Ахәыҷқәа зегьы бзиа ирбоит ампыл асра, амала урҭ зегьы мпыласыҩцәахом. Дыҟоуп уи аамҭа хыгагак аҳасабала зҽанызшәо, дыҟахуп даҽаӡәы ампыл ицизшәа изцызҳауа, уи ахәмарра мшаԥшараны изыԥхьаӡо, иарала зыхьӡ-зыԥша ахааназгьы ишьақәгыло. Убас, ашьапылампыл асра ҳаҭыр ду ақәҵаны, зҟазара ҳаракы ала адунеи аҟны зыхьӡ рылаҵәахьоу Аԥсны иааӡаз иреиуоуп: Владимир Маан, Ниазбеи Ӡаԥшь-иԥа, Витали Дараселиа, Цәеиба Ахрик, Роман Ҳагба, Саид Ҭарба, Беслан Гәыблиа, Руслани Беслани Аџьынџьалаа, урҭ иаарыҵагылаз – Анри Хагәышь, Герман Қәҭарба уҳәа аӡәырҩы. Иахьатәи аамҭазгьы арҭ атрадициақәа лҵшәа ҳаракыла реихаҳара иаҿуп ҳтәылаҟнеиԥш, уи анҭыҵгьы еиуеиԥшым аклубқәа рҟны ихәмаруа, ахәаԥшцәа ргәыблра иаԥсахахьоу – Алим Аиба, Алиас Асланӡиа, Мараҭ Агрба, Заур Ҭарба, Леон Сабуа, Лука Багаҭелиа уҳәа иҵ.
Арҭ зегьы, Дырмит Гәлиа ифырԥҳәызба Камаҷыҷ илзынархоу аныҳәаԥхьыӡ «Наԥҳа Кьагәа иеиԥш иӷәӷәоу, Кәаӷәаниа Абас еиԥш иҟазацәоу» хаҭарақәоуп ашьапылампыл асраҿы. Аха, ари аспорт хкы аганахьала, шамахамзар дуԥылом ҳтәыла иахаҭарнаку, ҳажәлар иреиуоу «Ануаԥҳа Ҳауидеи, Аӡын-ԥҳа Ҟаимыҭхани, Ӷьџьыџь-ԥҳа Ҭакәынеи реиԥш ахьӡи-аԥшеи змоу, дара убарҭ реиԥш иаԥсаны иҟоу» аҭыԥҳа, иаҳхысыз ашәышықәса 80-тәи ашықәсқәа рҽеиҩшамҭазы, Тҟәарчал ақалақь аҟны ииз Ельвира Ҭодуа лакәымзар.
Насыԥ имоуп ауаҩы, ишьҭихыз ахықәкы анагӡара анилшо. Баша ирҳәом ҳажәлар – уара иуӡбо Анцәа иуциӡбароуп ҳәа. Ауаа зегьы ԥшрала ҳшеиԥшым еиԥш, ҟазшьалагьы, занааҭлагьы, лшаралагьы ҳзеиԥшхом. Имариам ихьӡырҳәагоу акаҵәарахь амҩа анылара, аҵгәара рылшом зегьы. Уи ашьҭыхра иазхымԥадатәуп аус гәыкала азыҟазаара, акрычҳара згәаӷь хәаԥсам агәаҳәара. Арҭ ацәаҩатә хаҭашьақәа акагьы далхәдаам, ааигәа, иҳараку зҟазарала еицырдыруа, Урыстәылатәи аҳәса ршьапылампылтә клуб «ЦСКА» аҟны зыспорттә бзазара хзыркәшаз, жәларбжьаратәи аҩаӡара змоу аспорт азҟаза Ельвира Зураб-иԥҳа Ҭодуа.
Ельвира диит ианвар 31, 1986 ш. рзы Тҟәарчал. Ашкол ахь лшьаҿеихгара ҩымчыбжьа шагыз иалагеит «шәиԥхьыӡ згымхаша» 1992-1993 ш.ш. рзтәи аџьынџьхеиқәырхаратә еибашьра. Уи аамҭа цәгьа зегьы лықалақь гәакьаҿы ирхыргеит лҭаацәеи лареи. Аибашьра ашьҭахь лашьа игәабзиара ахьуашәшәырахаз инамаданы нхара ииасуеит Ростовтәи атәылаҿацә, Новочеркасск ақалақь ахь.
