Шәҩык рҟынӡа аҵаҩцәа рыҽҭарҩит Лыхны ҿыц иаадыртыз аспорттә секциахь

Иахьа Лыхны ақыҭан аҭыԥантәи ахадара ахыбраҿы иаадыртит зхы иақәиҭу ақәԥарази абокси рзы аспорттә зал ҿыц.

Аҽазыҟаҵарҭатә ҭыԥқәа ҩба, аҽыкәабарҭақәа еиҭашьақәыргылан Аԥсны Ахада Бадра Гәынба идҵала. Аҳәынҭқарратә биуџьет аҟынтәи аиҭашьақәыргыларатә усурақәеи иахәҭоу аспорттә инвентар аахәареи рзы иазоужьын 15 миллион инарзынаԥшуа аԥара.

Аартра ацеремониа рхы аладырхәит Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба, аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Ҭарашь Ҳагба, Гәдоуҭа араион ахада Валери Аҩӡба, иара убасгьы зыхьӡ нагоу аспортсменцәа: зхы иақәиҭу ақәԥаразы адунеи ачемпион Рашь Хәытабеи, адунеии Европеи рчемпион, Аолимпиатә хәмаррақәа рҿы аџьаз медал занашьаз Денис Царгәыш.

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me