Уаҟа иҟоуп Феликс Петуваш, Павел Амасиан, Владимир Мехед, Абдуллаҳ Берсиров, Владимир Бредихин, Васили Нихотин уҳәа, Адыгьеиа анҭыҵгьы збаҩхатәра ҳаракы аӡбахә наҩхьоу аӡәырҩы рырҿиамҭақәа. Аԥҵамҭақәа зегь рынагӡашьала еиԥшым ҳәарада.
– Сара ашықәс аамҭақәа зегьы сырҿиара ранырԥшра бзиа избоит, еиҳаракгьы аӡын. Сҽазысшәоит урҭ ихьшәашәоу, илахьеиқәҵагоу ҭыхымҭақәамзарц, ус иҟоу аусумҭақәа еиҳа пату рықәызҵо ахәаԥшцәа шмаҷҩымгьы. Аӡын иазку сусумҭақәа рҟны еиҳа ԥыжәара рзызуеит иуаркалеиуа аԥшшәхәқәеи алашареи ҳәа азгәалҭеит, заԥҵамҭақәа хԥа араҟа ицәыргақәҵоу, асахьаҭыхҩы ҟаза Татиана Осадчаиа.
Маиҟәаԥаа лабҿаба излагылоу асы рацәеи аҟазацәа рыблала иаԥҵоу аӡыни еиҿдырԥшырц алшара рымоуп февраль 1-нӡа.
Убасгьы, У.Х.Тхабисимов ихьӡ зху Адыгьеиатәи ареспубликатә ҟазара аколлеџь аҟны, ианвар 16-19 рзы «Артист имш» ахьӡала имҩаԥган аҵараиурҭа аҟәшақәа: «Аҿыханҵеи», «Адекоративтә ҟазареи жәлар рааглыхи» рстудентцәа рцәыргақәҵа. Уи аартра аҽны, аилатәаратә уада маҷ аҟны имҩаԥысит аҿар реиԥш, аиҳабыратә абиԥара рхаҭарнакцәа рахьтәгьы жәпаҩыла азыӡырҩцәа здызыԥхьалаз, аҵараиурҭа арҵаҩы, аҟазара зҽаԥсазтәыз аусзуҩы, атеатрҭҵааҩы Светлана Шхалахова иаарту ллекциа «Черкесские вечера в Екатерианадаре начала ХХ века» атема ала.
Алахәцәы разҿлымҳара арҵарит еиҳагьы, аимак-аиҿак зхылҿиаауаз азҵаарақәеи урҭ рҭакқәеи. Инеизакны аҟаза лажәахә гәахәара ҳаракыла ирыдыркылеит зегьы.