Бзиа иубо – малыр амаӡам ҳәа шырҳәо еиԥш, Ельвира лхәыҷра ашықәсқәа инадыркны лҽырзылшәон акырынтә аԥхьахәқәа ахьланаршьахьаз еиуеиԥшым аспорт хкқәа: амҵәышәмпыл, аӡиудо, абокс, агимнастика уҳәа рҟынгьы, аха зыԥсҭазаара зегьы ашьапылампыл иазызкырц зыӡбаз аӡә шлакәыз лнубаалон усҟангьы. Иалкааны уи ахықәкы шьҭылхит, 9 ш. лхыҵуаны, Новочеркасск, ахәыҷтәы-қәыԥштә спортшкол – 10 аҟны ашьапылампыл аҟәшахьы аныҟәара даналага инаркны. Хара имгакәагьы аспорттә школи ақалақьи иеизгоу ахацәа ркомандақәа реилазаараҟны дыхәмаруа далагеит. Аха, «ҟазарала» раԥхьа лхы «ахьылнаҭыз» ақ. Шахты акоманда «Дон-Текс» аҟны ауп, жәылаҩыс. 14 ш. анылхыҵ инаркны Краснодартәи аспорт-интернат «Кубаночка» аҟны деилҟьа-еилӷәыцәӡа лаԥханагьлацәа днарылагылеит. Аԥышәа ҳаракы змоу азыҟаҵаҩ Игорь Азумец игәеиҭеит Ельвира бзиа илбоз аспорт хкы дшамараз, лаԥхьаҟагьы аԥеиԥш зауа аӡә шлакәыз. Амала, ажәылараҿы акәымкәа, амбахьчараҟны. Убри аҟнытә, хаҭала акыр аамҭа лҽазыҟалҵон, лбаҩхатәра џьашьауа «амбахьчараҟны ари ауаҩ дфеноменуп» ҳәа лзызҳәахьаз, еицырдыруа аҟаза Михаил Скоков иҟны. Анаҩс, аспорт ахҳәааҟаҵаҩцәа – ажурналистцәагьы «Аиԥка зшәу Акинфеев» ҳәа ахьӡшьара лырҭеит.
Ҩышықәса араҟа лыхәмарра еицгәарҭеит ахәаԥшцәа реиԥш азыҟаҵаҩцәагьы. Убри аҟнытә, акыр акомандақәа: ЦСК ВВС (Самара); «Россианка» (Москва); «Риазан – ВДВ»; СКА (Ростов) реилазаарақәа рҟны дықәгылон 2016 шықәсанӡа. 2001 ш. инаркны дахыԥхьаӡалахеит (зынӡа 102 еиԥылара ахьымҩаԥылгаз) аҭыԥҳацәа-қәыԥшцәа Урыстәыла еизгоу ркоманда. Уи аилазаара даланы ауп 2005 ш. рзы Европа дшачемпионхаз. Иазгәаҭатәуп араҟа, Ельвира аҵыхәтәантәи жәашықәса дахьыхәмаруаз аҳәса ршьапылампылтә клуб «ЦСКА» аилазаараҟны, лара лнаҩс, Европа иачемпионхахьаз Галина Важнова заҵәык шлакәыз.
Ельвира Ҭодуа аамҭақәак рзы лбаҩхатәратә ԥышәа иазлырҳауан Малаховтәи абҩарҵәыратә аинститут аҟны. 2016 ш. рзы аҳәса ршьапылампылтә клуб «ЦСКА» анаԥҵаха инаркны, уи ихадоу аилазаараҟны дықәгылон. Аклуб аҭоурыхаҿы раԥхьатәи ампыл ҭазыршәызгьы (ахараԥса асра ала) лара лоуп, уи апрель 29, 2016 ш. рзы, аклуб «Чертаново» ацхәмарраҟны ауп. Иҳәатәуп убасгьы, ноиабр 11, 2021 ш. рзы ари аклуб аилазаара дахәҭакны, Ельвира ишымҩаԥылгаз 100-тәи лыхәмарра (лара лаԥхьа ари аклуб аҟны шә-хәмаррак мҩаԥызгахьаз – Надежда Смирнова лакәын). Апрель мза, 2023 ш. раахыс, Ельвира дыхәмаруан убасгьы, амедиатә шьапылампылтә клуб «Матч ТВ» аилазаараҟнгьы.
Ашьапылампыл ахәмарраҿы иааирас иҟоу ҟазарала, амбахьчароуп, уи маӡам. Убри азоуп, зыхьӡ нагоу аҳәса ршьапылампылтә клуб анапхгареи ахәмарҩцәеи ианакәызаалак, жәҩанахьтә аԥсеиқәырхаҩ дылбаазшәа ргәыӷрақәа Ельвира излыдырҳәалоз.
Лбаҩхатәра ҳаракы аҩаӡара ихнахны, изныкымкәа «ажәа лнырҵахьан» акымкәа аҳәаанырцәтәи ашьапылампылтә клубқәа: Даниатәи «Брондбиу», Швециатәи «Умео», Франциатәқәа «Лион»-и ПСЖ-и уҳәа иҵегь рнапхгарақәа. Имаҷым ахашәалахәы шлыдыргалозгьы, луаҩра ԥыжәара агеит, илымԥсахит Ельвира лклуб.
