Абри азы Аусҧҟа инапы аҵаиҩит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Гәынба Бадра.
Аҧсны Аҳәынҭқарра аҭыҧантәи ахаланпхгара аусбарҭақәа рдепутатцәа рзинмчқәа рыҿҳәара ахыркәшара инамаданы, «Аҧсны Аҳәынҭқарра административ-ҵакырадгьылтә акқәа рыҟны напхгараҭаразы" Аҧсны Аҳәынҭқарра Азакәан инақәыршәаны, ақалақьқәеи араионқәеи радминистрациақәа рнапхгаҩцәа ирыдҵоуп рнапынҵақәа рынагӡара закәанла ишьақәыргылоу аҧҟарала изыхәҭоу админстрациақәа рнапхгаҩцәа аҭахаанӡа.


