Аҽазыҟаҵарақәа рымҩаԥысшьа дацклаԥшуан аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Роберт Кьиут. Уи ас еиԥш иҟоу аҽазыҟаҵарақәа раан аиқәырхаҩцәа рԥышәа иазҳауеит ҳәа азгәеиҭеит Аԥсныпресс иаиҭаз аинтервиу аҿы.
«Аиԥш-зеиԥшу аусмҩаԥгатәқәа рҵакы дууп, избанзар атәылаҿы аамҭа-аамҭала аҭагылазаашьа ҷыдақәа ҟалоит. Анеирҭа ахьыуадаҩу, ашьха иаԥну аҭыԥқәа рыҟны имҩаԥысуа азыҟаҵарақәа ирылҵшәахоит ицәырҵуа ауадаҩрақәа ирццакны раԥыхра», – ҳәа азгәеиҭеит Кьиут.
Риҵатәи ареликттә милаҭтә парк аҿы аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥысуеит анеирҭа ахьыуадаҩу аҭыԥқәа рҿы уи иалнаршоит аҭагылазаашьа уадаҩқәа ҟалар ирласны уи иақәшәаз ицхраара.
Есышықәса аԥсашьҩцәа лассы-лассы изҭаауа аҭыԥ аҿы иааиԥмырҟьаӡакәа аҽазыҟаҵарақәа рымҩаԥгара, иалнаршоит иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рыӡбара есымша азыхиазаара.