Аҭыԥҳа-ашьапылампыласҩы лыхәмарра хаҭалатәи аҟазшьеи, уи анагӡашьеи, ахәаԥшҩы иазҿылмҳара ҳаранакуеит, леилҟьара иахылҵуа лазԥхьагәаҭарақәа ирылҵшәаны лхы иаллыршоз азнеишьақәа удыршанхоит, ҳәа иааилацалан алкаа ҟаҳҵар агха ҳахьуам ихымԥадатәны. Уи «ЦСКА»-ҟны жәашықәсатәи лыхәмарра иалагӡаны ларма шьамхи, ларӷьа жәҩахыри, лмычхәылҵи рҟны илоуз абаҩԥҵәарақәа ирыхҟьаны, жәынтә аҳақьымԥҟаҩцәа «рыҳәызба» даҿашәахьеит. Ларӷьа нацәкьыс акәзар, шықәсыла агиԥс ишҭаз иҭаӡан.
2025 шықәсазтәи ахәмаррақәа дрылахәхартә залымшеит лыжәҩахыр инагӡаны иахьышьақәымгылацыз аҟнытә. Ампыл асырҭа адәашҟа дахьцәырҵыз атәыла Ахраҿа хада аҽаԥсатәразы аиԥылараҿы ауп, уаҟа жәашықәса раԥхьа еиԥш, Ельвира ахараԥса икылкааны ласра ала аиааира алыргеит лклуб гәакьа. Ари ахәмарра иагьҵыхәтәантәихеит лыбаҩрҵәыратә ԥсҭазаараҿы. Ажәакала, лалагашьа лхыркәшашьахеит.
Араҟа иазгәаҭатәуп даҽакгьы: Ельвира иаанлыжьуа аклуб аҟны, аҵыхәтәантәи хәышықәса раахыс дшыхәмаруа, шьала-дала иаҳхылҵшьҭроу, Ҟарачы-Черқьесск – Адыга – Ҳаблтәи, ҩажәи хԥа шықәса зхыҵуа абаза ҭыԥҳа, ахьчаҩбжа Даиана Кишмахова.
Убла хызкуа шьыжьшәаԥшь аԥшӡашьа раԥхьаӡа ушаршанхо еиԥш ауп, аԥсуа ԥҳәызба леихьӡаракәа шуныруа: хәынтә Урыстәыла ачемпион; бжьынтә ачемпионат араӡнытә аԥхьахәгаҩ; фынтә Урыстәыла Ахраҿа зҽаԥсазтәыз; ԥшьынтә – Урыстәыла иреиӷьӡоу амбахьчаҩ ҳәа иалкаахахьоу; 2025 ш. рзы Аԥсны иреиӷьу аспортсмен ҳәа дыԥхьаӡоуп.
Ельвира ашьапылампыл анаҩсгьы дрызҟазоуп афатәҟаҵареи аӡахреи. Лассы-лассы акәымзаргьы амодатә журналқәа рзы лыҽҭылхуеит. Данқәыԥшыз, аамҭа- хыгагак аҳасабала бзиа илбон амашьына «ирӷьны» арныҟәцара, аха уажәшьҭа иҭышәнлыртәалахьеит уи аус. Дҭаацәараӡам. Ларӷьа нап аҟны, лмашьхәылҵ иааркны ианымҵуа шәыгала (татуировка) иҭыхуп, сыԥсҭазаара зырманшәало дыргаҷыдоуп (талисман) ҳәа илыԥхьаӡо аԥсуа бираҟ.
Зхы-зҿы ԥшӡа еснагь аччаԥшь ықәу, лыбла гәкыҭбаақәа ҭылашаауа, аԥсшәа шеилылкаауагьы, иахьылзымҳәо дацәыԥхашьо: – Аԥсҭазаара сшыхәыҷызнатә Аԥсны ацәыхарахара шсықәнаршәазгьы, ианакәызаалак сазыгәдууа исҳәоит сара саԥсуоуп, Кавказ сахаҭарнакуп, – ҳәа. Еснагь исҭахуп сыжәлар срыцыҟазаарц, ргәырӷьареи рхьааи рыцеиҩысшаларц, аха иалҵуам, аамҭа ус иҟалеит. Абзазара злеиӷьхаша уазықәԥалароуп ианакәызаалак, ухы уацәымаашьар иулуршаша рацәоуп. Есымша иҟоуп уҽыззушәалаша аҩаӡара.
Сара сзы ҳаҭыр дууп аклуб аҟны ахәмарра, уи аамҭа баша имҩасыз шықәсқәам, ари ԥсҭазаароуп, – ҳәа лажәа хлыркәшеит, жәларбжьаратәи аҩаӡара змоу аспорт азҟаза лыҿцәажәараҿы.
А.Амзацба


