Ақырҭаа ихьӡ зху амҩаду ала аныҟәара аԥҟарақәа ԥсахуп

Аҟәа ақалақь Ахадара амҩатә шәарҭадара аиҿкаара адепартамент амашьынарныҟәцаҩцәа адырра рырҭоит Ақырҭаа ихьӡ зху амҩаду аҿы аныҟәара аԥҟарақәа шыԥсаху ала.

Ашәахьа инаркны еиҭарҿыцхоит атроллеибусқәа "Маяк-Каштак" ахырхарҭала рныҟәара.

Ақырҭаа ихьӡ зху амҩаду аҿы ҩаԥхьа ауаажәларратә транспорт азы иазалху ацәаҳәа ҟалоит.

Уажәазы атроллеибустә цәаҳәақәа дырҽеиуеит, ауаажәларратә транспорт азы иазалху ацәаҳәа анырҵоит. Атроллеибусқәа ари амҩаҿы ианымныҟәоз амашьынарныҟәцаҩцәа ауаажәларратә транспорт аган рхы иадырхәон.

Аҟәа ақалақь Ахадара амҩатә шәарҭадара аиҿкаара адепартамент амашьынарныҟәцаҩцәа рахь аҳәара ҟарҵоит, ауаажәларратә транспорт зхы иазырхәо ақалақь ауааԥсыреи асасцәеи рзы ашәарҭара ҟазҵо аҭагылазаашьақәа аԥырымҵаларц: иалдоу ацәаҳәа иахымсырц, уи ацәаҳәа имҭаларц, атроллеибусқәа рымҩа еихырымҵәарц, иаадырԥшларц агәҽанызаара.

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me