Уи иалахәын Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба, Аҳәынҭқарра Ахада ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа, аԥыза-министр Владимир Делба, Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Беслан Ешба, Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин.
Асасцәа аԥсшәа раҳәо, Бадра Гәынба иҳәеит:
«Акыр иаԥсоу аҩызцәа, ҳаԥсадгьыл аҳҭнықалақьаҿы шәбара сеигәырӷьоит. Башкортосҭани Аԥсни реизыҟазаашьақәа адинамикатә ҟазшьа рыманы иҿиоит. Арҭ аизыҟазаашьақәа жәашықәсала ишьақәгылон. Ибзиаӡаны иаҳгәалашәоит зегь реиҳа ихьанҭаз аибашьра ашьҭахьтәи ашықәсқәа раан Башкортосҭан иҳанаҭаз ацхыраара. Ҳастудентцәа Уфа аҵара рҵон, Башкортосҭантәи агуманитартә еидарақәа ааргон. Аԥсны жәлар ари адгылара ргәалашәоит, иҟашәҵаз зегьы азы ҭабуп ҳәа шәарҳәоит. Иахьа ҳара ҳҿаԥхьа дҵас иқәгылоуп ҳаиҩызаратә еизыҟазаашьақәа рыцҵара».
Башкортосҭан анапхгара рделегациа иалоуп, адәныҟаекономикатә еимадарақәеи аконгресстә усуреи рминистр Маргарита Болычева, адәныҟаекономикатә еимадарақәеи аконгресстә усуреи рминистрра ахаҭарнак Олег Назаров, икоммерциатәым аиҿкаара «Башкортосҭан Ареспублика аинфраструктуратәи асоциалтәи проектқәа рынагӡара Афонд» анапхгаҩы хада Андреи Стариков.


