Аԥсны абиуџьет иалагалан

Ашәахтәқәеи аизгақәеи рзы Аминистрра ахылаԥшрала Аԥсны абиуџьеттә система ахашәалахәқәа ҳазҭоу 2025 шықәса 10 мзы рыла   922 млн.  473,9 мааҭ рыла иазҳаит.

Иҳаҩсыз  2024 шықәса аиԥш-зеиԥшу аамҭа иаҿырԥшны уахәаԥшуазар, уи 6 млрд. 199 млн. 439,5 мааҭ рҟынӡа инаӡеит, убри аан планла иазԥхьагәаҭан  – 5 млрд. 576 млн. 138,7 нызқь мааҭ.  

 Аплантә рбагақәа 111% рыла инагӡоуп.

Ашәахтә шәатәқәа ралагалара араионқәа рҿы 2025 шықәса 10 мзы рыла абас ала ишьақәгылеит:

 Аҟәа: алагалақәа 413 млн. 721 нызқь мааҭ рыла иазҳаит, иҳаҩсыз 2024 шықәса аиԥш-зеиԥшу аамҭа иаҿырԥшны. Урҭ реицҵалыҵ 2 млрд. 840 млн. 628 нызқь мааҭ рҟынӡа инаӡеит (109%), убри аан планла иазԥхьагәаҭан 2 млрд. 609 млн. 645 нызықь мааҭ.   Гагра араион: алагалақәа иазҳаит 246 млн. 322 нызқь мааҭ рыла, иҳаҩсыз 2024 шықәса аиԥш-зеиԥшу аамҭа иаҿырԥшны урҭ реицҵалыҵ 1 млрд. 878 млн. 523,4 нызқь мааҭ рҟынӡа инаӡоит (110%), убри аан планла иазԥхьагәаҭан – 1 млрд. 711 млн. мааҭ.

Гәдоуҭа араион: алагалақәа иазҳаит 26 млн. 239 нызқь мааҭ рыла, иҳаҩсыз 2024 шықәса аиԥш-зеиԥшу аамҭа иаҿырԥшны урҭ реицҵалыҵ 569 млн. 649,2 нызқь мааҭ рҟынӡа инаӡоит (112%), убри аан планла иазԥхьагәаҭан – 508 млн. 131,2 нызқь мааҭ.

Аҟәа араион: алагалақәа иазҳаит 63 млн. 44 нызқь мааҭ рыла, иҳаҩсыз 2024 шықәса аиԥш-зеиԥшу аамҭа иаҿырԥшны урҭ реицҵалыҵ 229 млн. 172 нызқь мааҭ рҟынӡа инаӡеит (174%), убри аан планла иазԥхьагәаҭан – 131 млн. 870,6 нызқь мааҭ.  

Гәылрыԥшь араион: алагалақәа иазҳаит 162 млн. 354 нызқь мааҭ рыла, иҳаҩсыз 2024 шықәса аиԥш-зеиԥшу аамҭа иаҿырԥшны урҭ реицҵалыҵ 351 млн. 91,2 нызқь мааҭ рҟынӡа инаӡеит (149%), убри аан планла иазԥхьагәаҭан – 236 млн. 399 нызқь  мааҭ.  

Очамчыра араион: алагалақәа лаҟәит 8 млн. 810 нызқь мааҭ рыла, иҳаҩсыз 2024 шықәса аиԥш-зеиԥшу аамҭа иаҿырԥшны урҭ реицҵалыҵ 200 млн. 289 нызқь мааҭ рҟынӡа инаӡеит (73%), убри аан планла иазԥхьагәаҭан – 276 млн. 182,9 нызқь мааҭ.  

 Тҟәарчал араион: алагалақәа ирызҳаит 1 млн. 848 нызқь мааҭ рыла, иҳаҩсыз 2024 шықәса аиԥш-зеиԥшу аамҭа иаҿырԥшны урҭ реицҵалыҵ 48 млн. 642,8 нызқь мааҭ рҟынӡа инаӡеит (133%),  убри аан планла иазԥхьагәаҭан – 36 млн.  495,3 нызқь мааҭ.  

 Гал араион: алагалақәа ирызҳаит 17 млн 758 нызқь мааҭ рыла, иҳаҩсыз 2024 шықәса аиԥш-зеиԥшу аамҭа иаҿырԥшны урҭ реицҵалыҵ 81 млн. 443,9 нызқь мааҭ рҟынӡа инаӡеит (123%), убри аан планла иазԥхьагәаҭан – 66 млн. 414,7 нызқь мааҭ.

Аԥсныпресс.

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me