Иҭабуп ҳәа раҳҳәоит

Ашьха ашьапаҿы ишьҭоу, ԥсабарала иҩычоу, зҳауа зҩыдоу қыҭоуп Ӷәада. Ақыҭа агәаны игылоуп, Қь.Ҟ.Агәмаа ихьӡ зху Ӷәадатәи абжьаратә школ.

Ари ашкол иаушьҭымҭацәаха­хьеит хыԥхьаӡара рацәала аҵарауаа, ашәҟәыҩҩцәа, аҳақьымцәа, арҵаҩцәа дуқәа, ауаажәларратә усзуҩцәа, ашәаҳәацәа, акәашацәа. Ӷәадатәи абжьаратә школ иаушь­ҭымҭацәоуп, ҳаԥсадгьыл ахьчаразы гәымшәарала игылаз ақыҭа аҵеицәа. Урҭ рыбжьара иҟоуп аҳәынҭқарратә ҳамҭақәа занашьоу: «Аԥсны Афырхаҵа», «Леон иорден», «Агәымшәараз» амедал. Урҭ рахьтә ҩажәи ааҩык инарзынаԥшуа рыԥсадгьыл ахьчара рхы ақәырҵеит.
Ишдыру еиԥш, аибашьра ашь­ҭахьтәи аамҭақәа рзы, Аԥсны ахи аҵыхәеи ҳаԥсуа школқәа зегьы рҭагылазаашьақәа хьысҳан. Аха аҳәынҭқарра иалшоз зегь маҷ-маҷ иҟанаҵон ашколқәа реиҿкаара, реиҭашьақәыргылара, уимоу шьаҭанкыла аԥсахрақәа рзы. Иагьа иуадаҩзаргьы, ирҽеитәын, еиҿкаатәын, ҳаамҭа иақәшәо аҵаҩы деибыҭаны, ҵарадыррала дыӷәӷәахартә еиԥш аҭагылазаашьақәа аԥҵатәын.
Убарҭ зегь реиԥш, Очамчыра араион Қь.Агәмаа ихьӡ зху Ӷәадатәи абжьаратә школ иҿыцны иргылан аибашьра ҟалаанӡа, аха инагӡаны ихыркәшамызт. Ари ахыбраҿ аҵаратә процесс хацыркын 2002 ш. Абарҭ ашықәсқәа инадыркны, Очамчыра араион Ахадареи, аҵара аҟәша анапхгареи иҟарҵоз ацхыраарала аҵарашықәс ҿыц алагамҭаз, еснагь иаҳшәуан аҭыӡқәа, адашьмақәа, ажәакала аҵаҩы игәы иақәшәартә еиԥш излауала иҳарҽеиуан. Есышықәса аамҭа ԥхьаҟа ицоит, рҽырԥсахуеит аҵаҩы иҭахрақәа ирықәшәо арҵаратә технологиақәа. Иааидкылан арҵаратә процесс зегьы ахаҭабзиара. Иҟаҵаз шырацәазгьы, иагызгьы даара имаҷмызт.
2024-тәи аҵарашықәс азы ҳашкол даҭаан ибеит, Аԥсны Жәлар Реизара адепутатс иалхыз, Гәаланӡиа Вахтанг Владимир-иԥа, ауаҩы лаша ауаҩы гәыраз. Иблала ҳашкол аҭагылазаашьа аниба, хара имгакәа ҳаамҭа иақәшәо, арҵаҩцәа руада ихатә харџьқәа рыла иҳазирҿыцит. Амшцәгьақәа раан, ашкол агәашә аартны аҭалара уадаҩын, аӡы ҭатәон. Убраагьы имаҷымкәа абӷанҷ ықәиԥсеит. Игәы иҭаз рацәан ҳқыҭаз, ҳашкол азы, аха дахьымӡеит. Заа иҿахҵәеит илахьынҵа. Иҭабуп ҳәа иаҳәахагьы зыҟамлеит. Асеиԥш иҟаз аҵеи хазына ицәыӡра, зегьы ҳзын игәыхьхеит. Илашазааит иԥсаҭа!

