Ԥсҳәы ақыҭан

Аҟәа араион аҿы ашьха иаԥну ақыҭа Ԥсҳәы Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡаан Санчаратәи ашьхахыҵырҭаҿы иҭахаз 12-ҩык асовет еибашьцәа рбаҟа аадыртит.

Абаҟа аартра иазкыз аусмҩаԥгатә рхы аладырхәит Аԥсны атәылахьчара аминистр Владимир Ануа, уи ихаҭыԥуаҩ, аинрал-маиор Давид Бжьаниа, Аҟәа араион Ахадара ахаҭарнакцәа, аҭыԥантәи ауааԥсыра. Атәылахьчара аминистр ихаҭыԥуаҩ, аинрал-маиор Давид Бжьаниа ари ахҭыс аҭоурыхтә ҵакы амоуп ҳәа иазгәеиҭеит. «Кавказ ахьчаҩцәа рыԥсҭазаара ахҭынҵаны ирылшеит аӷа иҿагылара. Ҳара ахаангьы иаҳхашҭуам Аиааира аагараҿы Аԥсны иреиӷьыз аԥацәеи аԥҳацәеи рхы шахҭнырҵаз», — иҳәеит Давид Бжьаниа.

Ашьха иаԥну ақыҭа Ԥсҳәы – Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аан анемец мпыҵахалыҩцәа Аԥсны иааныркылаз аиланхарҭатә ҭыԥ заҵәык акәын. Араҟа, Аԥсны аҵеицәа назлаз  Ар Ҟаԥшь аӷа ӷәӷәала иҿагылеит. Абаҟа аартра азкын ақыҭа афашисттә мпыҵахалаҩцәа рҟынтәи ахақәиҭтәра амш. Иҭахаз аруаа рыԥсыбаҩқәа ԥшааны, 1963 шықәсазы ақыҭа агәаҿы аиашьаратә ԥсыжырҭаҿы анышә иамардеит.

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me