▫️ Аҵара министр Хана Гәынҧҳа дазааҭгылеит арҵаҩцәа-амҩақәҵаҩцәа ралхра шымҩаҧысуаз. Аҵара аминистрра иазнархиеит ааӡаратә программа ҿыц абжьаратә ҵараиурҭақәа рзы, аԥсуара шьаҭас иаҭаны, арҵаҩцәа -амҩақәҵаҩцәа имҩаԥырго.
▫️ Аҵара аминистрра аконкурс рыланаҳәеит, 61-ҩык аконкурс аҽалархәразы арзаҳал аларҵеит.
Апедагогикатәи апсихологиатәи ԥышәара иахысыз аиҿцәажәарахь иааԥхьан. Анаҩс арҵаратә программақәа рахь. Иахьатәи амш азы аԥышәарақәа ирхысны арҵаратә модуль рхы аладырхәуеит 18-ҩык. Арҵаратә модуль мҩаԥыргоит аҵарауаа, апедагогикатә институт, Аҵара аминистрра.
▫️ Аусура ақәкы: аԥсуа цәаҩала иӷәӷәоу ауаҩы иааӡара, зҭоурых иазҿлымҳау аҵаҩы ихдырра аарԥшра, Аԥсадгьыл азы ахамеигӡара аазырԥшуа ауаҩы иааӡара.
▫️ Ақәкы рдыруеит, иалхыз 18-ҩык анагӡара иазхиоуп.