2025-тәи аҵарашықәс азы иҟалеит ҳҵаҩцәеи ҳареи акыр шықәсақәа инеиԥынкыланы ҳаззыԥшыз ахҭыс Ӷәадатәи абжьаратә школ иагыз-иабзаз Аԥсны Ахада иҟынӡа инеигеит, аспорт аусқәа рзы, Ахада иабжьгаҩ, Ӷәада ақыҭаҿ ииз, иааӡаз Ашәба Ахра Нодар-иԥа. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Гәынба Бадра Зураб-иԥа ари ажәалагала дахаҵгылеит. Раԥхьа идырҽеит ҳхәыҷқәа зегь реиҳа изеигәырӷьаз аспорттә зал. Иахьа иҳааӡо ахә­ыҷы, маха-шьахала, гәабзиарала дыӷәӷәахарц азы изаԥҵазароуп, аҭагылазаашьа бзиақәа зегьы. Аспорттә зал иқәмызт, адашьма, ирҽеимызт аҭӡқәа, иҿамызт аԥенџьырқәа. Иагьа убас иҟазаргьы, ҳашкол аҵаҩцәа Очамчыратәи аспорттә еицлабрақәа есышықәса рхы аладырхәуан, еснагь иааныркылон аԥхьахәтә ҭыԥқәа.
Аспорттә зал еиҭашьақәыргылан ианалга ашьҭахь, ҳашкол иаҭааит имаҷымкәан асасцәа, урҭ рхадараҿы дыҟан Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Гәынба Бадра Зураб-иԥа. Ари аиԥылара аныҳәатә ҟазшьа аман. Ашкол адирекциеи арҵаҩратә еилазаареи иҭабуп ҳәа иарҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада.
Аиҭарҿыцрақәа ара иаанымгылеит. Аиԥылараан Аҳәынҭқарра Ахада иқәгылараҿы: «ҳқыҭақәа рҿоуп ҳбызшәа ахьиуа, араҟоуп иахьеиқәу аԥсуа ихәышҭаара. Ҳқыҭақәа ирылҵыз роуп ҳадгьыл гәышԥыла изыхьчаз! Аҳәынҭқарра иалшо зегь ҟанаҵоит ақыҭа школқәа рыцхырааразы», – ҳәа азгәеиҭеит. Арҵаҩратә еилазаара ақәиргәыӷит ашкол ашьыхра, ахаҿра аиӷьтәразы аусурақәа шхацыркхо. Ишиҳәаз еиԥш, аҵарашықәс анхыркәшаха, аԥышәарақәа ҳанрылга, аусурақәа ирыцҵан.
Цәыббра аказы, ҳгәырӷьара ҳәаак амамызт, Қь.Ҟ.Агәмаа ихьӡ зху Ӷәадатәи абжьаратә школ ашҭа иҭалоз аҵаҩцәа, арҵаҩцәа, аҭаацәа. Илашон ҳашкол ахаҿра, ишәыршәыруа ашкол аԥхьа икнаҳауп зегь реиҳа иԥшӡоу, аҭынчра иасимволу ҳҳәынҭқарратә бираҟ. Ашкол аҿаԥхьа игылоуп зыԥсадгьыл ахьчара зхы ақәызҵаз ӷәадаа рҵеицәа хазынақәа рбаҟа. Урҭ рыхьӡ кашәара ақәымзарц ҳбызшәа цқьа ҳадгьыл иқәыҩларц, ҳқыҭақәа рхаҿра мыӡырц абарҭқәа зегьы ҳасаб рзуны аус аҵыхәтәанынӡа инеигеит Аԥсны Ахада.
Зџьабаа алоу, зус ҭакԥхықәрала иазнеиз зегьы иҭабуп ҳәа раҳҳәоит!
Имыӡааит ҳаԥсуара, ҵарадыррала иӷәӷәаӡа рышьҭақәа аанрыжьлааит ҳаԥсуа школқәа. Ира­цәаҩхааит аҵаҩцәа рх­ыԥхьаӡара шк­олцыԥхьаӡа. Иҳааӡо аҿар иҵеицәа иашақәаны Аԥсны иазгылалааит!

Индира Амҷба,
Ӷәадатәи абжьаратә школ аҵара аҟәша аиҳабы

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me