьы реиҳа исхамшҭуа хәажәкыратәи ажәылара ауп. Усҟан сара арота командирс саман, снапаҵаҟа 112-ҩык аибашьцәа ыҟан. Иҭахази хабарда ибжьаӡзи рхыԥхьаӡара маҷӡамызт… Урҭ зегьы ажәыларахь ианцоз сыбла ихгылоуп. Уи ажәылара иацыз агәырҩеи алаӷырӡи ушьапы уқәнарҟьоит, аха иаҳхамшҭроуп иҭахаз зегьы ргәымшәареи, рыӷәӷәареи, рфырхаҵареи, нас ауп урҭ ҳаԥсадгьыл иагәыцә хаданы ианаанхо…
Гәымба Беслан Шьаликәа-иԥа игәыԥ Ешыра ҵаҟатәи аганала аӷа ижәлеит, хәажәкыратәи ажәылара аан аибашьцәа хьыӡрацара ицошәа, акы иацәымшәаӡо ԥхьаҟа еихон. Ақырҭцәа рҭабиақәа ааныжьны, иҩуан. Убарҭ иаанрыжьыз рабџьар ҳаибашьцәа рхы иадырхәеит. Аха аамҭақәак рнаҩс аӷацәа рыкәшо иалагеит, бџьар хкыс ирымаз зегьы рыла ирылахысуан. Араҟа Лхаа аҿагылара ӷәӷәа ҟарҵеит. Ақырҭцәа рхахьгьы ирзаагомызт аԥсуаа рхы шьҭыхны, еибашьрала аӷацәа ирԥылоит ҳәа. Ҳаибашьцәа рџьаԥҳаны нҵәо иалагеит, ацхыраара иазыԥшын, аха аӡәгьы дара рахь изымнеит. – Арациа иҳамаз бааӡеит, - иҳәеит Возба Мартин, - уи иахҟьаны, аимадара ҳамаӡамызт.
Аибашьҩы Бгьоу Гарри еиҭеиҳәоз ахҭысқәа рацәан:– Буза акалашәа ишаз уаҩы дуун. Аибашьра наџьнатә аахижьҭеи далагылазшәа акәын ихы шааирԥшуаз. Шәарак, гәеиҭаԥарак имамызт. Ахаан имгәамҵуаз, зыбжьы ҭыганы имцәажәоз, зхатәы гәаанагара змаз, аибашьра адәаҿы ашьха ҳаракы еиԥш иӷәӷәара, имшәара зегьы иаҳбарҭан. Уи ҳгәы шьҭнахуан…
Аибашьра аԥхьатәи аамҭақәак рзы, 1992 ш. нҵәаанӡа Беслан Шьаликәа-иԥа иҩнаҭаҿы аҵеи дышиз аарылаҩит, уи гәырӷьара дуны ирыдыркылеит иара дзаԥызаз..
Гәымба Беслан иԥшәма Гыцба-Гәымба Жаннеи иареи ԥшьҩык ахшаара рааӡеит: Мадина, Кристина, Регина, Дмитри. Беслан иԥшәмаԥҳәыс Лыхнытәи абжьаратә школ аҟны рҵаҩыс аус луеит.
Гәымба Беслан Шьаликәа-иԥа шаҟа дҭуҵаауа аҟара ддауаԥшьны уаԥхьа даагылоит.
– Беслан, - иҳәеит Возба Мартин, - шамахамзар аҩныҟа дцаӡомызт. Иҟалап мызкала знык днеины даауазар. Уи иабжьага ажәақәа еснагь исыцуп…
Гәымба Беслан Ԥсоу инаркны Галынӡа аибашьратә хсаалаҿы ишьҭа аниҵеит. Ахаан цәаҩас имамызт, ихы аӡыргара, иҟаиҵаз алацәажәара. Еснагь игәы иҵхоз Аԥсны зхы ақәызҵаз ракәын. Аԥсны аибашьра анеилга 1995 ш. Лхаа Гәымба Беслан Шьаликәа-иԥа ақыҭа еиҳабыс далырхуеит. Иара убас Гәдоуҭатәи арезервтә батальон командирс дарҭоит. Егры аҳәаа ахьчарахь лассы-лассы аибашьцәа дрыцны дцон. Лаҭатәи аоперациа 1994 ш. мшаԥымзазы иҟаз далахәын.
2008 ш. Аҩадатәи-Кәыдрытәи аоперациа аангьы аибашьцәа рыгәҭа дгылан. Гәымба Беслан Шьаликәа-иԥа иԥсы ҭазҭгьы сынтәа 70 шықәса ихыҵуан, 62 ш. заҵәык роуп ихыҵуаз. Уи игәыҭбаара, иуаҩра, иламыс, игәымшәара, ифырхаҵара наӡаӡа ҳаԥсуа ҭоурых аҟны иаанхоит. Аԥсны Афырхаҵа ҳәа ахьӡ ҳаракы ихҵоуп. Ахааназ хашҭра зқәым ԥхьагылаҩны аибашьцәа ргәаҵаҿы дыҟазаауеит.
Беслан Шьаликәа-иԥа аиҳаби аиҵби здыруаз, знык иадамхаргьы иҿцәажәаз, дызбахьаз дихамшҭуа игәаҵаҿы даанхоит. Длашаӡа, ихы-иҿы ихаччо, ҳабла дыхгылазаауеит наӡаӡа.

Гугуца Џьыкырба

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me