Заԥхьаҟа ипоет духараны, ипрозаикхараны иҟаз, еицырдыруа ароман «Ацынҵәарах» автор дахьииз иҩны-амузеи експозициаҿы иҟоуп хаҭалатәи имаҭәахәқәа, адокументқәа, афотосахьақәа, агәаларшәагатә ҳамҭақәа.
Аҟәатәи абжьаратә ашкол №6, 8-тәи акласс аҵаҩцәа амузеи адиректор ихаҭыԥуаҩ Марина Џьапуаԥҳа аекскурсиа анырзымҩаԥылга ашьҭахь, ашҭаҿы инеи-ааит. Урҭ Баграт Шьынқәба иажәеинраалақәа ирыԥхьеит, ирҳәеит ашәақәа, инарыгӡеит аԥсуа кәашарақәа.
«Ашколхәыҷқәа рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп аԥсуаа, аурысцәа, аерманцәа, аҟабардақәа, иҟоуп лассы-лассы ақыҭақәа рахь имаауа, аԥсуаа рыбзазара бзианы иззымдыруа. Зегьы азҿлымҳара ду рыманы аекскурсиа мҩаԥызгоз илзыӡырҩуан, азҵаарақәа лырҭон», – лҳәеит ахәыҷқәа ирыцыз аԥсуа бызшәа арҵаҩы Ада Гергиаԥҳа.
«Даара ибзианы иаҳԥылеит, иаҳзеиҭарҳәеит Баграт Шьынқәба иԥсҭазаара, аԥсуа ҵасқәеи ақьабзқәеи рымҩаԥгашьа», – ргәаана ҳацеиҩишеит ахәыҷқәагьы.